Чачба, Баслакәа II
| Баслакәа II | |
|---|---|
|
| |
|
Амаҵураҭыԥ ахь: 1630 – 1650 | |
| Ацаҳ |
Салуман II Саҭеман |
|
| |
|
| |
| Аира |
? Аԥсны |
| Аԥсра |
1650 Аԥсны |
| Ани аби |
Ԥуҭо Чачба Шьахьынџьан-ҳаным |
Баслакәа II Чачба — Аԥсны аҭауадцәа руаӡәк (1630-1650)[1].
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Баслакәа — Аладатәи Аԥсны аҳ Ԥуҭо иԥшәмаԥҳәыси Шьахьынџьан-ҳаными рыҷкәын иоуп[1]. 1630 шықәсазы иаб Леван Адиан дишьит. Уи ашьҭахь иашьцәеи Саҭемани Салумани дрылагылоит. Урҭ Аԥсны Аҳраҿы раҳраура ианыҟала, иалагоит х-мчрак[2]. Аԥсны х-мчрак аныҟаз аамҭазы Агыртәылеи Аԥсуа Аҳреи еибашьуан[2]. Баслакәа еиуеиԥшым ауаа идикылеит: Қристофор де Кастелли; Иерусалимтәи абеирҭыԥ анапхгаҩы Никәала Чолокашвили[1]. Никәалаҵәҟьа иоуп Баслакәа, 1650 шықәсазы Аԥсны данааи, аиааира азыҳәан дызныҳәаз. Баслакәа иԥсҭазаара далҵит 1650 шықәсазы, ахшара аанмыжькәа[1].

