Перейти к содержанию

Инал-иԥа, Шалуа Денис-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Иналиԥа, Шьалуа Денис-иԥа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Шалуа Денис-иԥа Инал-иԥа
Шалва Денисович Инал-ипа

Шалуа Денис-иԥа Инал-иԥа
Аира жьҭаарамза 201916 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Гәыԥ ақыҭа
Аԥсра цәыббрамза 221955 ш.
Аҟәа ақалақь
Аусура аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, аԥсуаҭҵааҩ
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Грузинская демократическая республика,
Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика,
Қырҭтәыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алма-матер Московский педагогический государственный университет

Шалуа Денис-иԥа Инал-иԥа (аур. Шалва Денисович Инал-ипа; жьҭаарамза 201916 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Гәыԥ ақыҭа – цәыббрамза 221955 ш., Аҟәа ақалақь) – аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, аԥсуаҭҵааҩ. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1963), апрофессор (1964). Адыгатәи (Ачерқьестә) Жәларбжьаратәи академиа алахәыла (1993). Аԥсни (1962) Қырҭтәылеи (1982) рҟны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1962), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1986, ашәҟәы «Аԥсуа етикет азы аочеркқәа» азы), СССР-и (1956) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи.

Дышқәыԥшӡаз иани иаби иԥхоит. Иашьцәа аҩыџьагьы харада ахара рыдҵаны иҭаркхьан. Ш. Инал-иԥа аҵара иҵон Гәыԥтәи ԥшь-класстәи ашкол аҟны, 1927 ш. – Очамчыратәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны, 1928 ш. инаркны – Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат аҟны , уи далгоит 1936 шықәсазы. Убри ашықәс аан қәҿиарала аԥышәарақәа ҭины дагьҭалоит афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут афилософиатә факультет. Аха, дук мырҵыкәа уаҟа еилыркааит иашьеиҳаб, Н. И. Вавилов ихьӡ зху академиа аспирант, 1935 ш. харада ахара идҵаны дышҭаркыз, хара имгакәагьы аҵараиурҭа аанижьыр акәхеит.

Ш. Инал-иԥа дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Ақыҭақәа рҟны рҵаҩыс аусура далагоит. Ҩаԥхьа ааха иоуеит аҵарауаҩ қәыԥш. Харада ахара идҵаны, ажәлар драӷоуп ҳәа дҭаркуеит иашьа агәыбжьанытәгьы. Имацара даанхоит.

1938ш. иҩызцәа рыбзоурала ҩаԥхьа Москваҟа дцоит, дагьҭалоит К. Либкнехт ихьӡ зху Москватәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Адиплом ҟаԥшь иманы иреиҳау аҵара хиркәшеит (1941). Аҟәаҟа даныхынҳә аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциа ақыҭа нхамҩа аҟәша аиҳабыс. 1943-1946 шықәсқәа раан аспирантура акурс дахысуан Қырҭтәыла аҭоурых аинститут аҟны, аетнографиа аганахьала егьихьчеит акандидаттә диссертациа.

Ш. Инал-иԥа 1946 ш. инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан. 1940-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы усура днарԥхьеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи ахь. 1957 ш. инаркны акәзар, аԥсуа институт аҭоурыхи аетнографиеи рыҟәша еиҳабыс аус иуан. 1958-1988 шш. раан аҭҵаарадырра ахәҭазы аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 1988 ш. нахыс - аҭҵаарадырратә усзуҩы хадас. 1961 ш. аетнографиазы алекциақәа дрыԥхьон.

Ш. Инал-иԥа ԥыхьатәи СССР-и аҳәаанырцәи еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә форумқәа дрылахәын. 1963 ш. иара иаԥшьгарала Аҟәа имҩаԥысит нарҭаа репос апроблеқәа ирызкыз Зегьеидгылоутәи аконференциа. Академик И.В. Бромлеи иааирԥшыз адгыларала Аҟәа имҩаԥигоит аетнографиатәи антропологиатәи ҭҵаарақәа ирызкыз Зегьеидгыларатәи асессиа (1988). Кавказ ақәрарацәа апроблемақәа рзы асовет-америактәи апроект далахәын.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) дҭахеит иԥа, аҵарауаҩ Адгәыр. Даараӡа ихьааигон иара убас 1980 ш. Аԥсуа институт аҟны архив абылраан иахьалаблыз инапҩымҭа «Аԥсны Гал араион амикротопонимика». Еиҳагьы ихьанҭаз цәыӡ духеит Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан, 1992 ш. октиабр 22 рзы ақырҭуа еибашьцәа аԥсуа институт анырбылуаз иахьалаблыз ихатә архиви абиблиотекеи, уаҟа ирылан иусумҭа «Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла аԥсуа-адыга топонимика».

Ш. Инал-иԥа аҭҵаарадырра напы алеикит аспирантура данҭаз. Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны ақыҭақәа рҟны адәынтәи аекспедициақәа мҩаԥигон, еизигон нарҭаа ражәабжьқәеи егьырҭ афольклортәи амифологиатәи рҿиамҭақәа, алингвисттә, еиҳаракгьы атопонимикатә материал. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра риҭон аҭоурых-етногарфиатә материалқәа, ашьҭахь урҭ хыԥхьаӡарарацәала астатиақәеи амонографиақәеи шьагәыҭсгьы ироуит. Абарҭқәа рнаҩсан Ш. Инал-иԥа илаԥш ахын алитературатә процесс. Ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» ирниҵон алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәа.

«Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩеижәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аԥсуа нарҭтә епос» аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп (К. С. Шьаҟрыли, Б. У. Шьынқәбеи иареи, Аҟәа, 1962 ш., аԥсышәала, абри ашықәс азы Москва иҭыжьын урысшәала; «Аԥсуа жәаԥҟақәа» (Аҟәа, 1967) уҳәа егьырҭгьы.

Ш. Инал-иԥа (Д. И. Гәлиеи иареи еилахәны) авторс дамоуп 2-тәи акласс «Ахатәы бызшәа» (1956, ашьҭахь аиҭакрақәеи ахарҭәаарақәеи алагаланы еиҭаҭыжьын жәантә инареиҳаны); аиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп «Аԥсуа литература ахрестоматиа. 7-тәи акласс азы» (Г. А. Ӡиӡариеи иареи еилахәны, иҭыжьын 1955, 1957, 1962; егьырҭ ашықәсқәа - 1964, 1966, 1968, 1978 уҳәа раан Ш. Хь. Салаҟаиеи, А. Н. Гогәуеи, иареи еилахәны; 1981 – Ш. Хь. Салаҟаиеи, А. Н. Гогәуеи, Н. Ҳ. Аӡынбеи, иареи еицҭрыжьит).

  • аԥсуаа рҭоурыхи ретнографиеи рыла: Очерки по истории брака и семьи у абхазов. Сухуми, 1954.
  • Абхазы: (Историко-этнографические очерки). Сухуми, 1960 (2-е переработанное, дополненное издание — Сухуми, 1965).
  • Об этногенезе древнеабхазских племен. [Доклад]. М., 1964.
  • Страницы исторической этнографии абхазов. (Материалы и исследования). Сухуми, 1971.
  • К вопросу о древних этнокультурных связях Западного Кавказа и Малой Азии (lX Международный конгресс антропологических и этнографических наук. Чикаго, сентябрь 1973 г. Доклады советской делегации). М., 1973.
  • Традиции и современность. (По материалам этнографии абхазов). Сухуми, 1973 (2-е издание, переработанное и дополненное — Сухуми, 1978).
  • Вопросы этнокультурной истории абхазов. Сухуми, 1976. (Переиздание — в томе III «Трудов» Ш. Д. Инал-ипа в 11 томах. — Сухум, 2011).
  • Дурипш. (Историко-этнографический очерк). Сухуми, 1981.
  • Очерки об абхазском этикете. Сухуми, 1984.
  • Зарубежные абхазы. (Историко-этнографические этюды). Сухуми, 1990.
  • Ступени к исторической действительности. (Об этнической ситуации в Абхазии XV — начала XX вв.). Сухуми, 1992.
  • Садзы. Историко-этнографические очерки. (Материалы к серии «Народы и культуры». Вып. XXVIII. Народы Кавказа. Кн. 2.). М., 1995.
  • Антропонимия абхазов. Майкоп, 2002.
  • Труды. Том III. Вопросы этно-культурной историй абхазов. Второе, переработанное и дополненное издание. Сухум, 2011.
  • алитературеи афольклори рыла: Аԥсуа фольклори алитературеи рзы зҵаарақәак. Аочеркқәа. Аҟәа, 1955.
  • Аԥсуа литература аҭоурых аҟнытә. Аҟәа, 1961.
  • Шоҭа Русҭавели. Апоет диижьҭеи 800 шықәсхыҵра иазкны. Аҟәа, 1966.
  • Заметки о развитии абхазской литературы. Сухуми, 1967.
  • Прыжок благородного оленя (К 100-летию со дня рождения народного поэта Абхазии Д. И. Гулиа). Сухуми, 1974.
  • Мҩахәасҭала ахрақәа рахь. Акритикатә статиақәеи аматериалқәеи реизга. Аҟәа, 1975.
  • Страницы абхазской литературы. Статьи, очерки, выступления. Сухуми, 1980.
  • Труды. Первая книга. [Литературоведческие фольклористические работы]. Сухуми, 1987.

Шьалуа Денис-иԥа диит 1916 шықәса жьҭаарамза 20 рзы, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа – ажәытәӡантә иаауа аԥсуа ҭауад жәла Инал-иԥацәа дырхылҵшьҭроуп. Иара ихаҭа ижәла аҩ-хәҭакгьы нбан дула акәын ишиҩуаз, уи дыршаҳаҭуеит ихьӡ зну адокументқәа зегьы. Убас акәын XIX ашәышықәсазы абри ажәла шанҵаз, Урыстәылатәи аимпериатә еилазаара Инал-иԥацәа ргерб анышьақәдырӷәӷәоз: усҟангьы ажәла Инал-иԥа анырҵеит адефис бжьаҵаны, аҩажәакгьы нбан дула. Шьалуа Инал-Иԥа иҭаацәа иалоу зегьы иара ус ауп рыжәла шырыҩуа иахьа уажәраанӡагьы. Зҭаацәа рҭоурыхи, заб иԥсҭазаара иадҳәалоу хәы змаӡам агәалашәарақәеи гәыбылрала еиқәырханы измоу, Шьалуа Инал-Иԥа иԥҳа Арда, ишазгәалҭо ала, абжьыуаа рҟны Инал-Иԥацәа ҭоурыхла изқәынхоз дгьылқәамызт. «Ҳара ҳабашьҭрагьы, ҳажәла зегь реиԥш, аханатә иахьынхоз Бзыԥ аганахь акәын. Аха саб иабду Гьаргь Инал-иԥа иашьа Нарџьхьоуи иареи ахьынхоз Калдахәареи Пицундеи рџьынџь дгьылқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит, избан акәзар аинрал Горчаков инапаҵаҟа аҟалара мап ацәыркит. Убас ҳара ҳабиԥара Абжьыуаҟа иианагеит, раԥхьа Река ақыҭан итәеит, нас Гәыԥ нхара ииасит, иара уоуп Шьалуа Денис-иԥагьы дахьиз. Иани иаби заа иԥхеит, иааӡараҿы рџьабаа рацәоуп Аҭәмаа рҭаацәара, иара убасгьы Аԥсны зыхьӡ адыруа арккаҩы Пиотр Ҷараиа», – ҳәа азгәалҭоит Арда Иналԥҳа.[1]

Сталин ирепрессиа ашықәсқәа Инал-иԥа иҭаацәара ааха ӷәӷәа рнаҭеит. Аԥхьа, 1937 шықәсазы дҭаркит, нас иеихсны дыршьит иашьа Илларион, «дытроцкиступ» ҳәа. Анаҩс Петроград ақалақь аҟны «Киров иус» дадҳәалоуп ҳәа дҭаркит Шьалуа иашьеиҳаб Ипполит, уи усҟан даспирантын, академик Николаи Вавилов напхгаҩыс диман. Абарҭқәа лгәы иазымычҳакәа, Шьалуа иан лыԥсҭазаара далҵуеит, иара ашкол далганы аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа аниҭиуаз амшқәа рзы.

Ашколи иреиҳау аҵараиурҭеи рыҟны

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1922 шықәсазы раб данрыԥха аамышьҭахь, Шьалуеи егьырҭ ахәыҷқәеи ран лымацара илааӡон. Акырӡа зҵазкуаны, илахьынҵаӡбагахаз хҭысны Шьалуа Денис-иԥа ихаҭа иԥхьаӡон Аҟәатәи иҿырԥшыгоу ашьхарыуаа рышкол иҭалара. Аҟәатәи акомиссиа иара далнакааит аҟыбаҩ змоу ҵаҩык иаҳасабала, алагарҭатә школ аҟынтә Ашьхарыуаа рышкол ахь ииагарагьы иахаҵгылеит. Шьалуа хәыҷы даара деигәырӷьон аҵаратә ԥсҭазаара ахьеилашуаз аилазаара дахьахәҭакхаз. Ашкол данҭалоз урысшәала ажәак-ҩажәак мацара шракәызгьы иидыруаз, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ашкол аҿы иреиӷьу аҵаҩцәа дыруаӡәкхеит. Ашьхарыуаа рышкол арҵаҩцәа анырра ду ҟарҵеит иара ишьақәгылараҿы.

Ашкол данҭазтәи аамҭазы иҟалаз хҭыск даара ибзианы иаанарԥшуеит Шьалуа Инал-иԥа ихаҭара зеиԥшраз. Ашьхарыуаа рышкол ахь даниарга, зҟыбаҩ бзиаз иара иҩызак алагарҭатә школ аҿы дахьаанхаз ҭаха инаҭомызт. Шьалуа хәыҷы ашкол адиректор Кондрат Фиодор-иԥа Ӡиӡариа иҟынӡа анеира илыршаны, иҩыза иӡбахә изеиҭеиҳәеит. Кондрат Фиодор-иԥа аҷкәын иажәақәа рыгәра игеит, ҩымшгьы аамҭа ииҭеит иҩыза ашкол ахь дааигаразы.

Дара аҩыџьагь ашкол еицалгеит ахьтәы медалқәа рыманы. Рыцҳарас иҟалаз, иҩыза дышқәыԥшыз аибашьраҿы дҭахеит. Шьалуа Инал-иԥа еиҭеиҳәоит ашкол даналгоз амаҭәарқәа жәпакы рҟны еиԥшны аихьӡара бзиақәа шимаз, анаҩс хырхарҭак алхра ицәыуадаҩхо аҟынӡа ҳәа, аха аҵыхәтәан афилософиа алихуеит. Москва дцаны дҭалоит Чернышевски ихьӡ зху, афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи Москватәи ринститут, афилософиатә факультет. Аха «жәлар раӷа» диашьоуп ҳәа уаҟа аҵараҵаха ирымҭеит.[2]

1938 шықәсазы Инал-иԥа дҭалоит Либкхнет ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет. Аха ари аҵараиурҭагьы алгаха имоуит излагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду амшала. Иара афронт ахь дцеит, Десна аӡиас ахықәан атанкқәа рҽацәыхьчаратә цәаҳәақәа рыргылара далахәын. Аха, уа дыҟанаҵ ӷәӷәала дычмазаҩхан, Аԥсныҟа иԥсадгьылахь аара иқәшәеит. Иҵара иациҵеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҟны, хара имгакәа уи далгеит диплом ҟаԥшьыла.

1943 шықәсазы Шьалуа Инал-иԥа Қырҭтәылатәи АССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхтә институт даспирантхоит, ҷыдала аетнографиа аҭҵаара иҽазикуеит. Раԥхьатәи ҭҵаарадырратә темас ишьҭихит аԥсуаа рҟны аҭаацәаратә институт традициала аиҿкаашьа.

1946 шықәсазы Шьалуа Денис-иԥа аҭҵаарадырратә усзуҩ иаҳасабала дрыдыркылеит академик Марр ихьӡ зхыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт ахь. Араҟа уи аус иуит 1988 шықәсанӡа, дагьынаӡеит аетнографиа аҟәша аиҳаби, аҭҵаарадырра аҟәша знапы иану аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩи рмаҵурақәа рҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа қәҿиарала еилеигӡон аҭҵаарадырреи, арҵаҩреи, Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҟны аусуреи. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа изкны ииҩыз аочерк аҟны иазгәеиҭеит уи иҭҵаарадырратә усура дшалагаз иаспирантра ашықәсқәа раан. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рахь аекспедициақәа рымҩаԥгараан Инал-иԥа хәыц-хәыц еизганы иҭаиҩуан абарҭ ҩ-темак рыла аматериалқәа: аԥсуа Нарҭтә епос аҳәамҭақәеи, Аԥсны атопонимикеи, анаҩс уи аматериал аҭҵаареи аклассификациа азуреи. Адиссертациа аус адулараан азҿлымҳара ҷыда аиҭон аԥсуаа рҭаацәаратә бзазашьеи руаажәларратә ԥсҭазаашьеи ирыдҳәалаз аҵас-қьабзқәа ранҵара.

Инал-иԥа иҭҵаарадырратә интерес аиҳарак иахьыҟаз аетногенез азҵаарақәеи, аԥсуа жәлар ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи рҟноуп.

«Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа ҷыдала азҿлымҳара аиҭон аԥсуааи урҭ рыиашьара жәларқәеи – ашәуааи, адыгааи, иара убас еиҳарак аинтерес ду изцәырызгоз аубыхқәеи дареи рыбжьара иҟаз аҭоурыхтә еимадарақәа зеиԥшраз, лҵшәақәас иҟарҵаз аилкаара», – ҳәа иҩуеит Анчабаӡе.

Аҵарауаҩ хықәкыла дыззааҭгылоз темоуп – аԥсуа бызшәа. 1960 шықәсазы Мушьни Аҳашбеи иареи аԥсуа терминологиатә жәар аиқәыршәареи аредакциа азуреи рнапы алакын. 1980-тәи ашықәсқәа рзы атәыла аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵареи аҭҵаареи иахылаԥшуа акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан.

Шьалуа Инал-иԥа афольклор аҭҵаараҿгьы илшамҭақәа рацәоуп: аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа, ҳаҭалагьы Нарҭаа репос иналукааша аҭҵааҩцәа дыруаӡәкуп. Хәыхәыт Бӷажәбеи иареи рыхьӡқәа еицырҳәоит аԥсуаҭҵаараҿы алитературатә критика ажанр хацзыркыз раҳасабала. Шьалуа Инал-иԥа шьаҭанкылатәи иусумҭа ду «Абхазы», ихарҭәааны 1965 шықәсазы иҭыҵыз, Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, аԥсуаа ретногенези, рмилаҭ аҿиара аҭоурыхи, аԥсуа доуҳатә, материалтә культурақәеи ирызку адыррақәа еидызкыло енциклопедиоуп ҳәа иуԥхьаӡар ҟалоит.[3]

Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

19921993 шықәсқәарзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Шьалуа Инал-Иԥеи уи иԥәшәмаԥҳәыс Мира Константин-иԥҳа Хотелашвилии аӷацәа иааныркылаз Аҟәа иалаханы иҟан. 1992 шықәса, жьҭаарамза 22 рзы ақырҭуа еибашьцәа Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут анырблы, уи амца иалаблит Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәеи инапылаҩырақәеи реиҳараӡак, аҭыжьра иазырхианы иҟазгьы уахь иналаҵаны. Ари даара иааха ӷәӷәахеит аҵарауаҩ изы, уи иԥҳа лажәақәа рыла, иԥсы ахьынӡаҭазгьы аҵыхәтәанынӡа дзалымҵыцкәа дыҟан. Убри абылра аныҟала ашьҭахь, уаҳа иуаҭах дагьыҩнымҵит, ианамухгьы аҩны иҟоу сархив сыхьчап ҳәа, уи иуалԥшьас иԥхьаӡон, уаагьы хәы змаӡам адыррақәа еидкылан, ҳәарада.[4]

Иҭаацәеи иареи реизыҟазаашьақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Арда Иналԥҳа лажәақәа рыла, Шьалуа Денис-иԥа абык иаҳасабала даара дыгәцаракын, дгәыбылҩын. «Иара илшон хаала, аха ухшыҩ азцаратәы, еицырдыруа ауаа рыԥсҭазаарақәа рҟынтә, ма иара ихатә ԥсҭазаара аҿынтә аҿырԥштәқәа ааганы, ауаҩы ишьақәгылара зыда иҟамло апринцип ӷәӷәақәа ҳалааӡара. Ауаа аус бзиақәак рыла рҽалыркаазар, убри алкаашьа, алагәырӷьашьа дақәшәон, убри алагьы иаҳирҵон аамысҭашәареи, агәымшәареи, агәыҳалалреи, агәадуреи пату рықәҵашьа, ҳаргьы еснагь убас ҳаҟазарц ҳгәаԥхартә еиԥш… Ихы данақәиҭыз аамҭа даара имаҷны иман, аха аԥсшьарамшқәа раан, анаукатә, ма ауаажәларратә усқәа дырҿымкәа дыҟазар, зегь ҳаиманы ҳшынҭаацәоу Аӡҩыбжьаҟа ҳцон, иашьеиҳаб Ипполит иҭаацәеи иареи ахьынхоз аҩнаҭахьы. Абарҭ ҳцарақәа раан, ҭаацәашәалатәи ҳаибабара еиӷьу аамҭак ыҟамзар ҟаларын. Ажәытәӡатәи Аԥсни, аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи, асовет аамҭа афырхацәеи ахҭысқәеи уҳәа ирыдҳәалаз ажәабжьқәа реиҳараӡак, иара убасгьы ҳажәла Инал-иԥа цәа рхылҵшьҭра иазку аҭоурыхқәеи раԥхьаӡакәны иахьҳаҳаз убри аӡҩыбжьатәи аҩнаҭаҿоуп. Лассы-лассы ҳаб ҳаигалон археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рахьгьы, аҭоурыхтә баҟақәа ҳирбон».

Шьалуа Инал-иԥа иԥеи иԥҳаи, Адгәыри Ардеи, раб иҟынтә ишқәыԥшқәаз ирдыруан Аԥсны аҭоурых иашаҵәҟьа аҭҵаара иацыз ауадаҩрақәа. Аҵарауаҩ ихәыҷқәа ианрызҳа, иԥсадгьыл алахьынҵазы имаз агәҭынчымрақәеи ахьаақәеи рыцеиҩишон. Аха уи адагьы, иара лымкаала иԥсы зыҿҳәараз Аԥснытәи ашьхақәа ргәыбылра диркит ихәыҷқәагьы. Адгәыр Инал-иԥа убри аҟара ашьханыҟәара игәаԥхеит, дагьазҟазахеит, Ельбрус ашьха ақәцәагьы дхалартә аҟынӡа. Шьалуа Инал-иԥа аҽықәтәарагьы даара бзиа ибон аҟнытә, иԥҳа Ардагьы илгәаирԥхеит.[1]

Шьалуа Инал-иԥа, жәаҳәарада, иԥеи иԥҳаи рзы зегь рыла дҿырԥшыган. «Сара даара сеигәырӷьон Москва аҵара анысҵоз саб дансзаауаз, – ҳәа лгәалалыршәоит Арда Иналԥҳа, – урҭ амшқәа еснагь иҭәын аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәеи, амузеиқәеи атеатрқәеи рҭаареи рыла. Шьалуа Денис-иԥа есымша дҳалабжьон адунеи ҳҽаҟәыҭханы ҳаанымхарц, аурыси адунеитәи акультурақәа иахьынӡауа иҵауланы реилкааразы лшарас иҟоу зегьы ҳхы иаҳархәаларц».

Хҭысла ибеиаз аҵарауаҩ иԥсҭазаара аҟынтә иԥҳа иалылкаауеит Шьалуа Инал-иԥа раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла иаҭаауаз аԥсуа делегациа дахәҭакны аԥсуа диаспора дырԥыланы, дрыҿцәажәаны даныхынҳәуаз амш, уа имҩаԥысит хашҭшьа зқәым аиқәшәарақәа. Убасгьы лгәалашәараҿы иаанхеит лаби лареи Шәача акәшамыкәша рныҟәарақәа, уа иара ианиҵон макьаназы еиқәханы иҟаз аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа, хьаас иҟаҵангьы еиҭеиҳәон XIX ашәышықәсазы арҭ аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуаз ишьаарҵәыраз ахҭыс хьанҭақәа рыӡбахә.

Инал-иԥацәа рыҩнаҭа ахаангьы асасцәа агмызт. «Москвантә, Ленинградынтә асасцәа ҳзаауан, саб иҩызцәеи иколлегацәеи ҳҭаауан, урҭ зегь иналукааша хаҭарақәан, – ҳәа еиҭалҳәоит Арда Иналԥҳа. Аинтерес ду зҵаз аицәажәарақәа ҳаман есымша. Насгьы, Шьалуа Инал-иԥа астол амҩаԥгашьа даараӡа ибзианы идыруан, аныҳәаҿақәа рышьҭыхраҿы дҟазан, асасцәа еснагь зҿлымҳара дула изыӡырҩуан. Иҩызцәа зегьы реиқәыԥхьаӡара уадаҩуп, уи даара ауаа дырзааигәан, аҩызцәа-адырцәа рацәаҩӡаны иман. Аҭҵаарадырреи, алитературеи рҟны аџьабаа збоз, аԥсуа жәлар рлахьынҵа хьаас измаз иҩызцәеи иареи ешьарак реиԥш еизааигәахеит, иԥсы ахьынӡаҭаз абзиеи-ацәгьеи рҿы ивагылан, иара иеиԥш Гәыԥ ақыҭа иалҵыз иҩызцәа хҩык: Езыгә Габелиа, Алықьса Гәарамиа, Лев Гармелиа.

Шьалуа Инал-иԥа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан хнырҳәышьа змамыз ацәыӡ дуқәа дрыниеит. Иуникалтәыз иархив абылра инаҭаз ааха изхымгацкәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ахыркәшамҭаз, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәраан дҭахоит иара иԥазаҵә Адгәыр Инал-иԥа – аҵарауаҩ қәыԥш, афизик, Москватәи акосмостә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩ. Ари аныҟала ашьҭахь аби аҭаацәеи ирыԥсҭазаашьахаз ахаҿы аагара уадаҩуп. Шьалуа Денис-Иԥа иҷкәынзаҵә даниԥха ашьҭахь даҽа ҩышықәса роуп иниҵыз: иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәсазы.[5]

Аҵарауаҩ ду иаҳзынижьыз аҭҵаарадырратә ҭынха даараӡа амҽхак дууп: уи аҭҵааразы мацара аспециалистцәа ԥыҭҩык адыԥхьаланы акыр аџьабаа абара аҭаххоит. Иусумҭақәа интересуп аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, алитератураҭҵааҩцәеи рзыҳәан еиԥш, аԥсуаа ажәытәтәи рыбзазашьеи, рҟазшьақәеи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи инарҭбааны еилызкаарц зҭаху зегьы рзы.

1976 шықәсазы акьыԥхь абоит амонографиа «Аԥсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа». Ари аусумҭа Инал-иԥа аԥсуа жәлар ретногенез аганахьала иҭҵаарақәа акрызҵазкуа аихшьала рзыҟанаҵоит. «Иазгәаҭатәуп, – иҳәоит Анчабаӡе, – аетногенези аетникатә ҭоурыхи ургәылаланы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара усҟан лассы-лассы ашәарҭара зцыз акакәны ишыҟаз. Ажәларқәа рхылҵшьҭра, аетникатә теориақәа реизыҟазаашьа, аҭыԥантәи ауааԥсыра равтохтонтәреи, мамзаргьы џьарантә арахь рықәнагалареи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа, ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи иргәылсны аҭоурых ахь ухьазырԥшуаз, еснагь аполитикатә ҟазшьа ҵары шьҭырхуан, убри аҟнытә аидеологиатә, ахылаԥшратә усбарҭақәа еснагь рылаԥш ааихымсыхьӡакәа ирышьклаԥшуан». Ашәҟәы ианыз ақырҭқәа даара иргәамԥхеит, Шьалуа Инал-иԥа ҵарауаҩк иаҳасабала ҭаха ирымҭо иалагеит, днационалиступ ҳәа ахара идырҵон, «аԥсуааи ақырҭқәеи еичирчарц даҿуп» рҳәон.[6]

  1. 1,0 1,1 "Аԥсны аҟазара" (PDF). Архивтәра аоригиналзы (PDF) шықәсазы 2022-05-13 ахь. Ириашоу 2023-11-23 шықәсазы.
  2. https://www.youtube.com/watch?v=dxxUCuAU2_o&feature=emb_logo
  3. https://abaza.org/abk/apsua-ttsaaradyrra-akorifei-apatriot-du-shalua-inal-ipa
  4. http://abkhazia24.org/2015/segodnia-shalve-inal-ipa-ispolnilos-by-99-let/
  5. "ШАЛВА ДЕНИСОВИЧ ИНАЛ-ИПА" (PDF). Архивтәра аоригиналзы (PDF) шықәсазы 2020-07-27 ахь. Ириашоу 2023-11-23 шықәсазы.
  6. http://gazeta-ra.info/index-1.php?ELEMENT_ID=14140[permanent анеишьа амам азхьарԥш]

Ошибка Lua в Амодуль:Authority_control на строке 456: attempt to call local 'check' (a nil value).

  • Абхазский Институт гуманитарных исследований им. Гулия АН Абхазии, Ш.Д. Инал-ипа библиографический указатель.