Чачба, Леуан (Мырзаҟантәи)
Леуан Чачба | |
---|---|
Мырзаҟан ахада | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1757 – 1804 | |
Аԥхьа иҟаз | Хәҭын Чачба |
Аҭынха | Меҳмед-беи |
| |
| |
Аира |
? Бедиа |
Аԥсра |
1814 Ԥаҳәлан |
Аԥсыжра аҭыԥ | Ԥаҳәлан |
Аԥҳәыс | Мариам (Мариа) Инал-иԥа |
Ани аби | Хәҭын Чачба |
Леуан Чачба — Мырзаҟан анапхгаҩы (1757-1804).[1]
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Леуан диит Аҭауад Хәҭын Чачба иҭаацәараҿы. Иаб данԥсы ашьҭахь (1757) Мырзаҟан анапхгара азиуа далагеит. Еицырдыруаз Қьалышь-беи идгылаҩ иакәын. Зныкымкәа Агыртәыла ақәылара иалахәын, Зураб Чачба (Қьалышь-беи иабшьа) итәарҭа имхра рҽазыршәуан. Зураб ихаан Аҟәа-Қале аԥашьа имаҵура дахадыргылеит Леуан, аха Мырзаҟангьы аҳра иуан. 1770 азы Урыстәыла шаҟа иӷәӷәаз ибеит, насгьы Урыстәылатәи ахадареи иареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥырго иалагеит. 1771 шықәсазы Зураб дицны Аҟәа-Қале дақәлеит, аха хәык ала аҭырқәцәа иҽрыҭины Аҟәа-Қале рнапы ианиҵеит[2]. Уи ашьҭахь Ԥуҭ иҟаз аурыс гарнизон ахь ддәықәлеит. Аурыс-ҭырқәтә еибашьра ашьҭахь аиҿцәажәарақәа аанкылан. 1780 шықәсазы Қьалышь-беи дицхраауеит Зураб иқәгара, насгьы Мырзаҟан анапхгаҩыс даанхоит, аха акомендант имаҵура ицәыӡит. 1804 шықәсазы Леуан имч ԥсыҽуа иалагеит, уи адагьы, иқәрахь днеихьан[2]. Насгьы адгьылқәа зԥацәа ирызшаз Қьалышь-беи иӡбеит Мырзаҟан анапхгаразы иҷкәын Меҳмед-беи ииҭарц. Леуангьы атәанчарахь дцеит, ус ҳҳәар ҳалшоит. Қьалышь-беи Леуан дгьылда даанимыжьит, зны Леуан ихаҭа иигаз, Ԥахәлан ақыҭа ииҭеит[1]. 1805 шықәса ԥхынгәа 9 рзы, Леуан Урыстәылатәи Аҳәынҭқар иҿаԥхьа ҭоуба шьҭеиҵоит[2].
Аҭаацәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Леуан ԥҳәысс дигеит аҳкәажә Мариам (Мариа) Инал-иԥҳа. Аҭаацәараҿ иит:[1]
- Хәҭын (Ута) – адиуанбеи, Ԥсҳәы аӡбарҭа аиҳабы (1780-1847).
- Манча - (1796 - 22.03.1863).
- Зураб - (1798 - 05.16.1861).
- Кац – аподпоручик (1803-19.03.1863).
- Нарчоу – (1805 - 1879/1884).
Аԥсра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Леуан 1814 шықәсазы, Ԥаҳәлан иқыҭан дыԥсит, убраҟа анышә дамардеит[1]. Аха уажәазы инышәынҭра иӡит.
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 1,3 Чиковани Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 Гәымба Михаил, Қьалышь-беи, Аҟәа, 2014.