Адианԥҳа, Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа
Алықьсандра Адианԥҳа | |
---|---|
Алықьсандра Чачԥҳа | |
Аира |
1822 Жәыргьыҭ, Гыртәыла |
Аԥсра |
1864 Қәҭешьтәи агуберниа, Урыстәылатәи аимпериа |
Аԥсыжра аҭыԥ | Мықәтәи ауахәама |
Адин | ақьырсианра |
Ахаҵа | Михаил Гьаргь-иԥа Чачба |
Аҳкәажә Алықьсандра Адианԥҳа (аур. Александра Дадиани, ақырҭ. ალექსანდრა დადიანი; 1822 ш. Жәыргьыҭ – 1864 ш. Қәҭешьтәи агуберниа) — Аԥсҳа Михаил Чачба иԥҳәыс. Аԥшьа Екатерина Аџьар Хәыҷы лорден змоу акавалерԥҳәыс.
Лқәыԥшра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҳкәажә Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа диит аҭауад Гьаргь Никәала-иԥа Адиани иԥшәмаԥҳәыс Варвареи Дадешкелиани рҭаацәараҿы. Уи лыԥҳа, Варвара Михаил-иԥҳа, лгәалашәарақәарҿы «Аимперԥҳәыс лыфроилаинԥҳәыс лгәалашәарақәа» иазгәалҭеит Алықьсандра аҭаацәараҿы ҩажәиԥшьҩык ахәыҷқәа рҟынтә дшылҵыз. Аҳкәажә лаб иганахьала лабду Диди Нико ("Нико Ду") – аҭауад Никәала Адиан, ԥыҭрак ашьҭахь иҭынха Леван V Дадиани иҭыԥан Агыртәылатәи аҳра напхгара азиуан.
Лмамида Кьасариа Чачба лыҩнаҟны, аҳкәажә қәыԥш Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа диԥылеит Аԥсҳа Михаил Чачба, уи аҭыԥҳа лаҵкыс жәаф шықәса раҟара деиҳабын. Аҭауад ихатә ԥсҭазаара акыр иуадаҩын. 1829 шықәсазы ԥҳәысс дааигеит Акаиа-саӡтәи аҭауад иԥҳа, Михаил иан Ҭамара лхылаԥшраҿы иааӡаз. Аҳкәажә лгәаԥхарала ирыбжьарҵаз аҭаацәалазаара 1831 шықәсазы, аилыҵрала ихыркәшахеит, нас-гьы уи Ҭамара Кац-иԥҳа лгәнаҳақәа рыгәра згоз инаигӡеит, адунеитәи ауахәаматәи амчрақәа рахь дмыццакӡакәа. Акаиа ачара ҟалаанӡа аиашахаҵара зыдкыланы иааз, лҭаацәа рахь ддәықәырҵеит. 1831 шықәсазы аҳ ԥҳәысс дааигеит иан лҭынха, аҳкәажә Мариам (Мариа, Меника) Никәала-иԥҳа Церетели, зыӡӷабжәлаз Адиан. Ари аҭаацәалазаара ҟалеит лаб иҩнаҟны, Аҳәынҭқар Михаил иныҟәа-рақәа раан, аха ахԥатәи амш аҽны иԥҳәыс даанижьит, ишиҳәоз ала “рҟазшьақәеи ргәазыҳәарақәеи рыла зынӡа ишеиԥшым” ҳәа.
Аибагара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ус шакәызгьы, 1836 шықәса ажырныҳәамза 18 азы, Кәыдры ақыҭан, аҳәынҭқар Михаили аҳкәажә Алықьсандреи рчара мҩаԥысит, уи иҩбатәи иԥҳәыс еилыҵаанӡа имҩаԥысит, насгьы ацәгьара ҟана-ҵеит: Абарон Г. В. Розен уи «закәанла иҟам» – ҳәа иҳәон. Анаҩс Ауахәама аиҳабыра аҳәанҭқар аканонқәа еилеигеит ҳәа ахара идырҵеит, аха уи иахҟьаны, аҩбатәи аҭаацәалазаара, уигьы аԥҟарақәа еилаганы иҟалеит (ачара мҩаԥысит ачгара аан актәи аҭаацәалазаара еиламгакәа), уи иаԥырххеит, насгьы Алықьсандреи иареи рҭаацәалазаара закәануп ҳәа иԥхьаӡан. Аҳәынҭқарра аҭауад иеилыҵра иақәшаҳаҭхеит, аҳәынҭқар иоуз азоужьтә ԥарақәа рыбжак Мариам Никәала-иԥҳа илыҭаны. Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа лҭаацәалазаара насыԥ амамызт. А. А. Колиубакина лгәалашәарақәа рыла, аҳкәажә дгәырҩон:
«Схаҵа ҳәынҭқар дууп, дҳаракуп, дбеиоуп, аха сара сыԥсҭазаара лахьеиқәҵагоуп; Сара уи зынӡаск дызбаӡом, еснагь деилахоуп, мамзаргьы дшәарыцоит; схәыҷқәа, атәылаҿацә аҟны иҟоу аҵасла, ианиз иаразнак исымхны атәымуаа ирырҭоит, ргәыҳәԥы рҿаҵаразы».
Абасала, ҿыц ииз аҷкәын Гьаргь Абжьутәи Аԥсныҟа ддәықәырҵеит, уаҟа аҭауад Алы-беи Чачба иԥҳәыс, аҳкәажә Кьасариа Адиан лгәыҳәԥы днадылкылеит, убри ала Чачаа рыҩмахәҭак рыбжьара иҟаз аиӷара аҵыхәтәа ԥнаҵәеит. Лыԥҳа еиҵбы Варвара, аҳкәажә Ачба лҭаацәарахь дрышьҭит, уи лыҷкәынцәа Аԥсны иҟалаз ақәгыларақәа ирылахәын. Лара илгәалашәарақәа рыла, ахәыҷқәа зегьы ранацәа ахш здызкылоз рҭаацәарақәа рҿы ирызҳаит, лыԥҳа еиҳабы Ҭамара раԥхьаӡа акәны данылба 21 шықәса анылхыҵуаз ауп.
Аполитика
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҳкәажә Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа аполитика дазҿлымҳан, иаартыҵәҟьаны Урыстәыла иадгылоз апозициа аанылкылон. 1841 шықәсазы жәабранмза 19 азы, Алықьсандра Аԥшьа Екатерина Аџьар Хәыҷы лорден ланашьан. 1853 шықәсазы абҵарамза 7 азы, «афрегат Флора ҭырқәтә х-фықь-ӷбақәа рыла аибашьраан», «Бзыԥтәи агьежьыра аҿы инхоз ауаа иаразнак еизеит, лаҳаракыра аҳкәажә Алықьсандра лыдҵала». Аҳкәажә даара динхаҵарала дыҟан. Лара иҟалҵаз аҳәарала, Мықә ақыҭан ажәытәӡатәи ауахәама еиҭашьақәыргылан, уи ашьҭахь уа анышә дамардеит. Алықьсандра Гьаргь-иԥҳа лнапаҵаҟа иҟаз ауаа рыбжьара аҳаҭыр ду лыман. Аинрал М. Ко
цебуа иазгәеиҭеит:
«Лара аԥсуаа ҳәаа змам рыбзиабара лыман, уаанӡа еиҳарак Лыхны дынхон, лхаҵа даныҟамыз аамҭазы Бзыԥтәи агьежьыра анапхгара азылуан, еснагь убасҟак ҟазарала напхгара ҟалҵон, ауааԥсыра лнапхгара еиҳа еиӷьыршьон, аҳәынҭқар инапхгара аасҭа».
Аҳкәажә Алықьандра Гьаргь-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 1864 ашықәс азы, аимҳәаду лыхьны.
«Аӡәгьы, мамзаргьы акгьы иҟны агәырҭынчра лызгәамҭо, ԥхьаҟа еиӷьу акы лзымхәыцӡакәа, ихазыноу Аҳкәажә Алықьсандра, мам-заргьы, араҟа ишырҳәоз ала, “Цуцу”, агәаӷреи агәаҟреи лзымчҳа-кәа, лқәыԥшраан лыԥсҭазаара далҵит. Сара лыԥсра иазку аинформациа сыздыруам; Сара издыруа, Агыртәылаҿ, лаб иҩнаҟны дышԥсыз, уи мызқәак раԥхьа, ҳәынҭқар Михаил дицны атәым-тәыла аӡқәа рахь дышцаз заҵәык ауп; аха уи лхәышәтәра мацара акәымкәа, уи аҭыԥан, лыԥсра арццакит».
Аҭаацәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Михаилеи Алықьсандреи рҭаацәараҿ иит:
- Ҭамар Михаил-иԥҳа (1840-1925) - раԥхьатәи лҭаацәалазаараҿы, аҭауад Никәала Елызбар-иԥа Адиан иԥҳәыс (1827-1879); аҩбатәи аҿы, 1882 шықәса ԥхынгәы 4 инаркны, аҭауад Ноа (Кац) Иуа-иԥа Ԥагаа (1857-?).
- Анна Михаил-иԥҳа (1842-1853).
- Никәала Михаил-иԥа (1844—?).
- Гьаргь Михаил-иԥа (17.09.1846-19.11.1918) – Аҭауад лаша; 1873 шықәсазы Елена (Ело) Ераст-иԥҳа Андриевскаиа (1846-1913) дицын.
- Елена Михаил-иԥҳа (1848-1863).
- Нино Михаил-иԥҳа (1850-1868) – аимҳәаду иахҟьаны дыԥсит.
- Михаил (Арзаҟан) Михаил-иԥа (14.05.1854-10.01.1900).
- Варвара Михаил-иԥҳа (04.08.1859-1946) –афролианԥҳәыс; актәи аҭаацәалазаараҿы, 1889 шықәса инаркны абҵара 5, 1897 шықәса аҟынӡа, аҭауад Никәала Никәала-иԥа Цулукиӡе (1868—?) иԥҳәыс, аҩбатәи аҭаацәалазаараҿы, 1907 шықәса рашәарамза 3 инаркны, абарон Алықьсандр Фелиқс-иԥа Меиендорф (1869—1964).
Агалереиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]-
Афото арӷьарахьтәи акәакь аҿы иарбоуп аҭауад лаша Гьаргь, аҭауадԥҳа Ҭамар Михаил-иԥҳа, урҭ рашьа еиҵбы Михаил (Арзаҟан) Михаил-иԥа, урҭ рывараҿы дгылоуп аҭауадԥҳа лхаҵа Никәала Адиан.
-
Алықьсандра лыԥҳа - Нино Чачԥҳа
-
Алықьсандра лԥа - аҭауад лаша Гьаргь.
-
Алықьсандра лыԥҳа - Варвара(Бабо) Чачба. ) «Аимперԥҳәыс лыфролианԥҳәыс лгәалашәарақәа» -иавтору.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра., Қарҭ: Универсал, 2007.
- Калиубакина Алықьсандра, Агәалашәарақәа..