Бедиатәи аберҭыԥ
Бедиатәи аберҭыԥ (ақырҭ. ბედიის მონასტერი) — Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа берҭыԥ. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, аберҭыԥ анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа[1].
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҭоурыхтә дыррақәа инрықәыршәаны, Бедиатәи акомплекс иргылан X ашәышықәса анҵәамҭазы, инақәыршәаны, 999 шықәсазы. Ауахәама иргылеит еидҵоу Қырҭтәыла раԥхьатәи аҳ Баграт III Багратиони, „аепископцәа ртәарҭа“ ҳасабала, акәша-мыкәша иҟаз ақыҭақәа рацәа ауахәама иеиҭеит, ауахәама „еиуеиԥшым аҩычагақәа“ рыла иҩычеит, аҵыхәтәаны, абра анышә дамардеит.
Бедиатәи аберҭыԥтә комплекст игылоуп 25 километр рыла Очамчыра иацәыхараны, Бедиа ақыҭа агәҭаны. Уи иԥ шӡаӡоу ақырҭуа архитектуратә баҟақәа иреиуп. Уажәазы акомплекс иалоуп Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу ауахәамеи, аепископцәа рпалатеи, асаркьалсырҭа хәҭаки.
Аберҭыԥ тә комплекс аргыламҭа хада – агәара агәҭаны игылоу, Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу Бедиатәи ауахәама ауп, уи аҟынтә мраҭашәарахьала иаанханы иҟоуп Бедиатәи амитрополитцәа рхан, аргыламҭа ҩ-еихагылак амоуп.
XIII-XIV ашәышықәсақәа рҳәааи XV-тәи ашәышықәсеи рзы ауахәама ирҿыцны еиҭашьақәдыргылеит. Асаркьалсырҭа XII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ргыламҭоуп, аепископцәа рпалата иргылан XV ашәышықәсазы, Бедиатәи амитрополит Антон Жуанисӡе ила. Ауахәама аинтериер аҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рҽыҭқәа хԥ а, урҭ X-XI-и, XIII-XIV-и, XVI-XVII-и ашәышықәсақәа ирыҵанакәеит.
Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа зҵакы дууз ауахәаматәи акультура-арккаратәи центрын.
Давид Аӷ машенебели, Қырҭтәылеи ақырҭуа уахәамеи ракзаара асимвол ҳасабала, Бедиатәи аепископ хада Свимеон Бедиа-Алавердтәи аҳаҭыртә ахьӡ ианашьаны, убри ала иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа-мрагыларатәи ақырҭуа-мраҭашәаратәи иӷ әӷ әаӡоу аныҳәарҭақәа ракзааара.
Аепископ хада Антон Жуанисӡе Бедиатәи аберҭыԥ тә комплекс аҿы аскрипториум аԥ иҵеит, уаҟа ажәытә напҩырақәа ирҿыцны еиҭашьақәдыргылон, адинҭҵааратә шәҟәқәа еиҭаргон, аскрипториум анапҩыра ҿыцқәа рыла ихадырҭәаауан. Бедиатәи аберҭыԥ аҿы анышә иамадоуп еиду Қырҭтәыла раԥ хьатәи аҳ Баграт III-тәии иара иан — аҳәынҭқарԥ ҳәыс Гурандухти.
Архитектура
[аредакциазура | акод аредакциазура]Иаанханы иҟоу аџьоуҳартә фрагментқәа инрықәыршәаны, аханатә уи X-XI ашәышықәсақәа рҳәааҿы иргылан. Уажәтәи аргыламҭа XIII-XIV шәышықәсақәа ирыҵанакәеит. Ауахәама апланла еиҵыху акәакьҭаиаша ауп, 3 ҩналарҭаки иҭшәоу агантәи анышьқәеи амоуп. Аҟәырӷ 2 гәашьаки аныҳәарҭа аҭӡамцқәа ркәакьқәеи ирықәгылоуп. Мрагыларатә фасад аҿы усҟак идуум ҩ-ҵыргак иҟоуп. Афасадқәа ибзианы ицәу ахаҳәқәа рыла иҩычоуп. Аҩнуҵҟа ицәагәлабны иҟаҵоуп, аханатә аҭӡамцқәа асахьақәа рыла рҩычара иазԥ хьагәаҭазшәа. Ауахәама аҭӡамцқәа рҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рфрагментқәа. Аладатәи аҭӡамц мрагыларатә хәҭаҿы даарԥ шуп ашьаҭаркҩы - Баграт III-и (ауахәама амодель икуп) Дадианиаа рыжәла ахаҭарнакцәеи, аҭыԥ антәи афеодал иҭаацәара ракәзар ҟалап. Асахьақәа еиуеиԥ шым ахронологиатә аамҭақәа ирыҵанакәеит — XIII-XIV ашәышықәсақәеи иаҳа икьасоу аепохеи (аҭҵааҩцәақәак ргәаанагарала, XI ашәышықәса иаҵанакәа аҽыҭгьы убарҭоуп), аберҭыԥ мраҭашәаратә ганахьала ахан ду гылоуп, аҩадатәи аҩналарҭа ашә аханы иҟоуп XIV ашәышықәса иаҵанакәа асаркьалсырҭа.
Бедиатәи адҩылақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- 1. Еилацалоу адҩылақәа:
- Свимеон Галатозтухуцеси изку адҩыла;
- Николоз акаталикоси Софрон Бедиатәи ирызку адҩыла;
- Константин аҳцәа раҳ изку адҩыла ;
- Антон Бедиатәи изку адҩыла.
- 2. Аҭыӡсахьақәа ирну адҩылақәа:
- Аҳ Баграт иҭыӡсахьа иану адҩыла афрагмент;
- Аамсҭа жәла ду рҭаацәара рҭыӡсахьа иану адҩыла афрагмент;
- Аҳәынҭқарԥ ҳәыс Марихи Гьаргь Дадиании ирызку адҩыла;
- Ацқьақәа рсахьақәа ирну адҩылақәа.
- 3. Агравиуратә адҩылақәа:
- Аԥ суаа раҳ Баграти аҳәынҭқарԥ ҳәыс Гурандухти ирызку адҩыла;
- Ацқьақәа рсахьақәа ирызку аилыркааратә адҩылақәа Бедиатәи ахьтәаҿа аҿы ;
- Германе Чхетиӡе изку адҩыла Бедиатәи ахьтәаҿа аҵаргәаҿы.
Бедиатәи аԥшьаҩыхадацәа рсиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Иоанн Бедиатәи, аепископ хада — 1065 ш.;
- Симеон Бедиа-Алавердтәи — 1125 шықәсанӡа;
- Николоз Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIII ашәышықәса II азбжа;
- Софрон Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIII-XIV ашәышықәсақәа рҳәаа;
- Миқаел Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIV ашәышықәса I аԥ шьбарак;
- Лазаре, аепископ хада — XIV ашәышықәса II азбжа;
- Гьаргь, аепископ хада — XIV ашәышықәса II азбжа;
- Мркози, аепископ хада — XIV-XV ашәышықәсақәа рҳәаа;
- Григол Бедиатәи — XV ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа;
- Мелқизедег Бедиатәи — XV ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа;
- Иоакиме Цаишьи-Бедиатәи — XV ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа;
- Антон Жуанисӡе, аепископ хадеи раԥ хьатәи амитрополити — XVI ашәышықәса 20-50-тәи ашықәсқәа;
- Кирил Жуанисӡе, амитрополит — XVI ашәшықәса 70-80-тәи ашықәсқәа;
- Евтихи Бедиатәи — 1639-1640 шықәсқәа;
- Никифоре Ирубақиӡе Бедиатәи — XVII ашәышықәса 40-50-тәи ашықәсқәа;
- Андриа Бедиатәи — 1664-1665 шықәсқәа;
- Габриел Чиқвани Ҷҟондидел-Цагери-Бедиатәи — XVII ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа;
- Германе Чхетиӡе, аепископ хадеи амитрополити — XVII ашәышықәса анҵәамҭа;
- Николоз Мхеиӡе, амитрополит — XVIII ашәышықәса I азбжа;
- Мақсиме Иашвили, амитрополит — XVIII ашәышықәса 50-60-тәи ашықәсқәа.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-30 шықәсазы.