Перейти к содержанию

Чачба, Ԥуҭо

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ԥуҭо Чачба
Аладатәи Аԥсны Аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1600 – 1630
Аҭынха Салуман II,
Баслакәа II,
Саҭеман I


Аира ?
Аԥсуа Аҳра
Аԥсра 1630
Аԥсуа Аҳра
Ани аби Баслакәа I

Ԥуҭо Чачба — Аладатәи Аԥсны аҳ, Аԥсны иҟаз Иоанн Лука излеиҳәоз ала.

1580 шықәсазы иаб Аԥсҳа Баслакәа I дыԥсит. Аԥсҳаc дҟалеит иԥеиҳаб Қара-беи. Уи ашьҭахь Аԥсуа ҳәынҭқарра еиҩшан Аҩадатәи Аԥсни Аладатәи Аԥсни ҳәа. Аладатәи Аԥсны, 1600 шықәсазы аҳс дҟалеит Ԥуҭо Чачба. Ԥҳәысс дигеит азыхәтә аҳкәажә Шьахьинџьан Алхас-иԥҳа Џьилиахстанова. 1611 ш. Агыртәылаҿы аҳс дҟалоит Леуан II Адиан. Аԥсныи Агыртәылеи реилазаашьа бзиахарц иҭахын. Уи азыҳәан 1621 ш. ԥҳәысс дааигот Ԥуҭо Чачба имоҭа, Ҭанури. Ашьҭахь Леуан Ҭанури лахь агәеицәыхьшәашәа-хара аирԥшо далагеит. Леуан игәы дҭан Несҭан-Дереџьан, (Дереџьан, Леиуан иабшьа иԥҳәыс) уи ԥҳәысс дигарц иҭахын. Аха Ҭанури иареи елыҵракәын. Иҟаиҵазеи Леуан? Гәаанагарак ала дыишьит, даҽа гәаанагара ала лԥынҵеи ллымҳақәеи хырҵәеит, анаҩс ахьаа лзымчҳақәа дыԥсит.

Леуан еиликаауан Ԥуто ари аниаҳалак, Агыртәыла дшақәло. Уи азыҳәан Леуан раԥхьа Аԥсны дақәлоит. Ԥуто ирр инаамҭаз изеидимкылаӡеит, ашьхарахь ддәықәлеит. Ҩышықәса рышьҭахь, 1630 ш. Леуан идҵа ала, Ԥуҭо ихы хсарала дыршьоит. Абас иалагеит аибашьрақәа аҭоурых аҿы иаанхаз «Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра» -ҳәа. Иԥсра ашьҭахь Аԥсны аҳәынҭқарс иахагылоит Ԥуҭо иԥацәа.

Ԥуҭо Чачба ԥҳәысс дигеит азыхәтә аҳкәажә - Шьахьинџьан Алхас-иԥҳа Џьилиахстанова. Шахьынџьан илыхшоит ԥшьҩык ахәыҷқәа:

  • Баслакәа – ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (1630-1650).
  • Салуман – ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (1630-1650).
  • Саҭеман – ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (1630-1650).
  • Биҭу – аҳкәажә.