Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Қьалышь-беи иԥсра ашьҭахь , Аԥсны аҳратәра аконтроль ҟаиҵон иҷкәын аиҳабы, Аслан-беи . Зегь Урустәылатәи адокументқәа рҟны, Аслан-беи иаб иԥсра дхаран ҳәа ианын.

Абри ҩыза ааҳәра Урыстәылатә аиҳабцәа иргәамԥхаӡит , зегь реиҳа Нина Дадиани , рашәарамза 8 , 1808 шықәсазы Урустәылатә император даалцҳаит: ҳаҩны Зугдиди <<ҳамаҳә Сафар-беи дцәырҵит >>(Иара иԥҳәыс Тамара Дадиани, Григори Дадиани лаҳәшьа ) Иара аҭоуба аиашазы аурысцәа риҭит . Насгьы аурысцәа диҳәеит , арра иҭахуп , Аслан-беи аҿаԥхьа ҳәа

1808 шықәсазы нанҳәамзазы , генерал Рыкгоф , Граф Гуд-иԥа идҵаҟны , Аҟәа-кале дақәлеит, бџьарла еибыҭоу агыруа , Нина Дадиани ларра насгьы ҩыџьа амаҳәцәа Манучар ( Мырзаҟан аҟынтә) насгьы Сефербеи Чачба. Аха Аслан-беи ацхыраара ииҭеит Кучук-беи Чачба, ( Иара Кучук-беи комендант Паҭ ҳәа дырԥхьаӡон) , 3-ӷбак иманы,.(Аргьы уа иҟан) . Анаԥа/Шәача аҟынтә иааит 300-шә ачарқьазцәа. Рыкгоф иаибашьратә иоперациа ибзианы инымҵәаӡеит ! Аҟәа-кале ирзымгеит ! Сефербеи гьы Агыртәыла акгьы имгаӡакәа дхынҳәит .

Аслан-беи ивторитет еиҳа идуухит . Иара ихы иаирхәон иажәлар рподдержка . Убри ада Аслан-беи Саӡтәи (Џьигеттәи) аԥҳәыс дызмоу Гечба аҳкәажә, ихы иаирхәон амраҭашәара рыуаажәларра Саӡтәыла, Адыгааи насгьы Аублааи.

Аха Урустәылеи Агыртәылеи рымчала, Сафар-беи аиҳабыра дгылт . Аԥсны аҳратәра Урустәыла раиҳабыра реилазаара ииасит .

Аха Аслан-беи зыхьӡу ҩынтә восстание иааиҵит. 1810 шықәсазы ишьақәыргылеит , аха абзиара дақәымшәеит , аурысцәа аиааира ргеит Аха 1824 шықәсазы Аслан-беи еиҭаҟаиҵеит , еиҭах восстание ишьақәыргылеит . Аурысцәа аколонистцәа аҿаԥхьа. Аӷа ир рыцҟеьит Аха уи ашьҭахь Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәит .

Аслан-беи Қьалышь-иԥа Чачба