Пицундатәи ауахәама
Пицундатәи ауахәама (ақырҭ. ბიჭვინთის ტაძარი) — Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа, Анцәадзыхшаз лыхьӡала Пицунда иҟоу акафедралтә уахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан[1].
Пицундатәи ауахәама, Аԥсны атерриториаҿы иҟоу егьырҭ абаҟақәа реиԥшҵәҟьа, ақырҭуа архитектура аҿиара еилымшәо иалахәып, аха, Қырҭтәыла егьырҭ абаҟақәа иреиԥшымкәа, византиатәи абаҟақәа рыԥшра амоуп. Ҭеимураз Батонишвили иҳәамҭала, Пицундатәи ауахәама аҭыԥан игылан ивериелаа рныҳәарҭа хада — Боча ауахәама.
„...Ибераа зегьы ажәытәӡатә раҳ Боча имҵаныҳәон, иара иныхабаа абеиарала иҩычаз Хахьтәи Колхидеи Аԥснытәи Пицундеи рҳәааҿы игылан (ақьырсиантә дин аан уахәамас иҟалеит)“
Абаҟа ахцәажәара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Пицундатәи ауахәама еиҵыху аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп, мраҭашәарахьала анартекс амоуп, мрагыларахьала - апсидқәа хԥа. Нартекс Қырҭтәыла шамахамзар иуԥылом, аха апсидқәа иҟазшьарбагоуп заатәи аамҭа иаҵанакәа ақырҭуа уахәамақәа рзы, еиҳа ихьшәаны, мраҭашәаратә Қырҭтәылазы, лымкаала, Амшын Еиқәа агаҿы иҟаз ауахәамақәа рзы (аха, мрагыларатә Қырҭтәылагьы џьара-џьара иуԥылоит). Аҟәарҷ аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ашьаҟақәеи ирықәуп. Пицундатәи ауахәама иргылоуп инеимда - ааимданы еиқәҵоу иаалоу акьырмыт ҟьаҟьеи ахаҳәи рыла. Аҭӡамцқәа хыхьтәи рыхәҭеи, абарабани, уи иақәу аҟәарҷи ишеибгоу акьырмыт иалхуп. Ауахәама аҩнуҵҟала асахьақәа рыла иҩычан, аха XIX ашәышықәса II азбжазы ишьыхны, ашәыга шкәакәала ишәны, ажәытә сахьақәа иқәхны, аханатә сахьала ирҩычит. Нартекс алада-мраҭашәаратә кәакьаҿы адамра иҟоуп, уи аҭӡамцқәа ирну асахьақәа XVI ашәышықәса II азбжа иаҵанакәеит. 1966 шықәсазы ауахәама аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Аусурақәа раан ауахәама аинтериер аҿы аарԥшын ажәытә сахьақәа рфрагментқәа, урҭ адамра аҭӡамцқәа ирну асахьақәа рхаантәи аамҭа иаҵанакәеит. Ауахәама акәша-мыкәша игылоуп еиуеиԥшым аргыламҭақәа, ауахәама хәыҷқәа, аныҳәарҭақәа, аберҭыԥ анхарҭа, анхамҩатә ргыламҭақәа. Аберҭыԥ ԥасатәи ахыбра I аихагылаҿ еиҿкаауп Пицундатәи амузеи. Пицундатәи ауахәамаҿы анцәаимаҵзура мҩаԥысуа м, уи аконцерттә зал ҳасабала рхы иадырхәоит.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ენციკლოპედია „საქართველო“, ტ. 1, თბ., 1997. — გვ. 447-448.
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-07-01 ахь. Ириашоу 2020-12-30 шықәсазы.