Перейти к содержанию

Чачба, Манча (Мырзаҟантәи)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Манча Мырзаҟантәи
Манча Чачба
Мырзаҟан анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
1805 – 1813
Аԥхьа иҟаз Меҳмед-беи Чачба
Аҭынха Леуан V Адиан


Аира ~1768
Бедиа, Мырзаҟан, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1813
Бедиа, Мырзаҟан
Аԥҳәыс аҳкәажә Татиа (Бежьан Абашьиӡе иԥҳа)
аҳкәажә Қьаҭауан (Гьыргәал Адиан иԥҳа)
Ани аби аҭауад Салуман Чачба
Ахәыҷқәа Алықьсандр, Дырмит, Така, аԥҳа

Манча Мырзаҟантәи – аԥсуа ҭауад, Мырзаҟан анапхгаҩы (1805-1813) шықәсқәа рзы. Аурыс маҵураҿы аполковник ичын инашьан[1].

Манча Чачба диит 1768 шықәсазы ақ. Бедиа, аҭауад Салуман Чачба иҭаҳцәаҿы. 1805 шықәсазы, анапхгаҩы Меҳмед данԥсы ашьҭахь, закәанда Мырзаҟан дахагылоит. Ԥхынгәы 9 аҽны Гыртәыла, ақыҭа Банӡаҿ, Манчеи мырзаҟантәи аамсҭареи рнапаҵырҩит аҭоуба, аурыс аҳәынҭқар иахь:

Ҳара, ҵҟа знапы аҵаҩҩы, аԥсуа ҭауадацәа, Мырзаҟан анапхгаҩцәа, ҳадгьылеи, ҳҭауадацәеи, ҳаамсҭацәеи ҳаманы ҳадлоит атәра Иара Иимператортә Иаҳаракыра, иабзиазура ала аурыс ҳәынҭқар иахь; Ҳқәоит амчра ду змоу Анцәеи иԥшьоу Аевангелие алеи шәзықәгәыӷуа атәқәа реиԥш ҳҟаларц наунагӡа Иара Иимператортә Иаҳаракыра иахь аҳәатәхамҵареи аԥсахреи ахаан аамԥшра, ма егьырҭ ахатәхамҵара аадырԥшыр, иаразнак ишәаҳҳәоит иахьцо; ус ианыҟаҳамҵа , хыхь ишану еиԥш, ҳашәиаат Анцәеи Аевангелие рыла, насгьы ҳаҭәеимшьаат Ибзиазура Аҳәынҭқар[1].

Нанҳәа 10 рзы аин. И.В.Гудович Манча Чачбеи Агыртәыла аҳкәажәду (Агыртә-Леҷхәымтәи рырдыԥхьала) лыруааи, иара убас аурыс архәҭақәа ҩ-ҟәырак азин риҭеит аҳиԥа Сафар-беи ацхыраара ирҭарц[2]. Аруаа Аҟәа-Қале амцәаз иҭаркеит, усҟан Аслан-беи ацхыраара ду изааит.

Ԥуҭтәи акомендант Қәычықә-беи Чачба (иабшьа-иԥа) х-ӷбак рыла ар иманы абаагәарахь днеит, «абзарбзанқәеи аџьаԥҳаныи змаз асқьарцәа ргәыԥ» ицны, 300-ҩык рҟынӡа азыхәцәеи дгьылла иааит[2]. Иара убас, аҭырқәа хәыцра змаз аԥсуа аамсҭара Аслан-беи идгылеит, урҭ дрылан иашьа гәакьа Ҳасан-беи. Абаа зынӡа дгьылла иузымиааиуа иҟалеит. Ари ашьҭахь аруаа рҽеидкыланы Гыртәылаҟа идәықәлеит, Манча иакәзар Бедиаҟа дхынҳәит.

1809 шықәса ааԥынразы аҭынчратә еиҿцәажәарақәа аанкылан, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аибашьра еиҭалагеит. Кавказ анҭыҵтәи Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ахылаԥшра азы зегь реиҳа ихадоу стратегиатә усны иҟан аҭырқәа флот аанкыларазы, Ԥуҭтәи абааш (Фаш-Қале) агара. 1809 шықәсазы аинрал-маиор Д.З. Орбелиани иӡбеит аԥсуа ҭауадцәа, иара Қәычықә-беи ихаҭагьы дналаҵаны, Редут-Қале ахь днарыԥхьарц, уи дақәшаҳаҭхарц азы агәыӷрақәа зынӡа ишмаҷызгьы[2].

Раԥхьаӡа Редут-Қале иаарыԥхьеит Манчеи, аҭауад Сослан-беи Чачбеи (Алықьсандр иашьа). Аҭауад Сослан-беи, аҳиԥа Сефер-беи дмаакәа иарбанзаалак азҵаарақәа рыӡбара мап ацәикит. Аҳиԥа данааи ашьҭахь ауп аиҿцәажәарақәа ианрылага, уа аԥсуа ҭауадцәа Қәычықә-беи аурысқәа рган дадгыларц азы аметодқәеи амҩақәеи рыԥшаауан. Ԥуҭ аус аӡбаразы ҷыдала агәыӷра ҟаҵаны аҭауад Сослан-беи аҭауад Арсҭаа дицны маӡала Қәычықә-беи ишҟа ддәықәырҵеит. Аҭауад Қәычықә-беи даархәарц азы иаҭахыз аҳамҭақәа ирызкны, аҭауад Орбелиани, акомендант аибашьратә ҟазшьа шимаз хшыҩзышьҭра азуны, ажәалагала ҟаиҵеит:

... ԥыҭк аҳәызбақәеи аҳәақәеи... зыхә цәгьоу амацәазқәеи амедалқәеи[2].

Агәҭакы ҟаҵан, аплан қәҿиарала ихыркәшахарц азы, зыхә цәгьоу аҳәақәеи руак аимператор ихьӡала Қәычықә-беи ирҭарц, «убри ала аҳамҭа аҵакы еиҳа иӷәӷәахарц азы», ​​иԥҳәыс лзы амацәазгьы. Аха Қәычықә-беи Ҭырқәтәыла имҭиит, мап икит. Дшаарымхәо дырны, аурысцәа ишьақәдыргылеит Ԥуҭ шырго аплан. 1809 шықәсазы нанҳәамза 13 аҽны, аҭауад Орбелиани, 12 ҟәыраки, 50-ҩык аказакцәеи, аибашьтә маҭәахәқәеи рыла злашьақәгылаз агәыԥ Ԥуҭ абаатә форштадт рнапаҿы иааганы, абаагәара ахаҭа амацәаз иҭаркит.

Асулҭан, Ԥуҭ ихьчарц азы, уахь ҩажәа нызқьҩык рыла ар ааишьҭит, асерасқьыр Шьрыф-ԥашьа напхгара зиҭоз. Белевтәи аҟәыра амчра зегьы Орбелиани ицхрааразы ицеит, иара убасгьы хатәгәаԥхарала иааз мырзаҟанаа ргәыԥ аҭауад Манча анапхгара рзиуан. Хымз рыҩныҵҟа Ԥуҭтәи абааш ақәлара активла иалахәын. Абаа зыхьчоз ӷәӷәала рҿагылара ашьҭахь, Қәычықә-беи абаа акомендант, 1809 шықәсазы абҵарамза 15 азы, мчыла акапитулиациа ирҟаҵаны, Ҭырқәтәылаҟа дцеит[2]. Уи иаанарԥшит Манча аимператор игәцаракра дшазыхиаз.

1810 ашықәс азы Гыртәыла аҳ Леуан Адиан игәаԥхарала Манча Мырзаҟан Амоурав ҳәа атитул ииҭеит[1].

Еицырдыруа ажәлар рҿапыцтә ҳәаамҭаҿы, уи амаҵуҩцәа рыҭираҿы аҭауадцәа ргәыԥ напхгара азҭоз уаҩык иаҳасабала дазгәаҭоуп[1]. Иара игәаԥхарала, аӡӷабцәа ԥшӡақәа лассы-лассы имҵарсны иигон. Ҽнак Манча аԥҳәызба ԥшӡак дибеит. Иара дымҵарсны дганы, ахьымӡӷ даиргеит. Аха ари аԥҳәызба Маџьели (Маџь) Кәарацхьелиа иԥҳәыс лакәны иааԥшит[1]. Аҭауад Бедиа даныҟаз, Маџьа ашьшьыҳәа диқәлан, дигьишьит. Иаразнак дырбаандыҩыртәит, аха мырзаҟантәи аӡбарҭа иаӡбеит дрымшьырц, иҭаацәа иманы Бзыԥныҟа дахыргарц. Иԥсра ашьҭахь иԥацәа рықәранамӡара иахҟьаны рабшьа, Гыртәыла аҳ Леуан V Адиан Мырзаҟан инапаҿы иааигоит[1][2].

Манча Чачба раԥхьа ԥҳәысс дааигеит аҳкәажә Татиа Бежьан-иԥҳа Абашьиӡе. Урҭ анеилыҵ ашьҭахь ԥҳәысс дааигоит агыруа аҳ Гьыргәал иԥҳа – Қьаҭауан. Қьаҭауан лҟынтә иит[1]:

Иара убасгьы:

  • Така (?-1866) – аамсҭа.
  • Идырым иԥҳа – аамсҭаԥҳәыс.

Абарҭ рыҩџьыгьы ран дазусҭо еилкаам, аха иаҳҳәар ҳалшоит ран аамсҭашәаратә шьа шлыламыз[1].

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 1,6 1,7 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007.
  2. 2,0 2,1 2,2 2,3 2,4 2,5 Гәынба Михаил, Сефербеи, Аҟәа: АБИГИ, 2017.