Чачба, Аргәынаи
Аргәынаи | |
---|---|
Аԥсны аҳмада (аерисҭау) | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1414 – 1444/1459 | |
Аԥхьа иҟаз | ? |
Аҭынха | Рабиа |
| |
| |
Ахәыҷқәа | Рабиа |
Аргәынаи Чачба – Аԥсны аерисҭау, ԥсышәала иуҳәозар Аԥсны аҳмада (1412-1444/1459). Гьаргь VIII ихьыԥшы.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аргәынаи аҳмадара далагеит, Аԥсны азыҳәан ибааԥсу аамҭан. Иабдуцәа Сабедианцәа рҟынтәи ахьыԥшымра роурц азы еибашьуан. Ишнеи шнеиуаз аидысларақәа аибашьрақәа рахь ииасит. Убри аҟнытә 1414 ашықәс азы Аргәынаи иаҳмадараан (иерисҭаураан), Одышьтәи аҳ Мамиа II ар ду еизганы Аԥсуа аҳмадара дақәлеит. Амала, аԥсуа ир маҷ агырцәа рыр аҵадырхеит, аҳ Мамиа дҭахеит. Уи атәы анеиликаа, ақырҭуа аҳ Алықьсандр I агырцәа ацхыраара ирзааишьҭит. Еидгылаз ақырҭуа-гыруа ар Аԥсныҟа рхы ндырхеит. Аҳмадара дырбгеит, ирыблит, ари аҭагылазаашьа баны, аҳмада Аргәынаи иқәшаҳаҭра ааирԥшырц акәхеит. 1414 шықәсазы де факто ала Аԥсны Сабедиано иадҵеит. Ииҭынхаз иԥа Рабиа илшеит Аԥсны ихьыԥшым аҳра ашьақәгылара.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауневирсал, 2007.