Аԥсуа грамматика

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аԥсуа грамматикаАԥсуа бызшәа грамматика.

Алагала[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа ҩыра ацәырҵра XIX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа ирыҵанакуеит. 1862 шықәсазы, раԥхьаӡа акәны, аурыс еинрал, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы-кавказҭҵааҩы П. К. Услар еиқәиршәеит аурыс графика шьаҭас иаҭаны аԥсуа алфавит, иаман 55 дырга.

Абри ахҭыс хыҵхырҭаны иҟалеит аԥсуа ҩыра ацәырҵреи уи ашьақәгылареи рыҟны.

Убри аамҭазы П. К. Услар иаԥиҵоит иара убас аԥсуа бызшәа аилазаашьа инарҵауланы иҭҵааны, «Аԥсуа грамматика». Иара иахьа уажәраанӡагьы ахәшьара иамоу мыӡӡацт, абызшәа аҭҵаара знапы алаку зегьы уи иқәныҟәоит. Абарҭ ашықәсқәа ирыҵанакуеит иара убас, раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы аҟаларагьы – «Аԥсуа нбан шәҟәы». 1862 ш. ақьырсианра аиҭашьақәыргылара агәыԥ еиҿнакаит акомиссиа ҷыда анбан шәҟәы аиқәыршәаразы. Напхгаҩыс дҟаҵан Петербургтәи академиа аусзуҩы, аинрал – маиор И. Бартоломеи. Ари анбан шәҟәы аилазаашьа аҷыда ҟазшьа аман, иахьа иаадыруа анбанқәа излареиԥшым рацәан, уи х-бызшәак рыла еиқәыршәоуп (аԥсуа, аурысшәа, ақырҭшәа). Уи иацҵан «Аԥшьа аҭоурых», аурыс бызшәахьынтә гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа еиҭаргаз (И. Гьегьиа, Д. Маан, Г. Курцикиӡе)

XIX ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәеит XX ашәышықәса алагамҭеи инадыркны ицәырҵуа иалагеит аҵарадырра иаҵагылашаз аҭыԥантәи акадрқәа – Ф. Ешба аханы днаргыланы, Д. Гәлиа, А. Ҷоҷуа, С. Ҷанба, Д. Маан, А. Чыкәбар, Н. Патеиԥа уб. иҵ.

1909 шықәсазы еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, жәлар рырҵаҩы А. М. Ҷоҷуа (1879-1965) еиқәиршәеит – «Аԥсуа буквар» ҿыц. Ари абуквар уаанӡатәи абукварқәа излареиԥшымыз рацәан, аха уи иацмызт асахьа цәыргақәҵа, атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны. 1914 шықәсазы уи ирҽеины еиҭаҭижьуеит, акырӡа еиӷьтәны – атекстқәа асахьақәа рыцҵаны, излаҩыз абызшәа еиӷьтәны.

Аԥсуа жәлар ркультуратә ԥсҭазаараҟны хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа сахьаркыратә литература, насгьы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» рцәырҵра. 1912 шықәсазы Д. И. Гәлиа иҭижьуеит исахьаркыратә ҩымҭақәа реизга, «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» захьӡыз. Убри инашьҭраххны иҭыҵуа иалагеит усҟантәи аамҭазы иааиҵагылаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа: С. Ҷанба, И. Коӷониа, М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, М. Лакрба уб. иҵ. 1919 шықәсазы аԥсуа газеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылеит Д. Гәлиа раԥхьаӡатәи иажәабжь ҟаимаҭ «Атәым жәҩан аҵаҟа», иара убас С. Ҷанба ирҿиамҭа ирҿиамҭа раԥхьаӡатәи аԥсуа драма «Амҳаџьыр». Абарҭ зегьы аԥсуа ҩыратә литературатә бызшәа хацдыркит, ашьаҭа рҳаит.

Афонетика, Афонологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Афонетикатә система иалоу ашьҭыбжьқәа зегьы ҭырҵаауан ракустикеи, рартикулиациеи, рдистрибуциеи рганқәа рыла; иалкаауп афонематә еилазаашьа, аллофонқәа; афонемақәа рхархәара шаҟа лассы-лассы иаҳԥыло; афонетикатә, аморфонологиатә процессқәа; адиалекттә ҷыдарақәа; иаарԥшуп аԥсуа-абаза диалектқәа ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәа, иара убас аԥсуа-абаза диалектқәеи адыга-аубых диалектқәеи ирыбжьоу ашьҭыбжьтә еиқәшәарақәагьы. Аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ иаҵанакуа зегьы рыҟны еиԥш, аԥсуа бызшәаҿы иҳамоуп имариоу абжьыҟатә система, хыԥхьаӡара рацәала еилоу ацыбжьыҟатә система. Уажәтәи аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп абжьыҟа шьҭыбжьқәа фба: [а] [ы] [е] [о] [и] [у]. Урҭ рахьтә ихадоу абжьыҟақәа [а] [ы] роуп. Ирацәаӡаны апозициақәа рҿы (ажәа агәҭани ажәа анҵәамҭаҿи) абжьыҟа ы абжьыҟа а аҟнытә ишҳауз шьақәырӷәӷәоуп.

Ацыбжьыҟақәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп аԥсуа бызшәаҿы. Егьырҭ кавказтәи абызшәақәа рҿы еиԥш, аԥсуа бызшәа иаҟазшьоуп акакалатәи, ҩба-ҩбалатәи, хԥа-хԥалатәи асистема змоу аидыларатәии акылааратәи ацыбжьыҟақәа, иԥшқоу, иӷәӷәоу ацыбжьыҟақәа, алабиализациа змоу, измам, аҟырҟытәи, ахәлымшәатәи ацыбжьыҟақәа.

Аморфологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

1868, 2002 шықәсқәа рзы иҭыҵыз аграмматикақәа рҿы ажәаҳәа хәҭақәа рморфологиатә категориақәа, рсемантикатә ҟазшьақәа ихадоу рҷыдарақәа азгәаҭаны, ирыхцәажәоуп.

Аморфологиа еиднакылоит абызшәа иалоу ажәақәа зегьы. Аморфологиазы ажәа ихадоу бызшәатә акуп. Раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа еиднакыло ажәақәа зегьы зеиԥш грамматикатә ҵаки, морфологиатә структурала, иара убас ажәаҳәаҿы ахархәарақәа рыла реиҿагыларақәа азгәаҭаны, иалыркаауеит ажәаҳәа хәҭақәа.

Абызшәа иалоу ажәақәа зегьы ироуеит аиҿагылара рыҩнуҵҟа рморфологиатә структура алагьы. Убарҭқәа ирҿырԥшны, иалкаахоит зхала иҟоу, ацхыраагӡатә ажәаҳәа хәҭақәа ҳәа.

Ажәаҳәа хәҭақәа рахьынтә аҟаҵарба зегьы раҵкыс иуадаҩу ажәаҳәа хәҭоуп. Уи аграмматикатә категориақәа рыла абеиара, аграмматикатә категориа аҩнуҵаҟа ажәаформақәа рырацәара, аграмматикатә категориақәа хылҵшьҭралеи семантикалеи реимадара, аҟаҵарба астатикареи/адинамикреи, афинитреи/аинфинитреи рыла реиҿагылара, аҟаҵарба ахырҿиаареи, аҟаҵарба ажәаформа аԥсахреи еицыназыгӡо аффиксқәа рыҟазаареи – зегьы аҭҵааҩы игәаимҭар зыҟаломызт аҟнытә, аҟаҵарба иазку аусумҭақәа рацәаны иаԥҵоуп.

Аҭҵаара аԥхьатәи аетап аҿы зҵаарақәак ирыдҳәаланы еиқәымшәо агәаанагарақәа ыҟазаргьы, ҳазҭагылоу аетап аҿы ҵҩа змам аҟаҵарбатә ажәаформақәа дасу ҭҵаарадыррала анализ рзуны, ииашоу ахцәажәареи аквалификациеи рыҭаны, еихшаны, аҟаҵарбатә системаҿы иахьахәҭоу иргылоуп.

Асинтаксис[аредакциазура | акод аредакциазура]

Раԥхьаӡа акәны асинтаксис азҵаарақәа дрыхцәажәоит П. К. Услар «Аԥсуа бызшәа» ҳәа хыс измоу иусумҭаҿы - «Этнографиа Кавказа. Языкознание I. Абхазский язык». Тифлис, 1887.

Ихадоу асинтаксистә зҵаарақәа ирыхцәажәоуп Арсҭаа Ш.  Ҟ. , Ҷкадуа Л. П. еиқәдыршәаз ашәҟәаҿы.

Абызшәа аҭҵааҩцәа излагәарҭахьоу ала, иуадаҩны еилоу аԥсуа синтаксис аҭҵаара цаԥхас иамоу аҟаҵарба аҷыда еилазаашьа ауп. Иара ӷәӷәала аҟаҵарба аилазашьа иадҳәалоуп. Аԥсуа бызшәаҿы аҟаҵарба асинтаксистә мчхара дара ибеиоуп. Ари абеиара зеидҳәалоу аҟаҵарба аркьынаатә аамҭатә категориақәеи, асубиект-обиекттә еизыҟазаашьақәеи раарԥшышьақәа роуп. Асинтаксис аҭҵаара хықәкы хадас иамоу асинтаксистә еизыҟазаашьақәеи урҭ рморфологиатә категориақәеи раарԥшышьақәа роуп. Иҟоуп имаҷымкәа асинтаксистә еизыҟазаашьақәа аморфологиатә шьаҭа змамгьы.

Ажәахырҿиаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахьыӡҟа ажәахырҿиаара еиҳараӡак иҟалоит ашьаҭақәа реицҵарала, иара убас ажәахырҿиааратә аффиксқәа рыла, ажәа ашьагәыҭи ашьаҭеи реилаҵарала. Ахьыӡҟақәа рыҟалашьа ҭырҵаауан Габуниа З. М. , Иналиԥа А. И. , Касландзиа В. А. , Хьециа А. Џь.

Аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп хыԥхьаӡарала имаҷым, модельла иеиуеиԥшым, акомпозитқәеи ажәеидҳәалақәеи ирыбжьагылоу аҟаларақәа. Урҭ ианкомпозитқәоу – ишьҭырхуеит аҟаҵарба иамоу акатегориақәа зегьы.

Алексикологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа лексикологиа аҭҵаараҿы иҟаҵоу маҷым. Азеипшлексикатә еилазаашьа шьақәгылоуп аԥсуа ажәақәа рыла, убарҭ раӷьырак жәытә-натә аахыс аԥсуа бызшәа иалақәаз роуп. Абызшәа аҿиара аппроцесс абзоурала, имаҷымкәа ирыцлеит ирхылҿиааз ажәақәагьы. Абзазаратә ҽеиҭакрақәеи урҭ ртемпқәеи ирхьыԥшны, алексикатә еилазаашьа есааира ихаҭәаауеит анеологизмқәа рыла. Урҭ реизгара, рыҭҵаара, ҭҵаарадыррала рыхцәажәара, ажәарқәа рацҵара ихадоу аҭыԥ ныркылеит Хьециа А. Џь. ирҿиаратә усураҿы.

Игәыгәҭажьым асинонимқәа, антонимқәа, аомонимқәа, аомографқәа реиԥш иҟоу абызшәатә акқәа. Лымкаала иазгәаҭатәуп аԥсуа омонимқәа рызҵаарақәа ирыдҳәалоу Саманба Л. Х. имҩаԥигаз аҭҵаарақәеи иаԥиҵаз ажәари.

Алексикографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа бызшәадырраҿы алексикографиа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсуа лексикографиа ашьақәгылара иалагоит иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа инадыркны. Аԥхьатәи ажәарқәа реиҳарак атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәарқәа ракәын.

Атерминқәа ирызкыз аиҭагатә жәар хәыҷқәа рыла иалагаз аԥсуа лексикографиа, иаҳа-иаҳа аиқәыршәаратә инерциа иацҵо, иалагоит шәагаала ихәыҷым еиуеиԥшым ажәарқәа раԥҵара. Убас 1926 шықәсазы иҭыҵуеит академик Н. И. Марр еиқәиршәаз «Аԥсуа-аурыс жәар»; 1954 ш. – Џьанашьиа Б. П. еиқәиршәаз «Аԥсуа ақырҭуа жәар»; Аԥсуа институт аусзуҩцәа еиқәдыршәеит «Аурыс-аԥсуа жәар». 1986, 1987 шықәсқәа рзы ҩ-томкны иҭыҵуеит аилыркааратә, аиҭагатә «Аԥсуа бызшәа ажәар». Ажәар еиқәдыршәеит Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. – I атом; Шьаҟрыл К. С. , Конџьариа В. Ҳ. , Ҷкадуа Л. П. – II атом. «Аԥсуа бызшәа ажәар» аҭыҵра хҭыс дуны иҟалеит аԥсуа бызшәадырраҿы. Уи раԥхьатәи аилыркааратә жәаруп. Аиҭагатә жәарқәа рахьынтә «Аԥсуа бызшәа ажәар» иаҵанакуа ажәақәа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳауп. К. С. Шьаҟрыл еиқәиршәаз ажәар апринципқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҷыдарақәа иаҳа иазгәаҭоуп, аҳа ихарҭәааны иаарԥшуп аҵакырацәареи асинонимқәеи.

Атерминологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа литературатә бызшәа еиуеиԥшым астильқәа рцәырҵра, рыҿиара ирыбзоураны ишьақәгылеит аԥсуа терминологиа. Иахьатәи аԥсуа бызшәаҿы ахархәара ҭбаа зауз атерминқәа рацәаӡоуп. Урҭ реиҳарак автортә ҟазшьа рымоуп. Ирацәоуп иҭыжьу атерминологиатә жәарқәагьы.

Аетимологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәа ахылҵшьҭра, ажәа раԥхьатәи аҵакы реилкаара ианакәызаалак аинтерес змаз зҵааран. Убас ицәырҵит ажәлартә етимологиа, уи иашьҭанеит аҭҵаарадырратә лексикологиа аҟәша – аетимологиа. Аԥсуа ажәақәа ретимологиа ҳԥылоит еиуепԥшым амонографиақәа рҿы, хазы ирызку астатиақәа рҿы.

Аха лымкаала иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аетимологиатә ҭҵаарақәа иаҳа активла ишымҩаԥысуа атәы. Иҭыҵуеит амонографиақәа, имаҷымкәа астатиақәа. Аҭҵааҩцәа иҳадыргало аетимологиақәа рыҟнытә узықәшаҳаҭхаша рацәоуп. Гәыблиа Р. К. , ажәақәа рыдагьы, ҷыдала иҭылҵаауеит ажәахырҿиааратә, ажәаԥсахратә морфемақәа ретимологиагьы.

Афразеологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа даара ибеиоуп афразеологиатә жәеидҳәалагақәа рыла, ахархәара ҭбаа рымоуп ажәлар рцәажәараҿы, урҭ маҷым, еиҳарак автортә ҟазшьа змоу, асахьаркыратә литератураҿгьы.

Аԥсуа бызшәа зырбеио, изырԥшӡо, ажәаҳәаҩы иажәаҳәаҿы ицәанырра злааирԥшуа ажәеидҳәалақәа рӷьыра еизганы, Касланӡиа В. А. еиқәиршәоит хаҭашьала еиуеиԥшым афразеологиатә жәарқәа – аилыркааратә, асинонимтә, аиҭагатә. Убарҭ рахьынтә афразеологиатә акқәа рҵакқәа раарԥшреи, ирыцу аиллиустрациақәеи рыла ирылукаартә иҟоуп аилыркааратә жәар.

Аономастика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа ономастика ахәҭақәа – аетнонимиа, атопонимиа ирыҵаркуа ихадоу аноменклатурақәа алитература ҷыдаҿы иҳәаақәҵоуп еиҿагыло (иаԥсыуои-иаԥсыуами) агәаанагарақәа рыла. Идыруп, иарбанзаалак аимак-аиҿак ӡбахоит уи шьақәзырӷәӷәо афактқәа рырҵабыргра ала. Урҭ шаԥсыуа ажәақәоу аҭоурыхтә, абызшәатә ҩышьара зҵам аргументқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп Анчабаӡе З. В. , Бӷажәба Хә. С. , Иналиԥа Ш. Д. .

Астилистика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иахьазы аԥсуа стилистика иазку аусумҭақәа даара имаҷуп. Иҟам абызшәа астильқәа (ацәажәара-бзазаратә, ацәажәара-поетикатә…), алитературатә бызшәа астильқәа, асахьаркыратә литературатә бызшәа астильқәа теориала иҳәаақәызҵо аусумҭақәа. Абарҭ азҵаарақәа хара имгакәа иҭҵаатәқәоу роуп, иҭызҵаауагьы дазыҟаҵатәуп. 1986 шықәсазы Н. В. Аршбеи С. М. Наҷҟьебиеи иҭрыжьит иҿырԥшыгоу «Дырмит Гәлиа ибызшәа ажәар», уи еиԥшу ажәар аԥхьаҩ уаҳа имоуит. Инарылукааша апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа рбызшәақәа ржәарқәа ихәарҭа дуны иҟалоит аԥсуа литературатә бызшәа арҿиараҿы, аҿар рбызшәа арбеиараҿы, аԥсуа литературатә бызшәа аҿиара аҭоурых аҭҵаараҿы. Иҟоуп аҷыдатә ҟазшьа змоу аусумҭақәа, урҭгьы рхыԥхьаӡара рацәаӡам.

Адиалектологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азҵаарақәа – Мраҭашәаратәи Кавказ абызшәақәа (аԥсуа, абаза, аедыгь, аҟабарда – черқьез, аубых) шьҭрала реизыҟазаашьа аарԥшра, абызшәатә цәырҵрақәа рҭоурых аилкаара, ажәа, ажәаформа рархетип ашьақәыргылара – кавказтәи абызшәадырраҿы ианакәзаалак ихадоу аҭҵааратә зҵаарақәа шьҭыхуп аԥсуа бызшәадырра аусумҭақәа рыҿгьы.