Перейти к содержанию

Бзыԥны

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Атәылаҿацә
Бзыԥны
Бзыԥан, Бзыԥын
Аҳҭнықалақь Лыхны
Ашьақәгылара 1700
Аӡра 1864
Аофициалтә бызшәа аԥсуа бызшәа
Абызшәақәа аҭырқәа бызшәа, аԥсуа бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Адин аԥсылманра, ақьырсианра


Бзыԥны, иара убасгьы Бзыԥын, Бзыԥан - Аԥсуа аҳра иаҵанакуа ҭоурыхтә тәылаҿацәуп[1][2].

Бзыԥны Аԥсуа аҳра иаҵанакуа тәылаҿацәуп, аӡиасқәа Бзыԥи Шьыцкәареи рыбжьара адгьыл зкыз[1]. Ажәытәӡатәи Абазгиа Бзыԥны аҵакырадгьылаҿ иҟан[2].

1600 шықәсазы Аԥсны еиҟәшеит Аҩадатәи, Аладатәи ҳәа[1][2]. Аҳ Ҟара-беи Аҩадатәи Аԥсны дахагылан, аҳ Ԥуҭу Аладатәи Аԥсны (Бзыԥны) дахагылан. Усҟан Бзыԥны аҳҭнықалақьс иҟан, Гәымсҭа аӡиас ахықә аҿы иааз Аҟәа-Жәытә[1].

Бзыԥны ҳәа ахьӡ змаз атәылаҿацә ахаҭа ицәырҵит 1700 шықәсазы, аҳ Зегнаҟ данԥсы ашьҭахь, уи иԥацәа Дгьашьа, Росҭом, Ҟәаԥ, Кьарқьым Аԥсуа аҳра хԥаны еиҩыршеит[1][2]. Дгьешьа ҭынхас иоуит ӡӡ. Кәыдрыи Аалӡгеи рыбжьара иҟаз иҵакырадгьыл (Абжьыуа). Ҟәаԥи Қьақьыми – ӡӡ. Алӡгаи Егрыи рыбжьара иҟоу аҵакырадгьыл (анаҩс ари адгьыл Мырзаҟан ҳәа иахьӡырҵоит[3]). Аҵыхәан Зегнаҟ иԥеиҳабы Росҭом, атитул Аҳ згаз, ҭынхас иаанижьит ӡӡ. Бзыԥи Кәыдрыи рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл, уи Бзыԥны ахаҭа[1].

Аԥсныи сулҭантәи Ҭырқәтәылеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Хылҵшьҭра ззынмыжьыз Росҭом данԥсы ашьҭахь, Дгьешь иԥа Леуан (аԥсылманра анидикыла ашьҭахь Ҳамыд) Аԥсуа аҳра дахагылеит. Ҳамыд аҳра иуан ҩажәа шықәса раҟара. Аԥсуа аҳра еилаҳаны иҟан. 1731 шықәсазы Ҳамыд иԥа Манча Чачба Аԥсуа (хьӡыла, номиналла) аҳра дахагылеит. Манча инапаҿы иҟан Бзыԥныи Абжьыуаи, Мырзаҟангьы хьыӡла иара инапаҵаҟа иҟан[4].

Аҟәа аҭырқәцәа рнапаҿы иҟан, убри аҟнытә аҳ Лыхны иаҳҭынран. Асулҭан иҭахымызт Чачба Аԥсуа аҳраҿы иаанхар. Уи гәҭакыс иман аҳ Манча Аԥсны далцаны, иԥашьа, мамзаргьы асаӡ ҭауад убра дахаиргыларц. 1733 шықәсазы аԥсуаа асулҭан ихатәы харҵо иаҟәыҵит[2]. Ари арыцҳаратә ҭагылазаашьа аԥсахразы асулҭан аԥсуа ԥсылманцәеи ақьырсианцәеи ҳаҭыр ду зқәырҵоз Елыр ахь ар ааишьҭит. Османтәи аԥашьа Елыр-ныха ықәихит, иблит[2]. Аԥсуаа иқәгылан, аԥашьеи асқьарцәеи наҟ иқәырҵеит. Асулҭан Чачаа рыхҵәаразы амзыз иҭахын, уигьы иоуит. 1757 шықәсазы Мырзаҟан анапхгаҩы Хәҭын, Хресилтәи ақәԥараҿы аҭырқәцәа дырҿыгылеит[4][2]. Уи ҽыҵгас иҟаҵаны, Манча иҭаацәеи иареи Ҭырқәтәылаҟа иахыргеит, уа мчыла аԥсылманра рыдырҵеит[4][2].

Жәаҩа шықәса рышьҭахь Аԥсуа аҳра дахадыргылеит Манча иашьа - Зураб[2]. Иаргьы азыӡырҩра иҭахымызт. 1771 ашықәс азы Аҟәатәи абааш аҭырқәцәа ирымпыҵихит[2][4]. Зураб ақәгылаҩ шиаку еилкааны, аҭырқәцәа 1780 шықәсазы уи дықәыргеит, аԥсуа аҳ иҭыԥ иоуит иашьеиԥа - Қьалышь[3]. Зураб ихаҭа «тәанчарахь» ддәықәырҵеит, аха шықәсыкгьы мҵыцызт Ҳамышь ақыҭан Зураб еихсны даныршь.

Қьалышь-беи Аԥсны ишьҭихит: ар ирӷәӷәаанӡа аԥсуаа рыр рымаӡамызт ҳәа уҳәар алшоит (еиҳарак Зыхәнынтә иааз ақьырауаа), аԥсуа афлот ҿыц иаԥиҵеит[2][3]. Бзыԥны, еиҳа ииашаны иуҳәозар, Лыхны, Қьалышь-беи ахаҳәшкәакәа иалхыз аҳтә хан, итәарҭахеит. Аиашаз, Лыхны Аԥсны иаҳҭнықалақьхеит. Бзыԥны аҭагылазаашьа ирӷәӷәан, аҳҭнықалақь Аҟәатәи ахырӷәӷәарҭахь ииаигеит[2].

1804 шықәсазы Қьалышь-беи зықәра наӡахьаз иԥацәа Аԥсны атәылаҿацәқәа ирзишеит, урҭ атәылаҿацәқәа рнапхгара еиҳа ирманшәаларц азы. Убасала, 1804 инаркны 1808 рҟынӡа аҳиԥа Сафар-беи (Гьаргь) Бзыԥны дахагылан[5]. 1808 ашықәс азы, иаб данԥсы ашьҭахь[2][3], Аԥсны аԥшәма ҿыцс Аслан-беи дицәымӷхеит[5][6]. Уи аамҭазы Бзыԥны иахагылаз еилкаам, иҟалап Аслан-беи ихаҭа иакәзаргьы[6].

1810 шықәса рашәарамзазы аурысқәа Аԥсны рнапаҿы иааргеит[2][5]. Аслан-беи дыбналт, Аԥсны дахагылеит аҳиԥа Сафар-беи, еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳ Гьаргь II[5]. Иара Аҟәа аҳаҭыр змаз уаҩымызт, убри аҟнытә иаҳраура зегьы Бзыԥны, ма Гыртәылаҿ ихигеит. Иара ихаан Лыхны Аԥсны аҳҭнықалақьны иҟалеит, 1864 шықәсанӡагьы ус иаанхон[2].

1821 ашықәс азы, Гьаргь данԥсы ашьҭахь, иԥшәмаԥҳәыс аҳкәажә Ҭамара аҳкәажәдус Аԥсуа аҳра дахадыргылеит[6][7]. Аха уи ашықәс азы абҵарамзазы, Гьаргь иԥа Дырмит аҳ иакәхеит[7]. Уи аԥсуаа дыргәамԥхоз мацара акәым, дырцәымӷын. Уи аԥсуа бызшәа издыруамызт, иаҳагьы еицәаз, аԥсуа етикет аԥсуарагьы[7]. 1822 шықәсазы ашыӡ ихьны дыԥсит[7][2].

Шықәсык ашьҭахь, 1823 шықәсазы, Дырмит иашьа Михаил Аԥсны аҳс дҟалеит[8]. 1830 ашықәсазы Аслан-беи аҵыхәтәантәи иқәгылара ҟалеит, акгьы анеизыҟамҵа Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәит, Аԥсныҟагьы дымхынҳәит[8][2][6]. Уи ианақәшаҳаҭха, аԥсуаа Михаил дрыдыркылеит. Аинрал М. Коцебуа иазгәеиҭеит аҳкәажә Алықьсандра, Михаил иԥҳәыс, аԥсуаа еиҳа бзиа дшырбоз:

Лара аԥсуаа ҳәаа змам рыбзиабара лыман, уаанӡа еиҳарак Лыхны дынхон, лхаҵа даныҟамыз аамҭазы Бзыԥтәи агьежьыра анапхгара азылуан, еснагь убасҟак ҟазарала напхгара алҭон, ауааԥсыра лнапхгара еиҳа еиӷьыршьо иалагеит, аҳ инапхгара аасҭа.

1864 ашықәс азы Аԥсуа Аҳра иаԥыхын[2], Михаил Воронежҟа дахыргеит, уаҟа иԥсҭазаара далҵит 1866 ашықәс мшаԥымзазы[8]. Аԥсуа аҳра анаԥырха ашьҭахь, Бзыԥны Бзыԥтәи агьежьыра ҳәа иахьӡырҵеит. Иара убри ашықәсан, рашәарамзазы, Бзыԥны ақәгылара ҟалеит, иԥсыз Михаил иԥа – аҳиԥа Гьаргь (III) Лыхны аҳс дрыладырҵәеит[2]. Аха уи ақәгылара гәымбылџьбарала ихәаҽын, уи аамҭазы аурысқәа, аԥсуа ҳәынҭқарра аилабгара иадырганы, Лыхнытәи аҳҭынра рблит[9]. Иара убри ашықәсан амҳаџьырра аҵысра ҟалеит, ҩажәа нызқьҩык инареиҳаны ахҵәара ицеит.  1868 шықәсазы лаҵарамзазы 27 аҽны Бзыԥтәи агьежьыра ахьӡ ԥсахын Гәдоуҭатәи аучасток (адгьыл ахәҭа) ҳәа[10][2].

1877-1878 шықәсазы даҽа мҳаџьырра цәқәырԥак ҟалеит[2], аурыс-ҭырқәа еибашьраан бзыԥуаа ¾, абжьыуаа рыхәҭак, насгьы Гәыма инхоз ауааԥсыра зегьы Ҭырқәтәылаҟа иахыргеит. Гәдоуҭатәи аучасток (Пицундатәи агьежьыра ахәҭак) Анхәа, Гагрыԥшь, Ҟәланырхәа, Арҩҭа, Дәрыԥшь, Аацы, Аҷандара ацуҭақәа рҿы 1878 шықәсазы зынӡаск иҭацәит ҳәа уҳәар алшоит[10].

75% инаркны 80% рҟынӡа ауааԥсыра рцәыӡит Жәандрыԥшь, Мгәыӡырхәа, Хәаԥ; Калдахәареи, Лӡааи - 2/3; рыбжак инареиҳаны Џьырхәа, 1/3 Блабырхәа, 1/4 Бармышьи, Лыхныи[10].

Иахатәи аамҭа азы Бзыԥны уи Гәдоуҭа араионуп[2].

Бзыԥны инхон аҭауадшьҭрақәа: Аимхаа, Инал-Иԥа, Чачба, Чаабалырхәа; иара убас аамсҭацәа: Ақырҭаа, Ашьхацаа, Багба, Барас, Блабба, Ӷарҵкьиа, Ажәанба, Саӡба, Лакрба, Ҟәланба, Миқанба, Арҩҭаа, Амаан, Папба, Фирсоу, Цәышба, Чачибаа, Ешба; ашьнаҟәамаа: Баалоу, Гәыблиа, Тыкә-иԥа, Ӷәаџьаа, Ԥлиаа, Шьаҟрыл, Чычба, Арсҭаа.

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007. — ад. 12.
  2. 2,00 2,01 2,02 2,03 2,04 2,05 2,06 2,07 2,08 2,09 2,10 2,11 2,12 2,13 2,14 2,15 2,16 2,17 2,18 2,19 2,20 2,21 Абӷажәба О. Хә., Лакоба С. З., Аԥсны аҭоурых., Аҟәа, 2015.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 Гәымба Михаил, Қьалышьбеи (1747-1808), Аҟәа, 2014.
  4. 4,0 4,1 4,2 4,3 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007. — ад. 13.
  5. 5,0 5,1 5,2 5,3 Гәынба Михаил, Сефербеи, Аҟәа, 2017.
  6. 6,0 6,1 6,2 6,3 Лакоба Сҭанислав, Асланбеи, Аҟәа, 1999.
  7. 7,0 7,1 7,2 7,3 Гәымба Михаил, Аԥсны аҳ Дырмит (Омарбеи)., Аҟәа, 2019.
  8. 8,0 8,1 8,2 Гәымба Михаил, Аԥсуа аҳра XIX ашә. 20-50-тәи шш. рзы, Аҟәа: Акьыԥхь аҩнаҭа, 2022.
  9. Хрушкова Л. Гь., Лыхны Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа раантәи аҳҭынратә комплекс, Москва: Наука, 1998.
  10. 10,0 10,1 10,2 Багаԥшь Нури, Гәдоуҭатәи аҭыԥ аколонизациа адемографиа, Аҟәа: "АБИГИ", 2019.