Перейти к содержанию

Лыхны

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ақыҭа
Лыхны
Зуԥу, Соук-су
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны Аҳәынҭқарра
Акоординатқәа 43°8′25″ ҩ. ҭ., 40°36′56″ мг. н.
Актәи аҳәара 6-тәи ашәышықәса
Ацентр агдыра 50 м
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Асааҭтә зона UTC+3:00
Карта

Лыхны, ажәытәан Зуԥу ма Соуқ-су даҽабызшәала – Аԥсны иаау қыҭоуп, Аԥсуа аҳра аҳҭнықалақь (1462-1780 шықәсақәа рҟынӡа) иҟаз, аҳцәа Чачаа ртәарҭа. Иҟоуп Гәдоуҭа араионтә центр аҩада-мраҭашәарахь 5 км рыбжьара, адгьыл ҟьаҟьаҿы.

Лыхны Ақыҭа Ахадара административтә центр, уаанӡа Лыхны ақыҭсовет.

Лыхны ақыҭа ҭоурыхла 9 ҳабла аҵанакуеит:

  • Аџьымчыӷра
  • Аӡлагара
  • Аӡлагархәык
  • Алгыҭ
  • Лыхны Агәы (иагәҭаны иау Лыхны)
  • Бамбоура (Бамбора)
  • Мзахәа
  • Хьиацкәара
  • Ҳаԥшыра
Лыхнытәи ахан

Нхыҵла Лыхны Дәрыԥшь ақыҭа иадҳәалоуп, амрагыларахь – Ҟәланырхәа ақыҭа, алада – Гәдоуҭа ақалақь, мраҭашәарала Хыԥсҭа аӡиас иаваршәны ақыҭақәа Жәандрыԥшьи Хыԥсҭаи ирыдҳәалоуп.

Абжьаршәышықәсазы ара агенуезтәи аҭуџьарқәа рҭып иаан, Каво-Де-Буксо иахьӡан.

Лыхны аҭоурых 1500 шықәса ахыҵуеит. Бзыԥны аҭоурыхтә гәҭоуԥ. 1808 инаркны 1864 рҟынӡа уи Аԥсны аҳцәа официалла ртәарҭан, иаҳҭнықалақьын.

Лыхна иалкаау ҭыԥны иҟоуп ажәабатәи ашәышықәсазы ишьақәгылаз акомплекс (ахыжәжәарақәа), уи иаҵанакуеит Лыхнытәи ахан Аԥсҳацәа рыԥхынтәи аҳҭынра, насгьы аҳцәа Чачаа рыԥхынратә аҳҭынра. В.Стражев иҭҵаара “Ихыжәжәыроу Аԥсны” аҿы ишазгәеиҭо ала, 1866 шықәсазы, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә мчрақәа рыдҵала, Лыхнытәи ақәгылара ашьҭахь аҳҭынра рыблит. Иара убасгьы иҟоуп 10-11-тәи ашәышықәсақәа рзы иргылаз, аус зуо аџьар-ҟәырӷтә уахәама Нанҳәа илызку, иара убасгьы 14-тәи ашәышықәсақәа рзы иҭыхыз аҭыӡсахьала иҭәуп. Ауахәама аҩныҵҟа иҟоуп Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иадызҵаз аҳ Гьаргь II Чачба инышәынҭра.

Аҳабла Ашыцра асоветтә аамҭаразы ақыҭа иалҵит, иҿыҵу ақыҭ Хыԥсҭа иадҳәалеит иара.

Ақыҭа аҵыхәан 6-7-тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз ақьырсиантә ныҳәарҭа ахыжәжәарақәа ыҟоуп. Есышықәса жьҭаара мзазы ақыҭаҿы агәҭаны иҟоу Лыхнашҭатәи адәҳәыԥш дуаҿы аҽаҩра аҭагалара аныҳәа азгәарҭоит.

Молотов ихьӡ зху аколнхара

Асовет мчразы ақыҭаҿы аус ауан Гәдоуҭа араион Молотов ихьӡ зху аколнхара. Ари аколнхараҿы аус руан Асоциалисттә џьа Афырхацәа: абригадир Калистрат Константин-иԥа Сақаниа, Алықьса Ҳабыгә-иԥа Барзаниа, Самсон Ҳабыгә-иԥа Барзаниа, Қьаазым Осман-иԥа Бганба, Ҭемыр Согәым-иԥа Џьарсалиа, Арзамеҭ Саба-иԥа Чантуриа.

Ахархәара змоу алитература

[аредакциазура | акод аредакциазура]