Перейти к содержанию

Чачба, Ҟәаԥ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ҟәаԥ, иара убасгьы Кәаԥ, Қәаԥ ― Мырзаҟан раԥхьатәи анапхгаҩы (1680-1704), аԥсуа аҳиԥа[1].

Ҟәаԥ Мырзаҟантәи
Кәаԥ, Қәаԥ
Мырзаҟан анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
1700 – 1704
Ацаҳ Қьарқьым Чачба
Аԥхьа иҟаз Атәылаҿацә шьақәдыргылеит
Аҭынха Мырзаҟан Чачба


Аԥсра 1704
Ани аби Зегнаҟ Чачба
Ахәыҷқәа Мырзаҟан, Аҭандел

Ҟәаԥ Чачба диит аҳ Зегнаҟ Чачба иҭаацәараҿы[1]. 1700 шықәсазы, иаб аҳ Зегнаҟ данԥсы ашьҭахь, уи иашьцәа Дгьашьеи, Росҭоми, Кьарқьыми иара ихаҭеи Аԥсуа аҳра хԥаны еиҩыршеит. Дгьешьа ҭынхас иоуит ӡӡ. Кәыдрыи Аалӡгеи рыбжьара иҟаз иҵакырадгьыл (Абжьыуа). Ҟәаԥи Қьақьыми – ӡӡ. Алӡгаи Егрыи рыбжьара иҟоу аҵакырадгьыл. Аҵыхәан Зегнаҟ иԥеиҳабы Росҭом, атитул Аҳ згаз, ҭынхас иаанижьит ӡӡ. Бзыԥи Кәыдрыи рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл, уи Бзыԥны ахаҭа.

Ҟәаԥ иоуз адгьыл иҟалаз ауадаҩрақәеи, арыҵҳарақәеи ирыхҟьаны акыр иҭацәын, уи азы Бзыԥны инхоз аҭауадшьҭрақәеи аамсҭатә жәлақәеи уахь инирхеит, урҭ иреин: Ачба, Аимхаа, Инал-иԥа, Амаан, Ажәанба, Лакрба, Ақырҭаа[1]. Ҟәаԥ идырым аԥҳәыс лҟынтә иит ҩыџьа аԥацәа:[1]

  • Мырзаҟан - аҭауад, ԥхьаҟатәи Мырзаҟан анапхгаҩы.
  • Аҭандел - аҭауад.Иара абри Ҟәаԥ анапхгара зиҭо адгьыл иԥа Мырзаҟан ихьӡ ахуп.

XVII ашәышықәса анҵәамҭеи XVIII ашәышықәса алагамҭеи рзы Ҟәаԥ атәцәа рыхәаахәҭҩы хаданы дыԥхьаӡан, урҭ роурц азы аԥсуа қыҭақәа дрықәлон. Аԥсуа акалҭакосцәа рынхацәагьы мчыла итҟәаны иҭиуан. Акалҭакос Дауҭ зныкымкәа ари ацәгьоуратә ус даҟәыҵырц диҳәеит. Акалҭакос Дауҭ иахь иҩҩын ашәҟәы, Ҟәаԥ ихьӡалагьы, иашьа Қьарқьыми ихьӡалагьы ҭоуба ҟаиҵоит, иаԥхьаҟа ауаа тәыс ишимҭиуа[1]. Ҟәаԥ акыраамҭа Егры армарахьтәи аԥшаҳәа иигарц иҽазишәон. Аха Агыртәыла аҳ, Гьаргь Липартелиан, Имереҭ аҳ Гьаргь Абашьиӡе ицҳыраарала, аԥсуа афеодалцәа дырҿагылеит.

1704 шықәсазы анапхгаҩы Ҟәаԥ иԥсҭазаара далҵоит, анапхгаҩыс дҟалоит иԥа Мырзаҟан Чачба[1].

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007. — ад. 12, 38.