Аҟәа абаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аҟәа абааАԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа адгьылҵакыраҟны иҟоуп, иргылоуп антикатәи аамҭазы, усҟан иара Себастополис ахьӡын.

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Антикатәи аамҭа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абаа II ашә. ҳ.ҟ. аурымқәа идыргылеит аԥшаҳәатә хырӷәӷәарҭа аҳасабала Себастополис ахьыӡҵаны. Уи атәы аҳәоит 80-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәа абаа аҭӡаҟны ахаҳәцәы ианыз аҩырагьы. Уа иарбан 134 шықәсазы аурым император Адриан инапынҵала иаҭааз, абри ахаҳәцәы аҩыра анҵаны абаа аҭӡы иадызҵаз еицырдыруаз аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы Флави Арриан ихьӡ.

Себастополис археологиатә ҭҵаара ааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысӡомызт.[1].

Себастополис ақалақьтә ԥсҭазаара иаскьаҳәымҭаҟны иҟан II ашә. ҳ.ҳ. аҩбатәи азбжазы; IV ашә. анҵәамҭа V ашә. алагамҭазы Себастополис аԥсҭазаара есааира ишьхныԥсыло иалагоит, V ашә. ақалақь ԥасатәи аҵакы ацәыӡуеит.[2] [1]

Себастополис имҩаԥгаз аԥшаарақәа иаадырԥшит аҭыԥантәи аматериалтә культуреи еиҳа изаатәу аҭыԥантәи аформақәеи ирыбжьаз итрадициатәу агенетикатә еимадара, убри аан иԥшаан аимпорттә амфортә нышәаԥшьӡи, алакҟаԥшьи асаркьа чысмаҭәеи хыԥхьаӡара рацәала. Ара аргылаҩцәа аурым хаҳәеиқәҵашьа рхы иархәаны идыргылон абаа ӷәӷәақәа. Ари зегьы иаҳәоит Аԥсны абри аамҭазы антикатә культуратә дунеи аҿықәахьтәи аган ишатәызгьы, уи ҳтәыла аладатәи егьырҭ араионқәеи реиԥш, иара иахәҭакны ишыҟаз.

Себастополис анышьақәгыла инаркны 100 ш. рнаҩс ахәаахәҭратә центр дуны иҟалоит; уи азы шаҳаҭра руеит иара аҵакыраҟны ицәырҵыз археологиатә ԥшаахымҭақәа, анхарҭатәи, ауаажәларратәи, акультуратәи хыбрақәа.

Ирантәи-византиатәи аибашьраан VI-тәи ашәышықәса актәи азбжазы Себастополис абаа аҭыӡқәа хырбгалан, аха VI-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы византиатәи аимператор Иустиниан Август ихаан, урҭ еиҭашьақәыргылан. Ашьҭахь, XI—XV ашә.-қәа рзы аҭыӡқәа ԥсахны ишьақәыргылан.

XIX ашә.[аредакциазура | акод аредакциазура]

1858 шықәсазы, асултан Мурад ихаан, аҭырқәцәа Аҟәа абаа арратә база алхны еиҭакны еиҭашьақәдыргылеит, ари зырҵабыргуа акәны иҟоуп агәашәқәа рхыхь иҭаԥҟаны иану аҩыра. Абаа аҭыӡқәа инарываршәны ажрақәа ҟарҵеит, ахәаҳә ықәырҵеит, аӡы ҭарҭәеит. Абаа ахьӡгьы ԥсахын Сухум-кале ҳәа. Арантә аҭырқәцәа Аԥсны ауааԥсыра ирықәланы идырҳәлон.

XVIII ашәышықәсазы абаа Аԥсны амчра знапаҿы иҟаз аҭауад Қьелешь Чачба (Қьелеш-беи Шервашиӡе) итәарҭаны иҟалеит.

Иара 1808 шықәса лаҵарамза 2 рзы дыршьит. 1810 шықәсазы абаа аурысқәа иааныркылеит, убри инаркны аҭырқәцәа Аҟәа иалҵит.

XIX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы абаа агарнизон ашьаҟауаа рротақәа ҩбеи абаатә артиллериеи рыла ишьақәгылан. Аҩныҵҟа ргыламҭақәак ыҟан абаа аҭӡы аасҭа илаҟәны. Аладатәи агәашәқәа рынҭыҵ ҩ-цәаҳәакны еишьҭаргыланы адәқьан хәыҷқәа гылан. Ахыхьчаратә ргыламҭақәа иаарыкәыршаны ӡрычран, уи ипылпылуа ашыӡ кәыбры аман. Аӡымҩангагақәа хырбгалан аҟнытә асолдаҭцәа аӡы ҟьашь ржәыр акәын.

40-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, аинрал Н. Н. Раевски иаԥшьгарала, аӡрычрақәа рҭарбара иалагеит. Абри аамҭазы Аҟәа абаа ԥшьыркца иашаны, аҭӡы шәпа ду зкәыршаны иҟаз акыр иӷәӷәаз ргыламҭан, ҭыԥқәак рыҟны аамҭа ихнарбгалеит, џьара-џьара 18531856 шш. Ҟрымтәи аибашьраан – аҭырқәцәа.

Абаа ашҟа анеирҭақәа ҩба аман — мрагыларахьынтәи мраҭашәарахьынтәи. Ԥаса абаа аҭаларҭа зыхьчоз аихатә гәашәқәа амаӡам. Абаа аҩныҵҟа аказарма лаҟәқәа рыҟны артиллериатә гарнизон ыҟан, ара иара убас акоменданттә напхгарагьы тәан, иҟан иара убас ажәытә ныҳәарҭеи аофицерцәа рыҩнқәеи. Урҭ лаҟәқәан, адәахьала аказармақәа излареиԥшмыз ҳәа акгьы ыҟамызт, ақәа ркылсуан иажәхьан азы.

Аҳратәра аколониалтә режим аӷәӷәахара иахҟьаны 1866 шықәсазы Аԥсны аҩада-мраҭашәарахьтәи аган аҟны жәлар (анхацәа) рықәгылара ҟалеит. Ҩ-нызқь инарзынаԥшуа ауаа Аҟәа инеины инадгылеит, ԥхынгәымза 28 рзы ақалақь рнапаҿы иааргеит. Аҳ игарнизон абаа иҭатәан аҿыҵәахны; аа-нызқьҩык рҟынӡа ацхырааразы инашьҭыз иқәгылаз анхацәа ирҿагылан, абаа рырымҭеит, агарнизон еиқәдырхеит. Нанҳәамза 20 рзы ақәгылаҩцәа рабџьар шьҭарҵар акәхеит. Урҭ рнапхгаҩцәа Ханашә Калӷьы, Какәчал-иԥа, Ҟазылбақь Маан — 1866 шықәса ԥхынҷкәынмза алагамҭазы абаа аҭӡы инадыргыланы иреихсны иршьит.[3].

Аурыс-аҭырқәа еибашьраан 18771878 шш. аҭырқәцәа Аҟәа рнапахьы иааргеит, ианхьаҵуаз ақалақь еимырҵәеит, хра злаз аҭоурыхтә маҭәахәқәа рыманы ицеит. Убас абаа иҭганы иргеит амармалташь иалхыз «алаӷырӡ ӡыршә» угәалазыршәоз орнаментла ирҩычаз аӡыршә. Ари аӡыршә Мицкевичи Пушкини рпоезиаҿы иахцәажәахьеит. Аӡыршә иахьагьы асултан ихан Топканы аҟны Сҭампыл игылоуп.Сҭамԥыл аҩныҵҟа иахьатәи амҩақәҵагашәҟәқәа рыҟны аӡыршә арбоуп Сухум-Монумент ҳәа.

Аурыс-аҭырқәа еибашьра ашьҭахь абаа бахҭаны иҟалеит. Абаандаҩцәа рыҩнаҵаразы раԥхьа рхы иадырхәо иалагеит ахаҳәтә бастионқәеи аӷәтәы ргыламҭақәеи. XIX –тәи ашәышықәса анҵәамҭазы абаандаҩцәа ҷыдала иргылаз акамерақәа ирыҩнарҵон.

Актәи аурыс револиуциаан 19051907 шш. ара иҭакны ирыман, ааӡабгьы рхыргон абольшевикцәа Г. К. Орџьоникиӡе, Л. И. Готошиа, В. З. Конџьариа.

Асовет аамҭа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны Асовет мчра ашьақәыргыларазы ақәԥара анцоз (19171921) Аҟәа абааҟны, иахьатәи Аҟәа аҩада-мраҭашәаратәи аган аҟны иҟан зыда ыҟамыз Себастополис ахырӷәӷәарҭатә ргыламҭа заҵәы, Аҟәа ашыцә аҟнытә 2 км ахьыбжьаз. Ари ахәаҟны иқәгылаз алада-мрагыларатәи аган аҿы, мрагыларахь ала аҩхаахь илбаауа, мраҭашәарахь ала – Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәахьы ргыламҭоуп.

Иахьышьҭоу аҭыԥ[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҟәа абаа Диоскураа рыԥшаҳәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы иахьылбаауа аҭыԥ аҟны иҟоуп, уи аԥҽыхақәа рҿаԥхьа акомҿар рбаҟа ргылоуп. Абаа ашҟа инеиуеит амҩақәа Воронов ихьӡ зхуи Абазақәа рымҩеи.

Шәахә. иара убас[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Воронов, И. Н. В мире архитектурных памятников Абхазии. М.: Искусство, 1978
  • Пачулиа, В. П. Древняя, но вечно молодая Абхазия. Аҟәа: Алашара, 1991.
  • Ҭраԥшь, М. М. Труды. Т. 4. Материалы по археологии средневековой Абхазии. Аҟәа: Алашара, 1975
  • Хрушкова, Л. Г. Раннехристианские памятники Восточного Причерноморья. М.: Наука, 2002.

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. Гунба, Б. М. (2004). "Планировка и архитектура античного Себастополиса". Проблемы истории, филологии, культуры. pp. 424–433. ISSN 1992-0431. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-05-06 ахь.
  2. Воронов И. Н., Научные труды в семи томах, т. 2, Аҟәа: Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт. — ад. 610.
  3. "Заповедник "Сухумская крепость"". mkra.org (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-05-07 ахь. Ириашоу 2021-05-06 шықәсазы.