Перейти к содержанию

Чачба, Ҟара-беи

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ҟара-беи Чачба
Аԥсуа аҳра аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1580 – 1600
Аԥхьа иҟаз Баслакәа I
Аҭынха Аԥсны ҩбаны еишоит
Аҩадатәи Аԥсны аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1600 – 1630
Аҭынха Салуман II,
Баслакәа II,
Саҭеман I


Аира ?
Аԥсуа Аҳра
Аԥсра 1630
Аԥсуа Аҳра
Ани аби Баслакәа I

Ҟара-беи Чачба – Аҩадатәи Аԥсны аҳ, Иуана Лукка ишиҳәоз ала.[1]

Ҟара-беи Чачба аҳ Баслакәа I диԥан. 1580 шықәсазы иаб иԥсра ашьҭахь Аԥсуа аҳра дахагылоит. Еилкаам амзызқәа ирыхҟьаны Аԥсны еиҟәшеит Аҩадатәи Аԥсни Аладатәи Аԥсни ҳәа. Аԥсылман динхаҵара здызкылаз аҳ Ҟара-беи, иаб иԥсра ашьҭахь(1580) Аҩадатәи Аԥсны дахагылеит. 1600 шықәсазы Аҩадатәи Аԥсны дахагылеит ақьырсиан ӷәӷәа, Ҟара-беи иашьеиҵбы – аҳ Ԥуҭу[1]. Ҟара-беи иаҳраура иазку адырра маҷуп.

1613 шықәсазы имоҭа, аҳԥҳа Ҭанури (иашьа имоҭа) ԥҳәысс дигоит агыруа аҳ Адиан. Ашьҭахь Адиан аԥсуа аҳԥҳа дишьоит, Аԥсынтәылагьы дақәлоит. Иашьеи иареи еидгыланы ҩышықәса еибашьуан. Аха 1630 шықәсазы абрагь, аҳ Ԥуҭу дыԥсоит. Иара хара имгакәа ари ашықәс азы Ҟара-беи ихаҭа иԥсҭазаара далҵоит. Адиан Кәыдры аҟынӡа аԥсуа дгьыл импыҵахалоит. Иара убри 1630 шықәсазы Аԥсуа аҳра иазаанхаз адгьылқәа еидкыланы, иахагылоит Ԥуҭу иԥацәа: Салумани II, Саҭемани, Баслакәаи II[1].

  1. 1,0 1,1 1,2 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рхылҵшьҭра, ҚАРҬ: Ауниверсал, 2007.