Адиан, Леуан II
Внешний вид
| Леуан II Адиан | |
|---|---|
|
ლევან II დადიანი | |
| Агыртәыла аҳ (амҭавари) | |
|
Амаҵураҭыԥ ахь: 1611 – 1657 | |
| Аԥхьа иҟаз | Манча I |
| Аҭынха | Липарит III |
|
| |
|
| |
| Аира |
1591 Гыртәыла аҳра |
| Аԥсра |
1657 Гыртәыла аҳра |
| Атәылауаҩра | Қырҭтәыла |
| Аԥҳәыс |
1) Ҭанури Чачба 2) Дереџьан Чилаӡе |
| Ани аби |
Манча I Несҭан-Дереџьан |
| Ахәыҷқәа |
аԥацәа: Алықьсандр, Манча, Гул аԥҳацәа: Зира, Зилихана |
| Аусура | член семьи суверена |
| Анаԥынҵамҭа |
|
Леван II Дадиани (ақырҭ. ლევან II დადიანი; 1591 — 1657) — Агыртәыла аҳ (мҭавар) (1611-1657).
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ахылҵшьҭра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Уи Агыртәыла аҳ Манчеи I (1590-1611) раԥхьатәи иԥшәмаԥҳәыси Несҭан-Дареџьани рыҷкәын иакәын.
Аҭаацәазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Раԥхьаӡа Леуан ԥҳәысс дигеит Аладатәи Аԥсны аҳ Ԥуҭо Чачба имоҭа — Ҭанури (? - 1628). Ари аҭаацәалазаара иит ҩыџьа ахшара, рыхьӡқәа ҳзымдырӡо, ианхәыҷыз иԥсхьоу. Аҩбатәи иҭаацәара далалеит Дареџьан (? - 1639), аҭауад Рованоз Чилаӡе иԥҳа (раԥхьатәи лҭаацәараҿы иабшьа Гьаргь Липартиани дицын). Ари аҭаацәалазаараҿы ииз:
- Алықьсандр, аҳра ҭынха (? - 1657). Уи ԥҳәысс диман Ҟабарда аҳ Алегуки Шогенуков иԥҳа (1624-1653). Урҭ ԥак дрыман, ихьӡ еилкаам, ды шхәыҷыз дыԥсит.
- Мана (? - 1640), аҭауад
- Гәыл, аҭауад
- Зира, аҳкәажә
- Зилихана (? - 1640), аҳкәажә