Перейти к содержанию

Ҷанба, Самсон Иаков-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Самсон Иаков-иԥа Ҷанба
Самсон Яковлевич Чанба

Самсон Иаков-иԥа Ҷанба
Аира рашәарамза 181886 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа
Аԥсра 1937
Аусура аԥсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла

Самсон Иаков-иԥа Ҷанба (аур. Самсон Яковлевич Чанба; рашәарамза 181886 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Аҭара ақыҭа – 1937) – аԥсуа рккаҩы, апрозаик, адраматург, апоет, апублицист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амилаҭтә литератураҿы адраматургиа ашьаҭаркҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.

Аԥсны, Драндатәи ауахәаматә школ далгеит, иара убас Аҟәатәи ашьхаруаа ршколи, Қәҭешьтәи ақыҭанхамҩатә школи (1907). Аԥсныҟа даныхынҳә аԥсуа бызшәа дирҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, аха арҵаҩра азы аршаҳаҭга ахьимамыз азы иусура ааныркылеит. Ашьҭахь Хонтәи (Қырҭтәыла) арҵаҩратә семинариа дҭалеит. 1914 ш. иҵара даналга аԥсуа қыҭақәа рҟны алагарҭатә школқәа реиҳабыс дҟарҵеит, аԥхьа Кәтол ақыҭан, нас, 1915 ш. Аӡҩыбжьа ақыҭан. Усҟан Аӡҩыбжьатәи ашкол ахь днашьҭын аҭыԥантәи афельдшер иԥҳа Аҟәатәи аҳәса ргимназиа иалгахьаз Елена Никонор-иԥҳа Гоиден. Хара имгакәа С. Ҷанбеи лареи рыԥсҭазаара еиларҵоит.

Кәыдрытәи аучасткаҿы С. Ҷанба акультура-рккаратә усура ду мҩаԥигон.

1916 ш. инаркны С. Ҷанба Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа аҟны иҟаз алагарҭатә школ напхгаҩыс даман, араҟа аԥсуа бызшәеи агеографиеи рзы рҵаҩысгьы дыҟан. Аҵаҩцәа рзы хәарҭара алоуп, хымԥадагьы иахәҭоуп ҳәа дахәаԥшуан аҭоурыхи, агеографиеи, атәылаҿацә гәакьа акультуреи рганахьала адырра рыҭара, ихаҭагьы ари ахырхарҭала илиршоз рацәан.

1918-1920 шш. раан Аԥсны Жәлар Рсовет далан.

Аԥсны Жәлар Рсовет аҟны иара, насгьы Д. И. Аланиа, М. К. Цагәриа, И. Маан иаԥырҵеит аоппозициатә гәыԥ «ихьыԥшым асоциалистцәа». Аԥсни аԥсуа жәлари ринтересқәа рыхьчон. 1921-1925, 1930-1932 шш. раан ССР Аԥсны аҵара азы Жәлар Ркомиссариат напхгара аиҭон. Жәлар ркомиссарк иаҳасабала С. Ҷанба зныкымкәа далахәын, дагьықәгылон Москва 1923-1924 шш. раан имҩаԥысуаз аидгылатәи автономтәи республикақәа аҵара азы жәлар ркомиссарцәа реилацәажәарақәа. 1923-1928 шш. рзы – агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредактор хадас дыҟан. 1923 -1930 шш. раан – ССР Аԥсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет дахантәаҩын. Иара убас Қырҭтәыла Ацентртә Анагӡаратә Комитети, Аахыҵ-Кавказтәи Ацентртә Анагӡаратә Комитети, СССР Ацентртә Анагӡаратә Комитети дрылан. 1932-1937 шш. рзы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс аус иуан. 1934 ш. Москва, асовет шәҟәыҩҩцәа актәи Зегьеидгылоутәи реизара ду аделегатс дыҟан.

С. Ҷанба дрылахәын аԥсуа нбан ҿыц аус адулареи аԥсуа литературатә бызшәа аиӷьтәреи, ажәарқәеи ашколқәа рзы (авторс дрымоуп Аԥсны агеографиа, «Аԥсабараҵара. Алагарҭатә классқәа рзы» (1925), арҵага шәҟәқәеи, афольклортә материалқәа реизгареи рыҭҵаареи. Ацхыраара риҭон ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа, ахшыҩзышьҭра бзиа риҭон алитературатә кружокқәа.

С. Ҷанба илагала шьардоуп аԥсуа литератураҿы. Ирҿиаратә усура ахацыркра амадоуп апублицистика. Раԥхьатәи истатиақәеи иазгәаҭақәеи ркьыԥхьуан аурысшәала иҭыҵуаз агазеҭқәа «Закавказская речь», «Сухумский листок», ашьҭахь – «Сухумский вестник». Урҭ рҟны уи иҩуан акырӡа шаҵанакуа жәлар рҵаралашара, акультура арҿиара, амилаҭтә хдырра ашьҭыхра, еиҭеиҳәон ақыҭа нхацәа рҭагылазаашьа, ауаа хархьқәа аҵара риураҿы иҟаз ауадаҩрақәа, ақыҭа уааԥсыра рыҩнуҵҟа ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи дыррақәа рыларҵәара хымԥадатәны ишыҟаз.С. Ҷанба ирҿиаратә лшарақәа еиҳаракгьы иахьааԥшыз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» (1919-1921) адаҟьақәа рҟны ауп. Уи аԥҵараҿгьы далахәын, иааԥсарақәа ыҟан, аредакциа аколлегиагьы далан. Агазеҭ ианылеит иҵарыз ипублицистикатә статиақәа, урҭ ирныԥшуан иполитикатәи иуаажәларратәи дунеихәаԥшышьа («Аҟәа, март 17») (Аԥсны. 1919, №2; «Жәлар Рсовет аартраан Ҷанба иқәгылара» (1919. №4; «Аидгылара» (1920. №18(56)) уҳәа егьырҭгьы.

«Аԥсны» адаҟьақәа рҟны икьыԥхьын раԥхьатәи исахьаркыратә ҩымҭақәагьы: апоема «Ашьха ҭыԥҳа. (Аԥсны)» (1919. №14), аҭоурыхтә драма «Амҳаџьыр» 4-хәҭакны (1919. №35, 36, 37, 38; 1920. №1, 3(41), 4(42), 5(43), 6(44), 7(45). Ари амилаҭтә сахьаркыратә литератураҿы раԥхьатәи драматә ҩымҭоуп.

Адрама «Амҳаџьыр» зныкымкәа иқәдыргылахьан Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы. Уи ықәдыргылахьан аресиссоирцәа В. Кривцов (1928), В. Гаррик-Вачнаӡе (1929), В. Русин-Русиновски (1933), К. Карал-оглы (1937), М. Мархолиа (1966). С. Ҷанба идрама «Амҳаџьыр» ашьаҭала иҩит акиносценариа, егьрыдыркылеит акиноматографиатә акционертә еилазаара « Межрабком фильм – Русь». Афильм аҭыхра иалагарц азгәаҭан 1928-1929 шықәсқәа рзы. Аха ус егьаанхаеит, усҟан економикала ишьҭаханы иҟаз ССР Аԥсны афильм аԥҵаразы иаҭахыз ахарџь азоужьра алымшеит.

С. Ҷанба авторс дрымоуп иара убас апиеса «Аԥсны-Ҳаным», ажәабжьқәа маҷымкәа, аповест «Сеидыҟ» уҳәа иҵегьы.

Ианҵаз жәлар рлакәқәеи рҳәамҭақәеи С. Ҷанба иеиҭагамҭаны еиуеиԥшым ашәҟәқәа иргәылалеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы «Абхазские сказки» (Аҟәа, 1935).

1937 ш. С. Ҷанба харада ахара идҵаны дырӡын, ҩеижәа шықәса инареиҳаны иҩымҭақәа ркьыԥхьра азин ыҟамызт, ашәҟәыҩҩы инапылаҩырақәа жәпакгьы бжьаӡит. Дыриашан 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы (1958 ш. иахымгакәа).

  • аԥсышәала: Амҳаџьыр. Адрама. IV-қәгыларак аманы. Аҟәа, 1920.
  • Аҩы иашьыз, иԥсцәа иҵәыуон. Акҭк змоу акомедиа. Аҟәа, 1922.
  • Ашьха ҭыԥҳа. Аԥсны. Апоема. Дева гор. (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 1925.
  • Аиааира. Апиеса 8 сахьак аманы. Киршон ипиеса «Ача» иаҿырԥшны. Аҟәа, 1932.
  • Иаалкау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1934.
  • Сабду ихәшҭаара ахаҳә. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1936.
  • Апиесақәа. Аҟәа, 1937.
  • Иалкаақәоу. Апоезиа. Апроза. Адрама. Аҟәа, 1958.
  • Иалкаау иҩымҭақәа. Апроза. Адраматургиа. Аҟәа, 1976.
  • Сабду ихәшҭаара ахаҳә. Ажәабжь. Аҟәа, 1982.
  • (Асериа «Ашколтә библиотека» ала).
  • Иҩымҭақәа. Апроза. Апоезиа. Адрама. Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рҟнытә. Астатиақәа, анҵамҭақәа. Аҟәа, 1986.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Апсны-ханым. Пьеса в 4-х действиях. Сухум, 1923.
  • Сеидык. Повесть. Тифлис, 1935.
  • Избранное. Сухуми. 1960.
  • На пути к сознательности. (Статьи и заметки, 1911-1916 шш.). Сухуми, 1982.
  • Сочинения. Сухуми, 1987.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 901-902