Ӡаԥшьиԥҳа, Дыда-ҳаным
| Дыда-ҳаным Ӡаԥшь-иԥҳа | |
|---|---|
| Мариам Ӡаԥшьԥҳа | |
| Аира |
? Ешыра, атәылаҿацә Аҟәа, Аԥсуа аҳра |
| Аԥсра | 1808 ҟалаанӡа |
| Амилаҭра | аԥсуа |
| Адин | аԥсылманра |
| Ахаҵа | Қьалышь-беи Чачба |
| Ахәыҷқәа | Аслан-беи Чачба |
| Амаҵура | Аҳкәажә (аҳ иԥҳәыс) |
Дыда-ҳаным ма Мариам Ӡаԥшь-иԥҳа – аҳ Қьалышь-беи раԥхьатәи иԥҳәыс[1].
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Дыда-ҳаным, иара убасгьы аҳкәажә Мариам Ӡаԥшь-иԥҳа диит Ешыра, аҭауад Ӡаԥшь-иԥа иҭаацәараҿы. 1778 шықәсазы ԥҳәысс дигоит Қалышь-беи[2]. Иара убри ашықәсаан Дыда аԥа длыхшеит, Аслан-беи ҳәы хьӡыс ирҭеит[1][2]. Лара ҩышықәса Қьалышь-беи иԥҳыс заҵә лакәын. Аха 1780 шықәсазы, Қьалышь-беи Мгәыӡырхәаҟа дандәықәла аҽны, диԥыхьашәеит ԥҳәызбак, Есма Леиԥҳа зыхьӡыз[2]. Аҩныҟа данааига ачара руит. Абри ашьҭахь ауп Дыдеи Қьалышьи рыгәқәа анеицәыхьшәашәа, ҳәарада реибагарагьы ргәаҳәақәа рыла иҟаҵамызт. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Дыдеи Қьалышь-беи еилыҵуеит[1]. Лхаҵкы Ешыраҟа дхынҳәоит. Ари ахҭыс ашьҭахь Ӡаԥшьаа Қьалышь-беии еӷацәахоит[2]. Дыда-ҳаным данԥыз еилкаам, аха аԥыхьатәи лхаҵа иаԥхьа дыԥсит[1].
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 2,3 Гәымба Михаил, Қьалышь-беи, Аҟәа, 2014.