Перейти к содержанию

Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Қьалышь-беи Чачба
Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба
Аҟәа (Гәыма) атәылаҿацә ахада
Амаҵураҭыԥ ахь:
1770 – 1780
Аԥхьа иҟаз атитул шьақәдырӷәӷәеит
Аҭынха Ҳасан-беи Чачба
Аԥсуа аҳра аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1780 – 1808
Аԥхьа иҟаз Зураб Чачба
Аҭынха Аслан-беи Чачба


Аира 1747 ш.
Лыхны, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра
Аԥсра лаҵарамза 2, 1808 ш.
Аҟәа-Қале, Аԥсуа аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Аҟәа
Аԥҳәыс Дыда-ҳаным Ӡаԥшьԥҳа
Есма-ҳаҭун Леиԥҳа (?-1783)
Рабиа-ҳаным Амаршьанԥҳа (?-1820)
Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа(?-1836)
Ани аби Манча Чачба Есма-ҳаным Аредԥҳа
Адин Аԥсылманра

Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба — ажәаатәи аҳ (1780-1808).

Диит Қьалышь-беи 1747 шықәсазы, Аҟәа ма Сҭампыл, аҳ Манчеи уи иԥшәмаԥҳәыси Есмеи-ҳаными рҭаацәараҿы. 1758 шықәсазы аҳ Манча иҭаацәареи, иашьцәеи Ҭырқәтәылаҟа иахыган, уа аԥсылманра рыдыркылеит. Ихәыҷра шықәсқәа раан асулҭан ихан аҟны дызҳауан, уа араԥ бызшәеи, ҭырқә бызшәеи иҵеит.

1778 ш. Қьалышь-беи Аԥсныҟа дхынҳәоит. Жәындрыԥшь ақыҭан Ӡаԥшьааи иареи аиқәшаҳаҭ-ра рнапаҵаркуеит. Уи ашьҭахь, иабшьа аҳ изыҳәарала, ԥҳәысс дааигоит аҳкәажә Дыда-ҳаным (Мариам) Ӡаԥшь-иԥҳа[1]. Иабшьа Зураб иаҳараан атәылаҿацә Аҟәа[2] дахагылан.   1780 шықәсазы иабшьа аҳ Зураб дықәигоит. Уи нахыс иара аҳ иакәхоит[1].  

Иара имчра аан Аԥсны еилаҳаны иҟан. Дал, Ҵабал, Мырзаҟан, Саӡны, Аԥсны иадҵеит. Қьалышь еиликаауан Аԥсны еидимкылыр, ишыӡо[1]. Далагоит Абжьыуатәи Аԥсны ала[3]. Абжьыуатәи Аԥсны дахагылан аҭауад Беқьыр-беи (Қьалышь-беи иуа). Беқьыр-беи Қьалышь-беи дидҵарц игәы иҭан. Қьалышь ари аниаҳа, ирр еидкыланы Абжьыуатәи агьежьырахьддәықәлоит. Ирр иаанкылоит Аҭара ақыҭан, Кәыдрытәи Абаа азааигәара[1]. Уи аамҭазы Беқьыр-беи уа даан[4]. Имчымхара иибоит, уи азы иқәшаҳаҭра иааирԥшуеит[3]. Аха Қьалышь-беи еиликаауан Беқьыр, ианакәызаалакгьы, иԥҳәыс, аҳкәажә Ачԥҳа, лаамсҭаашәара дшақәгәыӷуаз. Иӡбоит иԥҳәыс зынӡа димхны дигарц[1]. Беқьыр уи ашьҭахь инырра ицәыӡуеит. Аполитика аган ала, уажәшьҭа иаанхоит Саӡныи, Ҵабали Далеи. Ҵабал Аԥсны иадларц азыҳәан Қьалышь ԥҳәысс дааигоит ҵабалтәи анырра ду змоу аҭауад Кац Амаршьан иԥҳа-Рабиа-ҳаным[5]. Анаҩс аҳԥҳацәеи Селмагьына-ҳаными Гамедина-ҳаными ирҳәоит ҵабалтәи аҭауадацәа, Селмагьына ԥҳәысс дигоит Алы-беи Амаршьан, Гамедина ԥҳәысс дигоит Алы-беи иашьа, Мысоусҭ Амаршьан[5]. 1794 ш. Қьалышь Мырзаҟан дақәлоит. Агәы-Бедиа иигоит (усҟантәи аамҭақәа раан Мырзаҟан ахадацәа аҳҭынрас ирыман ақ. Агәы-Бедиа)[1].

Аԥсынтәылеи Урыстәылеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1802 ш. Агыртәыла аҟны иалагоит аҩныҵҟатәи аибашьра. Аҳцәа Манчеи Гьаргәалеи аҳра ауразы еибашьуан. Гьаргәал Қьалышь-бет диҳәоит ацхыраара иҭарц азы. Қьалышь-беи ари асаламшәҟәы аниоуа, 20.000 нызқьуаа арр еизганы Агыртәылахь ддәықәлоит. Жәыргьыҭ амацәаз иҭаикуеит, ашьҭахь Манча дхырцоит. Ари ацхыраара дууӡӡа азы, Гьаргәал Қьалышь-беи ашас дииҭоит иԥа Леуан (V), насгьы абаа Акреи[1]. Ари аамышьҭахь еидгылаҩцәахеит. 1803 ш. Агыртәыла Урыстәыла иадлоит. Уажәшьҭа Аԥсныи Урыстәылеи ҿыла еиԥылеит. 1804 шықәсазы Гьаргәал иԥсҭазаара далҵоит (аиаша уҳәозар, иԥҳәыс Нино ахәшә иҭаны дылшьит). Агыруа агәыргьан згоз Леуан Аԥсны дыҟан. Урыстәылатәи ахадара Қьалышь-беи иҳәон Леуан дирҭарц, Қьалышь-беи мап ацәиимкит, аха ицымхәрас иҭахын аурысцәа ирҭарц 1820 нызқь мааҭ[1]. Аурысцәа ари рҭахымхеит. Аԥсны иақәлеит, абаа Акра амацәаз иҭаркит, насгьы мырзаҟантәи ақыҭақәа Егры ааигәара иҟаз ирыблит[1]. Уи аамышьҭахь Қьалышь-беи, аурысцәа Леуан дриҭоит. 1804 шықәсазы Қьалышь-беи зықәранаӡахьоу иԥацәа еиуеиԥшым адгьылқәа рҟны анапхгаҩцәас иҟаиҵеит. Иԥа Аслан-беи ииҭеит амазара Мархьаул[6]; Сафар-беи Бзыԥтәи агьежьыраҟны анапхгаҩыс дҟалеит[7]. Қьалышь-беи Рабиеи-ҳаным рыҷкәын Меҳмед-беи Мырзаҟан аҟны анапхгаҩыс дҟаҵан, избан акәзар, аҭауад Леуан иқәрахь днеихьеит (~70 шықәса)[8]. Аха Леуан дгьылда даанымхеит, Ԥахәлан ақыҭа иҭан. Иԥа Ҳасан-беи (Рабиа-ҳаным лҟынтә) Гәымтәи Агьежьыраҟны ахадас дҟарҵеит, иашьцәа еиҵбацәа[9] дырхылаԥшлароуп ҳәа аԥҟарақәа рыла[8]. 1805 ашықәс азы ачымазара иахҟьаны, аҳиԥа Меҳмед-беи иԥсҭазаара далҵит, ҩыџьа аԥацәа ааныжьны[5]. Анапхгаҩыс закәанда дҟалоит Манча Салуман-иԥа Чачба[5]. Уи ашықәсаан, ԥхынгәы 9 рзы 1805 шықсазы Мырзаҟан Урыстәыла иадлоит. Мырзаҟантәи аамсҭашәара Урыстәылатәи аимператор аҭоуба ирҭоит. 1806 шықәсазы ԥхынгәы 25 аҽны, Қьалышь-беи ҭырқәтәи асулҭан дицәҟьаҵуеит. Ари азы асулҭан Селим III имшынтә ирр Аԥсны иӡхыҵуеит. Қьалышь-беи ари идырны, 25.000 нызқьҩык аруаа еидкыланы асулҭан ирр дазыԥшын. Асулҭан ирр ари зегьы ианырба ихынҳәит. Ари аамышьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра аиуеит. Аԥсны ихьыԥшымны иаанхоит аԥсҳа Қьалышь-беи иԥсра аанӡа[1].

Қьалышь-беи иқьашана. 1912 ш.

 Ауахаз лаҵарамза 2, 1808 шықәсазы Аҟәатәи Абаа аҩныҵҟа дыршьоит Қалышь-беи[5]. Иара иаамышьҭахь иҷкәын Аслан-беи аҳ дҟалоит. Қьалышь-беи дызшьыз аӡәгьы издырӡом. Аха иҟоуп имаҷкәам аверсиақәа. Актәи версиа ала аҳкәажә Нино Адиан-Багратиони лыуаа дыршьит, даҽа версиак ала (аурысцәа рверсиа) Аслан-беи иоуп ҳәа.[10] Қьалышь-беи дамадоуп Аҟәатәи абаа аҩныҵҟа[1].

Қьалышь-беи дыԥсылманын, аҳәса рацәа раагара азин иман. Иԥсы ҭанаҵы, аҳ ԥшьынтә ԥҳәысс аагара дцон. Раԥхьатәи иԥҳәыс, аҳкәажә Дыда-ҳаным Ӡаԥшь-иԥҳа[5] лакәын, уи дихылҵит аҭауад Аслан-беи. Қьалышь-беи лареи ашьҭахь еилыҵуеит. Аҩбатәи иԥҳәыс, 1780 шықәсазы, нхаҩы Есма-ҳаҭун лакәын. Аха дыҟан даҽа ԥҳәыск, Ачԥҳа зыжәлаз[1][11]. Иара убри ашықәсан длоуит аҭауад Сафар-беи. Лыҷкәын диижьҭеи хышықәса ааҵуаны дыԥсит. 1783 шықәсазы Қьалышь ԥҳәысс дигеит Ҵабалтәи аҭауад Кац Амаршьан иԥҳа, аҳкәажә Рабиа-ҳаным. Анаҩс ԥҳәысс дааигоит аҳкәажә Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа[5]. Иара убасгьы иман ауадалықь, хыԥхьаӡара рацәала аҳәсақәа зҭаз[1]. Иара убасгьы Қьалышь-беи ацәыбза диман, уи лҟынтә диит аԥа Ҳалыл-беи[5].

Ахьӡ Аира Ачара Аԥсра Ахәыҷқәа Дамадоуп
Дыда-ҳаным Ӡаԥшь-иԥҳа ? 1778 1808 ш-ӡа аҳиԥа Аслан-беи ?
Аҳкәажә Ачԥҳа ? 1780 ? ахшара лымаӡамызт ?
Есма-ҳаҭун Леиԥҳа ? 1780 1783 аҳиԥа Сафар-беи (Гьаргь) ?
Рабиа-ҳаным Амаршьанԥҳа ? 1783 1820 аҳиԥа Меҳмед-беи

аҳиԥа Ҳасан-беи

аҳиԥа Баҭал-беи

аҳиԥа Ҭаир-беи

аҳиԥа Росҭом-беи

аҳԥҳа Селма-ҳаным

Кәтол
Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа ? ? 1836 ш-ӡа аҳиԥа Сулеиман-беи

аҳиԥа Зеқьыр-беи

аҳԥҳа Нафҭаина-ҳаным

аҳԥҳа Селмагьына-ҳаным

аҳԥҳа Гамедина-ҳаным

аҳԥҳа Раби-ҳаным

аҳԥҳа Росҭа-ҳаным

аҳԥҳа Назифа-ҳаным

Ҭрабзан
  • аҳԥҳа Нафҭаина-ҳаным (?-1836-нӡа) - аҳԥҳа, Баҭымтәи абеи иԥҳәыс.
  • аҳԥҳа Селма-ҳаным - аҳԥҳа, лхәыҷраан дыԥсит.
  • аҳԥҳа Селмагьына-ҳаным - аҳԥҳа, аҭауад Алы-беи Амаршьан иԥҳәыс.
  • аҳԥҳа Гамедина-ҳаным - аҳԥҳа, аҭауад Мсоусҭ Амаршьан иԥҳәыс.
  • аҳԥҳа Раби-ҳаным-(?-1836-нӡа) - аҳԥҳа, Ҭрабзынтәи асерасқьыр иԥҳәыс.
  • аҳԥҳа Росҭа-ҳаным-(?- 02.05.1808) - аҳԥҳа, аӡы дагеит.
  • аҳԥҳа Назифа-ҳаным - аҳԥҳа, Ҳоџьа-оӷлы Гаџьы-беи иԥҳәыс.
  1. 1,00 1,01 1,02 1,03 1,04 1,05 1,06 1,07 1,08 1,09 1,10 1,11 1,12 Гәымба Михаил, Қьалышьбеи, Аҟәа, 2014.
  2. Абри атәылаҿацә Аҟәа, даҽакала иуҳәозар Гәыма ауп.
  3. 3,0 3,1 Кәакәасқьыр Ирина, Аԥсны аҭоурых (жәытәнатә аахыс иахьа уажәраанӡа), Аҟәа, 2010.
  4. Уа даан избан акәзар Кәыдрытәи абаа иара иаҳҭынрақәа ируакәын.
  5. 5,0 5,1 5,2 5,3 5,4 5,5 5,6 5,7 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  6. 1801 шықәсазы иашьеиҵбы Балхәыхә данԥсы ашьҭахь ари амазара Қьалышь-беи иахь иасит, анаҩс 1804 шықәсазы ари амазара иԥеиҳабы Аслан-беи ииҭоит.
  7. Гәымба Михаил, Сефербеи, Аҟәа, 2017.
  8. 8,0 8,1 Гәымба Михаил, Ҳасанбеи, Аҟәа, 2012.
  9. Росҭом-беи, Баҭал-беи, Ҭаир-беи.
  10. Аха Станислав Лакоба иусумҭаҿы "Асланбеи" хара шидым шьақәирӷәӷәеит.
  11. Абри аҳкәажә Ачԥҳа раԥхьа ԥҳәысс диман Беқьыр-беи Чачба, Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы. Анаҩс Беқьыр-беи димҵарсны Ачԥҳа ԥҳәысс дааигоит Қьалышь-беи.