Перейти к содержанию

Адиан, Леуан V

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Леуан V Адиан
ლევან V დადიანი
Гыртәыла аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1804 – лаҵарамза 111840 ш.
Аԥхьа иҟаз Гьыргәал Адиан
Аҭынха Дауҭ I Адиан


Аира 1793
Жәыргьыҭ, Гыртәыла аҳра
Аԥсра ԥхынгәымза 301846 ш.
Гыртәыла аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Мартвили
Аԥҳәыс 1) Нино Зураб-иԥҳа Ҵереҭели
2) Марҭа Зураб-иԥҳа Ҵереҭели
Ани аби Гьыргәал Адиан
Нино Багратионԥҳа
Аусура ар рԥыза

Леуан V Адиан (1793 ш. – ԥхынгәымза 301846 ш.) — Гыртәыла аҳ (мҭавари) (1804 инаркны), Урыстәылатәи амаҵзураҿ аинрал-леитенант.

Гыртәыла анапхгара зуаз аҳ Гьыргәал (Григол) Адиани (1788-1804) уи иԥшәмаԥҳәыси Қарҭли-Кахеҭтәи аҳ Гьаргь XII иԥҳа, аҳкәажә Нинаи.

Данхәыҷыз иаб шасс дишьҭит Аԥсны аҳ Қьалышь-беи Чачба иахь. Иаб данԥсы ашьҭахь, Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ақәырӷәӷәарала, Гыртәыла дҭырҵааит, насгьы иан лрегентра аҵаҟа мҭаварс ҳәа дыԥхьаӡан. 1804 ашықәс азы аамсҭацәа дрыцны Урыстәылатәи аимпериа изиашаны дшыҟоу аҭоуба ҟаиҵеит, иреиҳау амчра адыргақәеи, аинрал-маиор ичыни, Анна ԥшьа лорден, 1-тәи аҩаӡара змоу иоуит. 1808-1809 шықәсқәа рзы аурыс-ҭырқәа еибашьра далахәын, 1810 шықәсқәа рзы Ахалцихь иаҿагылаз акампаниаҿ. Дук мырҵыкәа, аимператор Алықьсандр I иҳәарала, ихьыԥ-шым напхгаҩыс дҟалеит. 1818 ашықәсазы Аԥсны дақәлеит, 1820 ашықәсазы Имереҭ аҿы ақәгылараан аурыс еибашьцәа ацхыраара ду риҭеит, уи азы аинрал-леитенант ичын ианашьан. Иахәҭоу аҵара ахьимоу азы, аҳ Леуан анапхгаратә усурахь ҳәа акгьы ааирԥшуамызт, аҳәынҭқарра анапх-гара иҭынха аҭауад Никәала Адиан (Диди Нико - «Нико Ду») инапы ианиҵеит. 1840 шықәсазы лаҵарамза 11 азы, иара иԥеиҳабы Дауҭ аҳра анап-хгара ииҭеит, уи атәыла аекономика ҭагылазаашьа бааԥсык иҭагылан.

Раԥхьатәи аибагараҿы аҳкәажә Нино Зураб-иԥҳа Ҵереҭели (?-1811) дигеит, аҩбатәны лаҳәшьа Марҭа Зураб-иԥҳа Ҵереҭели (1792-1839). Марҭа лҟынтә иит:

  • Дауҭ I Адиан (1812-1853), Гыртәыла аҳ (1840-1853), аинрал-маиор.
  • Адиан, Гьыргәал Леуан-иԥа (1814-1901), аҭауад, ашьаҟауаа ринрал, апоет, Колхидели ҳәа ԥсевдонимла иҩуан.
  • Адианԥҳа Нино Леуан-иԥҳа (1816-1886), аҳкәажә, 1836 инаркны - ԥҳәысс диман аинрал-маиор аҭауад Иуан Константин-иԥа Багратион-Мухрански.
  • Адиан, Константин Леуан-иԥа (1819-1889), аҭауад, аҽыуаҩтә еибашьцәа ргенерал.
  • Адианԥҳа Екатерина Леуан-иԥҳа (?—1839), аҳкәажә, ԥҳәысс диман аҭауад Дырмит Ҳасан-беи-иԥа Чачба.

Ахархәара змоу алитература

[аредакциазура | акод аредакциазура]