Инал-иԥҳа, Афиза-ҳаным
Афиза-ҳаным Инал-иԥҳа | |
---|---|
Аира |
? Аԥсуа Аҳра |
Аԥсра |
1836 ашьҭахь Трапезунд, Османтәи аимпериа |
Адин | Аԥсылманра |
Ахаҵа | Қьалышь-беи |
Афизе-ҳаным — Қьалышь-беи Чачба аԥшьбатәи иԥшәмаԥҳәыс, ихәыҷқәа ран лоуп.[1]
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Афиза-ҳаным аҭауадцәа Инал-иԥа рҭаацәараҿы диит. Ԥҳәысс дигеит Аԥсҳа Қьалышь-беи . Аԥсуа ақаԥҭан - Нарчоу Инал-иԥа иҭынха лакәын. Уи лашьаԥҳа Тата Нарчоу-иԥҳа Инал-иԥа, Қьалышь-беи иԥа, аҭауад Ҳасан-беи иԥҳәыс лакәын.
Ахәыҷқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Шаҟаҩы ахшара илоуз цқьа еилкаам, иҟалап урҭ аҳкәажәцәа ракәзар: Раби, Гамедина, Селмагьына, Назифа, Росҭа, Нафҭаина. Аҳкәажәцәа ирҳәит анырра ду змаз ауаа. Нафҭаина-ҳанум Баҭымтәи абеи ԥҳәысс диман; Селмагьына-ҳаными Гамедина-ҳаными ҩыџьа аишьцәа аҭауадцәа ԥҳәысс иргеит: Алыбеии Мисоусҭеи Амаршьанаа; Назифа-ҳаным ԥҳәысс дигеит анырра ду змаз Ҳоџьа-оглу Ҳаџьи-беи; Раби-ҳаным ԥҳәысс дигеит Ҭрабзынтәи асерасқьыр Сулеиман-ԥашьа.
Афиза Сулеиман-беии Зеқьыр-беии ран лакәзар ҟаларын. Сулеиман-беи дҭахеит Аҟәатәи абааҿы, аинрал Рыкгоф излаиҳәоз ала, Зиықьыр-беи изкны иҳамоу аинформациа маҷуп. Аха Пол Гибал иажәабжь аҿы ҭауадк изкны иҳәоуп:
"Минуҭқәак рышьҭахь, Сафир-беи иашьа дааит, 12 шықәса зхыҵуаз аҭауад, ахысреи аҽықәтәареи аҟны зеиԥш иҟамыз."[2]
Аха ари Зеқьырбеи иакәу иакәым еилыкка иаҳзыҳәом.
Аԥсра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Афиза-ҳаным дыԥсит 1836 шықәса ашьҭахь, Трапезунд.[1]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
- ↑ Гәымба Михаил, Сафар-беи, Аҟәа, 2017.