Перейти к содержанию

Аԥсуа аҳра (XV-XIX)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аԥсуа аҳратәра (XV-XIX)» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Аҭоурыхтә ҳәынҭқарра
Аԥсуа Аҳра
Абаза аҳра
Аҳҭнықалақь Аҟәа, Лыхны (Соук-су)
Ашьақәгылара 1462
Аӡра 1864
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәааҭырқәа бызшәа
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа, агыруа бызшәа, ақырҭуа бызшәа, абырзен (1431 ш. аҟынӡа), араб бызшәа, аурыс бызшәа (1810 ш. ашьҭахь)
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 400-600нызқьҩы (XVI-тәи ашәыш.)
~200нызқьҩы (XVII-тәи ашәыш.) аԥсуаа ҩык
Адин Ақьырсианра, аԥсылманра (Ислам), аԥсуа нцәахаҵара,
Адинастиа Чачаа (Шервашиӡе)

Аԥсуа аҳра мамзаргьы Абаза аҳра (Осман. аҭыр. أباظستان [Abazistan]) — Кавказ иааиз аҳроуп.

Аԥсынтәыла 1414 шықәсазы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

XIV ашә. аҵыхәтәа агырцәа раҳра – Сабедиано ишьақәдыргылоит.  Дгьылс иаман агырцәа рыдгьылқәа, насгьы Аладатәи Аԥсны адгьылқәа (Цхәымтәи арреи, Бедиатәи аҷҟәандарреи). Аԥсуа аҳцәа Чачаа ирҭахӡамызт рыдгьылқәа агырцәа арыҭара. Урҭ адгьылқәа рзыҳәан аԥсуаа еиқәԥон. 1414 ш. агыруа аҳ Мамиа II Адиан Аԥсуа дгьыл дақәлоит. Ар ду еизганы иҭауадацәеи, иаамсҭацәеи иманы Аԥсуа аҳмадара дақәлоит[1]. Аха акгьы илымшеит, ир ҭахеит, иаанхаз ибналеит, Мамиа ихаҭа дыршьоит.  Агыртәыла ацхыраара аиҭоит мрагылара-қырҭтәи аҳ Алықьсандр I. Еидкылоу арра Аԥсны иақәлоит. Аҳмада (аерисҭау) Аргәынаи Чачба иқәшаҳаҭра ааирԥшоит.

Гыртәылеи Аԥсынтәылеи реибашьрақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
К. де Кастелли — аҳ Саҭеман.

XVI ашә. аҩныҵҟа Агыртәыла ихьыԥшын Аладатәи Аԥсны. Уажәшьҭа рнапаҿы иҟан Аҩадатәи Аԥсынгьы (Саӡны). Иаҳҳәап: аҳамҭатә қьаад аҿы иануп Мамиа III Адиан Пицундатәи ауахәама ҳамҭас ишаиҭаз ааигәара иҟаз ақыҭақәа. Ишаҳбо ала агыруа аҳцәа ирҭахын рымчра Саӡны аҟны ишьақәдыргыларц.

1533 ашықәс азы Саӡны аҟны агырцәа ӷәӷәала иаҵахеит. Зегь реиҳа ихьшәашәаз аӡынразы, ажьырныҳәамза 30 амш аҽны Аԥсны агаҿахь иӡхыҵит. Аԥсуаа ргәы иаанагомызт аӡын азы аӷа амшын аганахьала дрықәлоит ҳәа, уимоу, абас хыԥхьаӡара рацәала.

Агыруа аҳ Адиан, Гәриа аҳи иареи еидгыланы, зықәра наӡахьаз иԥацәа иманы, инапаҵаҟа иҟаз аҭауадцәеи аамсҭацәеи, апапцәеи аҷҟәандарцәеи иманы Арыҭқыҭахь (иахь. Адлер) иӡхыҵит. Аибашьра раԥхьатәи амш ақәылаҩцәа рзы иманшәалан. Аха аҩбатәи амш аҽны, уи ахәаша аныҟала, аԥсуаа аибашьра амҩа аадырҳәит. Уи иахҟьаны, Гыртәыла аҳ Мамиа Адиан ахьҭаҿы дҟьантазны дшьны, ихылаԥшыҩцәа рҿаԥхьа.

Гәыриели иашьцәа рыхҩыки иареи рымаҭәақәа ршәырхын, иԥҟаны иршьит. Убасҵәҟьа ирыхьит ари ақәылара зықәныҳәаз аҷҟәандарцәагьы. Аибашьцәа рыр дырбгеит, еиҳаракгьы ықәххеит. Аԥсуа-Имереҭтәи ауахәама аиҳабы Акалҭакос Малакиа аиааира ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы днеит, «ԥсы зхоу еиқәирхеит, иԥсыз ԥарала иааихәеит» ҳәа аҳәоит ақырҭуа ашықәснҵыра.

Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1580 ш. иԥсҭазаара далҵоит Аԥсны аҳ Баслакәа I. Еилкаам амзызқәа ирыхҟьаны Аԥсны еиҟәшеит Аҩадатәи Аԥсни Аладатәи Аԥсни ҳәа. Аԥсылман динхаҵара здызкылаз аҳ Ҟара-беи, иаб иԥсра ашьҭахь(1580) Аҩадатәи Аԥсны дахагылеит. 1600 шықәсазы Аҩадатәи Аԥсны дахагылеит ақьырсиан ӷәӷәа – аҳ Ԥуҭу. Ԥуҭу иаҳраан Аладатәи Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа-Жәытә ахь иасоит. Уи аамҭазы, 1611 шықәсазыАгыртәылаҿы аҳс дҟалоит Леуан II Адиан. Аԥсныи Агыртәылеи реилазаашьа бзиахарц иҭахын. Уи азыҳәан 1613 шықәсазы ԥҳәысс дааигот аҳ Ԥуҭу Чачба имоҭа, Ҭанури.

Ашьҭахь Леуан Ҭанури лахь агәеицәыхьшәашәахара аирԥшо далагеит. Леуан игәы дҭан Дереџьан, иабшьа иԥҳәыс. Уи ԥҳәысс дигарц иҭахын, аха Ҭанури иареи елыҵракәын. Ацәыбза длымоуп ҳәа ҿыҵгас иганы лԥынҵеи ллымҳақәеи хыиҵәеит. Аха иаауп еиҳа игәымбылџьбароу версиак, уи излаҳәо ала, лыҷкәынцәеи лареи абзарбзанқәа ирҭаҵаны еихсны рыԥсыбаҩқәа еиԥхьдыртеит.

Леуан еиликаауан Ԥуҭу ари аниаҳалак, Агыртәыла дшақәло. Уи азы Леуан раԥхьа Аԥсны дақәлоит. Ԥуту ир инаамҭаз изеидимкылаӡеит, ашьхарахь ддәықәлеит. Ҩышықәса рышьҭахь, 1630 ш. ибналаз Ԥуҭу дыԥсоит. Абас иалагеит аибашьрақәа, аҭоурых аҿы иаанхаз «Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра» -ҳәа. 1630 ш. Аԥсны иахагылоит Ԥуҭу иԥацәа: Баслакәа II, Салуан II, Саҭеман I. Рымчра аамҭан аибашьра мҩаԥысуан.

1650 шықәсазы аԥсуа аҳцәа аӡәаӡәала рыԥсҭазаара иалҵон. Саҭеман заҵәык иоуп ахшара аанзыжьыз. Саҭеман Ҭанури лыдагьы даҽа ҩыџьа аԥацәа иман Гьаргьи Зегнаҟи. Раԥхьа аҳс дҟалоит Гьаргь I. 1665 ш. егьы Аԥсны ахәҭаҿы аԥсҳас дҟалоит Зегнаҟ.

Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра анҵәамҭа. Аладатәи Аԥсны аахынҳәра.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1657 ш. Леуан II Адиан иԥсҭазаара далҵит. Агыртәыла аҿы иалагеит аҩныҵҟатә-аамсҭаратә еибашьра. Агыртәи аҳцәа ари ирзаанымкылаӡеит. Аԥсуаа, агырцәа ҭҟәаны иргон. 1670 шықәсазы иԥсҭазаара далҵоит Гьаргь. Уи ашьҭахь Зегнаҟ еидикылеит Аԥсны ҩхәҭак. XVII ашә. 70 ш. рҵыхәтәан аҵыхәтәан аҳ Шәарах Чачба, Гьаргь I иԥа, ахақәиҭра аиҭеит Аладатәи Аԥсны адгьылқәа. Убасала, XVII ашә. аҵыхәтәан аԥсуа ҭауадацәеи аамсҭацәеи ирылшоит Аԥсны аидкылара. 1685 шықәсқәа раан Шәарах дыԥсуеит. Ашьҭахь Зегнаҟ идгьылеи Аладатәи Аԥсныи (Шәарахь идгьыл) еидикылоит. Иԥсҳараан Аԥсны еиду аҳрахеит. 1700 шықәсазы аҳ Зегнаҟ иԥсҭазаара далҵоит. Иҷкәынцәа (Ҟәаԥ, Дгьаша, Росҭом I) Аԥсны ххыкны иршоит: Бзыԥны (аҳ Росҭом), Абжьыуатәи Аԥсны (анапхгаҩы Дгьаша), нас Мырзаҟан (анапхгаҩы Ҟәаԥ). Аха аҳаҭыр еиҳа измаз, еиҳа иӷәӷәаз аҳ ититул зауаз Росҭом I иакәын. Анаҩс аҳс дҟалоит Леуан (Ҳамыд).

Аԥсуа Аҳреи Ҭырқәтәылеи.

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Аҳ Қьалышь-беи Чачба. (1780-1808)

1555 ш. аибашьра аамышьҭахь аҭырқәцәеи аџьаамцәеи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ари аиқәшаҳаҭра ала Аладатәи Кавказ Османтәи Аимпериа иадлеит. Усҟан Аԥсуа аҳра Имереҭ иадлан. Аха анаҩс 1462 ш. Имереҭ Аԥсны ахьыԥшымра аннаҭоит. Уи ашықәсаан аҳс дҟалоит Рабиа Чачба. 1678 шықә-сазы асуҭан Маҳмеҭ IV иаан, иахьатәи Аҟәа аԥшаҳәа ахьыҟәоу, аҭырқәцәа идыргылеит Абаа ду – Аҟәа-Қале. Кавказ аԥшаҳәаҿы Аҟәа-Қале еиҳа идууз, иӷәӷәаз абаақәа иреиан. Аҳцәа ашәахтә ршәон. Ашәахәтә анырымшәоз, асулҭан ихымҩаԥигон абасала, аџьык-хышеи аихеи иааишьҭӡомызт. Аиталиантә ныҟәаҩы Д. Д’Асколи иҩҩуан:

Аҭырқәа сулҭан Аԥсны аԥшаҳәахь ӷбакгьы ааишьҭуам, избанзар Аԥсуа аҳцәа ашәахәтә ршәаӡом. Аха аԥсҳацәа инырзымчҳалак рыцҳаражәҳәаҩцәа ашәахәтә  рыҭаны Сҭамԥылҟа ирышьҭон. Уи аамышьҭахь ауп асулҭан аӷбақәа анааишьҭоз!

Аҳ Аслан-беи Чачба. (1808-1810)

Аԥсны еилаҳауан, афеодалтә аимак иахылҵәҵәаауан. Ари аамҭа рхы иаадырхәеит агыруа аҳцәа Адианаа, Мырзаҟан иақәларц ргәы иҭан. Аԥсуаа ақәгыларақәа имҩаԥыргон 1725, 1728, 1733 шықәсқәа раан. 1733 ш. Аԥсны дақәлоит аԥашьа.  Раԥхьа аԥашьа ир ақ. Елыр иақәлоит, Елыртәи Ауахәама былны ашьхарахь дцоит. Аҳ Манча (1731-1758 шш.) иқәшаҳаҭра иааирԥшоит. 1758 шықәсазы Манчеи, иашьцәеи Зурабеи, Шьыруанеи Ҭырқәтәылахь иахыргоит. Асулҭан илымшеит аҭамҵара, избанзар Манча иуа Хәҭын Чачба (?-1757 шш.) Мырзаҟантәи анапхгаҩыи имереҭтәи аҳ Салуман I еицхырааны аҭырқәцәа ирҿагылоит. Ари аибашьраҿы Хәҭын фырхаҵарыла дҭахеит. Акыраамҭа Аԥсны ахадас даан асаӡуа ҭауад – Аслан-ԥашьа Гьач. Жәаҩа шықәса рышьҭахь, 1770 ш. Аԥсны аҳмадас дҟарҵоит Зураб Чачба (1770-1780 шш.). 1771 ш. Аԥсны иалагоит ақәгыларақәа. Аҳ Зурабеи Леуани ҭырқәа абаа Аҟәа-Қале рнапахьы иааргоит. Аха анаҩс, иалкаау хәык ала, Леуан аҭырқәцәа Аҟәа-Қале риҭоит. Аҭырқәцәа усҟан ирылымшеит Зураб иамхра, ҳәарада аарлаҳәа Аҟәа-Қале рнапаҿы иаанрыжьит. Аҭырқәцәа ари зегь иацклаԥшуан, ирбон насгьы Зураб имчра шыӷәӷәо.

Ихьыԥшым Аԥсуа аҳра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1780 шықәсазы Зураб дықәыргоит. Аҳс дҟалоит Қьалышь-беи. 1806 шықәсазы ԥхынгәы 24 аҿны Қьалышь-беи аҭырқәа сулҭан дицәҟьаҵуеит. Ари азы асулҭан имшынтә ир Аԥсны ахь инаишьҭеит. Қьалышь-беи ари идырны, 20.000 нызқь арр еидкыланы асулҭан ирр дазыԥшын. Асулҭан ирр ари зегьы ианырба ихынҳәит. Ари аамышьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра аиуеит. Аԥсны ихьыԥшымны иаанхоит аԥсҳа Қьалышь-беи иԥсра аанӡа. Лаҵарамза 2, 1808 ш. Аҟәатәи Абаа аҩныҵҟа дыршьоит Қалышь-беи. Иара иаамышьҭахь иҷкәын Аслан-беи аԥсҳас дҟалоит.

Аҭауадшьҭра Чачаа рнапхгаҩцәа рсиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  1. Усҟантәи аамҭақәа рзы Аԥсны аҳмадара (аерисҭаура) еиԥш Қырҭтәылатәи аҳра иаҵанакуан.