Чачба, Меҳмед-беи
| Меҳмед-беи Чачба | |
|---|---|
| Мырзаҟан ахада | |
|
Амаҵураҭыԥ ахь: 1804 – 1805 | |
| Аԥхьа иҟаз | Леуан Чачба |
| Аҭынха | Манча Чачба |
|
| |
|
| |
| Аира |
1785 Лыхны, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра |
| Аԥсра |
1805 Мырзаҟан, Аԥсуа аҳра |
| Ани аби |
Рабиа-ҳаным Амаршьан |
| Ахәыҷқәа |
аҭауад Леуан аҭауад Зураб |
| Ауацәа | Прокофий Леванович Шервашидзе (аԥеиԥа/аԥҳалԥа) |
Меҳмед-беи Чачба — Қьалышь-беии иԥшәмаԥҳәыс Рабиа-ҳаным дырԥан[1].
Аԥсҭазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Меҳмед-беи диит Лыхны, мамзаргьы Аҟәа 1785 шықәсазы, иаб еицырдыруаз Қьалышь-беи иакәын[1]. Меҳмед-беи, ҳәарада, даара дыԥсыҽын, дычмазаҩын, ахьҭа ӷәӷәа иман[2]. Қьалышь-беи уи иӷәӷәоу аҳратә ҭынха иаҳасабла дибомызт, Ҳасан-беи (Мехмед-беи иашьа еиҵбы) еиҳа дизҿлымҳан[2]. 1804 шықәсазы Қьалышь-беи зықәранаӡахьоу иԥацәа еиуеиԥшым адгьылқәа рҟны мпыҵакҩыс иҟаиҵеит[3]. Меҳмед-беи Мырзаҟан аҟны анапхгаҩыс дҟаҵан, избан акәзар, аҭауад Леуан иқәрахь днеихьеит (~70 шықәса)[3][2]. Аха Леуан дгьылда даанымхеит, Ԥаҳәлан ақыҭа иҭан. Аха аԥхьан ишааҳәоз еиԥш, уи игәамч ԥсыҽын, дычмазаҩын, уи зегьы Мырзаҟан инапхгара ианыруан. Уи атәылаҿацәаҿ амчра имамызт. 1805 ашықәс азы аҭауад Меҳмед-беи иԥсҭазаара далҵоит[1]. Иара убри ашықәсан Мырзаҟан Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакхеит[3].
Аҭаацәазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]1800 шықәсазы аҭауад Меҳмед-беи аҭаацәара далалеит. 1801 ашықәс азы диит иԥа Леуан, ашьҭахь иԥа Зураб[1]. Урҭ раб иԥсра ашьҭахь адинастиа рхылаԥшра аҵаҟа иаан[3].