Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
А́ԥсуа бызшәа́[1][2], аԥсшәа (аур. абхазский язык, ақырҭ. აფხაზური ენა) — Аԥсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп. Ихалхно — 125 000 ҩык.
Аԥсуа бызшәа амш — жьҭаарамза 27.
Акодқәа
- ISO 639-1:ab
- ISO 639-2:abk
- ISO 639-3:abk
Аԥсуа алфавит
- Ихадароу астатиа: Аԥсуа алфавит
Аграматика
Абжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа
- [ā] аа ← [ʕ]
- [a] а
- [ə] ы
- [ø̞] ы ← [ə] ы (ажәа аԥхьа)
- [ʏ] ы ← [ɥˤʏ] ҩы ← [ɥˤə] ҩы
- [e̞] е ← [je̞] ие ← [ja] иа
- [e̞] е ← [e̞j] еи ← [aj] аи
- [i] и ← [əj] и
- [i] и ← [jə] и
- [o̞] о ← [wo̞] уо ← уа [wa] уа
- [o̞] о ← [o̞w] оу ← ау [aw] ау
- [u] у ← [əw] у / [wə] у
Аҵыбжьыҟатә шьҭыбжьаҟәа
- Ацыбжьыҟақәа уԥылоит бзыԥтәи адиалект мцараҿ, аиеҵәа ԥшшәыла иазгәаҭо бзыԥтәи, асаӡтәи диалектқәа — аиаҵәала, абжьауатәи — ҟаԥшьыла.
- Авелиартә фрикатақәа иреиԥшхаӡом ахархәара аҭыԥ зеиԥшро ала, авелиартәи ма аувелиартәи, иахьатәи аамҭаз бзыԥтәы адиалект аҿы ахархәара амоуп афрингалтә шьҭабжьқәа /χˁ χˁʷ/.
- Ахәлымшәытә еидылара [ʔ] ицәырнагоит, актәи ахархәаратә феномен аҟынтә /q’/, аҩбатәи, иара убас иуԥылоит ажәаҿ /ʔaj/ «мап». /ɥ/ уи иахылҵуеит аҟырҟы еиҵалара /ʕʷ/, иара убас уи уаҳауеит анхарҭа ҭыԥқәакырҿ.
- Афонологиатә қәиӷәӷәара аҵакы амоуп.
Аҩышьаԥҟарақәа
Азхьарԥшқәа
Ахьарԥшқәа
- ↑ Џьонуа В. Гь., Касланӡиа В. А., «Аурыс-аԥсуа жәар» (А-Мя) / Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, ат. I, ад. 12, Аҟәа, 2016.
- ↑ Касланӡиа В. А. (аред. Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар», Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, Аҟәа, 2005
Ажәарқәи аенциклопедиақәи | |
---|
| Анормативтә Ахылаԥшра | |
---|
|