Перейти к содержанию

Инал-иԥацәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҭауадшьҭра Инал-иԥацәа ргерб.

Инал-иԥа – аԥсуа ҭауадшьҭроуп.

Аурыс-америкатәи агенеалог К. Л. Туманов излеиҳәо ала, ари ажәла аҳцәа Чачаа рмахәҭа ауп, 1730-тәи ашықәсқәа рзы ицәырҵит ҳәа. Аха иахьатәи аҭоурыхҭҵаараҿы ари аверсиа аҭҵааҩцәа реиҳараҩык ирыдгылаӡом. Иахьазы иҟоу атеориа урҭ Иналаацәа (Зыхәнытәи адинастиа) рҟынтәи иааит ҳәа ауп. К.Л.Туманов иверсиа шьаҭас иамоуп ақырҭуа жәла Инал-иԥа - Иналишвили, уи Имереҭтәи аҳ Салуман I раԥхьатәи иԥҳәыс - Русудан лакәын, уи Инал Чачба иԥҳа лакәын. Туманов игәаанагарала абри Инал иоуп аҭауадшьҭра Иналишвили, Инал-иԥа ашьаҭаркҩы ҳәа, аха ари ииашам гәаанагароуп.

Аҭауадцәа Инал-иԥацәа Бзыԥ аӡиас аладатәи аганқәа рҿы адгьылқәа рыман, ашьҭахь, 17-тәи ашәышықәсазы, Речхәы ақыҭан адгьылқәа змаз мырзаҟантәи аҟәша уи иацәхьаҵит.

Аҭауадшьҭра рхьыԥшытә аамсҭацәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Блабба
  • Барас
  • Фирсоу

Еицырдыруа аҭауадшьҭра ахаҭарнакцәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Инал-Иԥацәа рмазара Бзыԥ аӡиас иахьалало абаа. С. М Прокудин-Горски ифотосахьа, 20-тәи ашәышықәса алагамҭа.
  • Инал-иԥҳа, АфизаАԥсны аҳ Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба иԥҳәыс.
  • Нарчоу (Нарчхьоу) Инал-иԥа ― Аԥсуа аамсҭаду, ақаԥдан; Аслан-беи Чачба гәык-ԥсыкала идгылаз дреиуан.
  • Инал-иԥа, Росҭом Нарчоу-иԥа - Нарчоу иԥа, аублаа ҭауад Ҳаџьы Кьарантыхәт Барзагь иҵаҩы
  • Инал-иԥа, Мусҭаа-беи Ростом-иԥа — Ростом иԥа, Кац Амаан иԥҳа еиҵбы диҳәан, 1842 шықәсазы аԥсуа қәгылаҩцәеи дареи реибашьраан дыԥсит.
  • Инал-иԥа, Тата Нарчоу-иԥҳа — Нарчоу иԥҳа, Ҳасан-беи Чачба аҩбатәи иԥҳәыс.
  • Инал-иԥа, Кәасҭа Павел-иԥа — аҽыуаҩтә полк акомандаҟаҵаҩ, Гәдоуҭа ақалақь аҿы Гвардиа Ҟаԥшь аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп.
  • Инал-иԥа, Шьалуа Денис-иԥа – аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, апрофессор.
  • Инал-иԥа, Адгәыр Шьалуа-иԥа — атехникатә наукақәа ркандидат, Аԥсуа аибашьра афырхаҵа, Леуан иорден занашьоу (иԥсра ашьҭахь)[1]
  1. Аҵарауаҩ, ашәара зқәым аибашьҩы: Адгәыр Инал-Иԥа игәалашәара.