Перейти к содержанию

Ҭарԥҳа, Нелли Золотинск-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Нелли Золотинск-иԥҳа Ҭарԥҳа
Нелли Золотинсковна Тарба

Нелли Золотинск-иԥҳа Ҭарԥҳа
Аира абҵарамза 201934 ш.
Дәрыԥшь ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика
Аԥсра ажьырныҳәамза 292014 ш.
Аҟәа ақалақь, Аԥсны
Аусура аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла

Нелли Золотинск-иԥҳа Ҭарԥҳа (аур. Нелли Золотинсковна Тарба; абҵарамза 201934 ш. Дәрыԥшь ақыҭа – ажьырныҳәамза 292014 ш. Аҟәа) — аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Аԥсни Қырҭтәылеи рҟны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004; ароман «Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ» азы). СССР-и (1957) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара лҵон Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа сектор далгеит (1959). Аус луан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс (1961), аредактор еиҳабыс (1968), адиректор ихаҭыԥуаҩс (1988). Ашьҭахь – Асоветтә хәыҷтәы фонд (Аԥсны ахәыҷтәы фонд ҳәа ишьақәгылаз) Аԥснытәи аҟәша деиҳабын.

Раԥхьатәи лажәеинраалақәа хԥа кьыԥхьын «Альманах» (№4) аҟны 1952 шықәсазы. Лырҿиамҭақәа (Аочеркқәа убрахь иналаҵаны) рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Абаза», «Черкесскии мир», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); «Антология абхазской поэзии» (М., 1958); «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009); аизга «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа .Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа-Сухум, 1995); аочеркқәа реизга «Аамҭеи ауааи» еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа; ашәҟәы «Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящается) (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

Н. Ҭарба 30 инареиҳаны апоетикатәи, апрозатәи, апублицистикатәи ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп.

Лпиеса «Амра аԥҳа» акәзар, К. Шь. Ломиа ипоема «Амра аԥҳа» амотивқәа рыла иҩуп. 1978 ш. иқәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Араҟа иқәыргылан аҩбатәи лпиеса «Ашәа аԥҵара мариам».

Н. Ҭарба лырҿиамҭақәа жәпакы еиҭагоуп аурыс, аукраин, аҟабарда, ақырҭуа уҳәа абызшәақәа рахь.

Аԥсшәахь еиҭалгеит А. де Сент-Екзиупери иҩымҭа «Апринц хәыҷы», Лесиа Украинка – «Абна лакә», И. Фучик - адокументтә-сахьаркыратә шәҟәы «Ашьацҳәа зыхәда иахаршәу ирепортаж» уҳәа егьырҭгьы.

  • аԥсышәала: Бзиа избоит амҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955.
  • Ааԥынра агәы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1958.
  • Бзыԥтәи аповест. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1961.
  • Ақәыԥшреи агәҭыхеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964.
  • Маҵиса. Аԥсымра ашәа аԥҵара мариам. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Апиеса. Аҟәа, 1967.
  • Ҭаҭрашь-Гьаргьалашь. Ахәыҷтәы поема. Аҟәа, 1968.
  • Аԥа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1969.
  • Аразҟы шкәакәа. Алирикатә етиудқәа, аповест, апиеса. Аҟәа, 1971.
  • Аимак џьашьахәы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1973.
  • Аҽыхәа иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
  • Хаҭажәыҟәеи Саҭажәыҟәеи рлакә. Апоема. Аҟәа, 1976.
  • Сабацәа рашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978.
  • Мышәи-Шьапажәи анбанқәа рыхҭыси, арԥыс хәыҷы Хәажәарԥыси. Апоема ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979.
  • Ашьыжь шана. Ажәеинраалақәеи апиесеи. Аҟәа, 1980.
  • Ажәеинраала ҿыцқәа. Ани аԥеи. Амԥсреи. Апоема. Аҟәа, 1983.
  • Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1983.
  • Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Аҟәа, 1984.
  • Уҷкәыннаҵ. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа, 1985.
  • Ақәра: Апартиазы ашәа (Акантата), Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 1987.
  • Ихәу ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аибашьраанӡатәиқәа – аибашьрашьҭахьтәиқәа. Уи ашьҭахьтәиқәа иахьатәиқәа. Апоемақәа. Аессеқәа. Аҟәа, 2000.
  • Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ. Ароман-дилогиа. Абацәа рыдгьыл. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 2002.
  • Аҩымҭақәа. 4-томкны. Аҟәа, 2006-2010.
  • Алакәтәыла. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2011.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце весны. М., 1961.
  • Капля в море. Книга стихов. М., 1968.
  • Солнце мертвых. Повести. М., 1983. (Переиздание – Сухуми, 1989).
  • Белый конь. Стихи. М., 1984.
  • Волшебное утро. Стихи. М., 1988.
  • аҟабарда бызшәахь аиҭага: Адгьыл агәы. Ажәеинраалақәа. Нальчик, 1991.

Нелли Ҭарԥҳа диит 1934 шықәса абҵарамза 20 рзы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Лқыҭа абжьаратә школ даналга, 1954 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт, далгоит 1959 шықәсазы. Акыршықәса инеиԥынкыланы аус луан ашәҟәҭыжьырҭа "Алашараҿы", Аԥсны Ахәыҷтәы фонд еиҳабыс даман.

1952 шықәса инаркны агазеҭқәеи ажурналқәеи рдаҟьақәа рҟны публицистк иаҳасабала дцәырҵуеит. 1955 шықәсазы раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга ҭыҵуеит. 1952 шықәса инаркны лхатә ҩымҭақәа раԥҵара далагоит. Лажәеинралақәеи, лпоемақәеи, лажәабжьқәеи зну аизгақәа 15 инареиҳаны дравторуп. Иланашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа, "Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы" ҳәа ахьӡ лхуп.

Нелли Ҭарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2014 шықәсазы ажьырныҳәамза 29 рзы.

Амҳаџьырреи 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Раԥхьатәи аԥсуа поетесса Нелли Ҭарԥҳа диит хылҵшьҭрала Дәрыԥшь ақыҭа иатәыз Золотинска Ҭарба иҭаацәараҿы, лан Вера Чычԥҳа шьҭрала Аҷандаратәын. Нелли лаб мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуаа дырхылҵшьҭран. Аишьцәа хҩык рҟынтәи иара заҵәык иоуп атәым дгьыл аҟнытә зыԥсадгьыл ахь ахынҳәра зылшаз, иара убри ала иан даныԥсуаз илҳәаз лгәыхәтәгьы наигӡеит – лнышәынҭра аҟынтә уаԥсҵәык анышә Аԥсныҟа, лыԥсадгьыл гәакьахь иааигеит.

Нелли Ҭарԥҳа лани лаби рҭоурых 30-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан аԥсуа ҭаацәарақәа жәпакы ирызшаз алахьанҵа иаҩызан. Нелли хышықәса ракәын илхыҵуаз, 1937 шықәса нанҳәамза 20 рзы лаб данҭаркуаз. Иара убри ашықәсан жьҭаарамза 4 рзы Золотинска Ҭарба дыршьит, аха иҭаацәа уи атәы рыздыруамызт, раб ихынҳәра акыршықәса иазыԥшын. Вера Чычԥҳа ҩыџьа лхәыҷқәеи лареи рхала ианаанха, Дәрыԥшь лхаҵа иҭаацәа рахь нхара диасит. Аха, нас лара лхаҭагьы дҭаркит, ахԥатәи лыԥҳа Лиудмила абахҭа агоспиталь аҟны диит.

Нелли Ҭарԥҳа лыԥҳа Асида Ламиаԥҳа иазгәалҭоит: «Усҟантәи аамҭақәа рзы лаб аҵара змаз уаҩуп ҳәа дыԥхьаӡан, дзиндырҩын, иара уи адагьы дкоммунистын, сан лҿы иахьа уажәраанӡагьы иҵәахуп иара ишәҟәқәа – Ленини Маркси раԥҵамҭақәа реизга». Иҟоуп убасгьы аҵара змаз аԥсуаа еидгыланы рфотосахьа, Дырмит Гәлиа дназлоу ауаа нагақәа, убарҭ дрывагылан Нелли лаб Золотинска Ҭарбагьы.

Нелли лан Вера Чычԥҳа лыԥсы ахьынӡаҭаз лхаҵа ихабарк лаҳарц дашьҭан. Аҭаацәараҿы агәра ганы иҟан Сталин илагерқәа рҿы џьара дҭакуп ҳәа. Зны Сибра џьара Ҭарба зыжәлоу баандаҩык дыҟоуп ҳәа анраҳа, Нелли лашьа Сергеи иҽааидкыланы уахь дцеит. Аха уи аинформациа ҵабыргымхеит. Золотинска Ҭарба дышҭахаз иԥҳәыс ианлаҳа ҩажәа шықәса рышьҭахь ауп, убасҟан ауп ашәы анылшәылҵагьы. Нелли лыԥҳа Асида Ламиаԥҳа уи шыҟалаз машәырла еилылкааит уҳәар ауеит, жәларбжьаратәи аконференциаҿы дшыҟаз Қырҭтәыла КГБ архивқәа лнапаҿы илоуртә даныҟала – лабду данырга аахыс 70 шықәса инареиҳаны иҵхьан.

Раԥхьатәи аԥсуа поетесса

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Нелли Ҭарԥҳа лҩымҭақәа уанрыԥхьо, лара ибзианы дыздыруа, лҩымҭақәагьы лҟазшьа шырныԥшуа гәеимҭарц залшом. Нелли Ҭарԥҳа зымҽхак ҭбаау поетессан. Уи апоезиа иаҷыдангьы, апрозеи адраматургиеи рымаҵ луан. Автор лырҿиамҭақәа зегьы рҿы лхатә бжьи, лхатә гьамеи, лманереи, лбызшәа артәашьеи рыла даҽа ҩымҭак иалаҩашьом. Иара убасгьы, Нелли Ҭарԥҳа лаб игәхьаагара лырҿиара зегьы иагәылсны ицоит.

Лара дышқәыԥшӡаз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит, Дәрыԥшьтәи ашкол данҭаз аамҭазы. Нелли лқыҭа Дәрыԥшь уамакала бзиа илбон, лыԥсы аҿҳәаран. Лыԥсадгьыли лыжәлари рыԥшӡара дазышәаҳәон лырҿиамҭақәа зегьы рҿы. Уи ажәеинраалақәа мацара рҿы акәӡам. Апоетесса 20 шықәса азылкит ашәҟәы «Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь» аҩра, уа лара еизылгеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟынтә изыхнымҳәыз дәрыԥшьаа рфырхацәа зегьы рҭоурыхқәа. Лқыҭа гәакьа аԥҳа лаҳасабала абри ашәҟәала лара илҵәыуеит иҭахаз лашьцәа. Ашәҟәы ахқәа руакы лара лаб Золотинск изкуп.

Нелли Ҭарԥҳа лҩымҭақәа рҿы ирацәоуп лара лыԥсҭазаара аҟынтә иаагоу асиужетқәа. Убас, аповест «Маҵиса» иалоу ахаҿсахьа хада лан Вера лоуп, Маҵиса лхаҵа – лаб Золотинска иоуп.

Усҟан ус традициас иҟан: зны аҩымҭа алитературатә журнал «Алашара» аҿы иркьыԥхьуан, нас акәын хазшәҟәны ианҭрыжьуаз. Уи аамҭазы ажурнал аредактор хадас даман еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Ҷыҷыкәа Џьонуа, аповест «Маҵиса» данаԥхьа, Нелли иара иахь дааиԥхьеит. Лара иҟаз зегьы шыҟаз илҩит, лаб 1937 шықәсазы дышҭаркыз, уи ашьҭахь дшыхнымҳәыз атәы. Аха Ҷыҷыкәа Џьонуа длыҳәеит асиужет лыԥсахырц, аҩымҭа афырхаҵа аибашьраҿы дҭахеит ҳәа иҟалҵарц. Нелли Ҭарԥҳа ас еиԥш азнеишьа шылгәамԥхазгьы, ишыгәнылгозгьы, аповест ркьыԥхьырц азы аиҭакрақәа алалгалоит.

Нелли Ҭарԥҳа илылаз ажәеинраалаҩра абаҩхатәреи, апоезиахь абзиабареи ртәы уҳәозар, уи ланду Катиа Гәынԥҳа лҟынтә иаауеит – лара дажәабжьеиҭаҳәаҩын, ссиршәақәа еиҭалҳәон ажәытә ажәабжьқәеи, алегендақәеи, аҭоурыхқәеи. Нелли ланду даара бзиа дылбон, лыԥсы ахьынӡаҭаз еснагь дылгәалашәон, баҩхатәра ҳәа акыр сылазар лара лоуп изыбзоуроу ҳәагьы лҳәон.

1954 шықәсазы Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ хьтәы медалла далганы Нелли Ҭарԥҳа Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалоит. Шықәсык ааҵуаны, иҭыҵит раԥхьатәи лышәҟәы «Бзиа избоит амҩа», аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа «Ааԥынра агәы», «Ақәыԥшреи агәҭыхеи», «Аԥа», «Бзыԥтәи аповест» уҳәа убас ирацәаны.

Нелли лхатә ԥсҭазаараҿы насыԥ змаз ԥхәысын. Лара лыԥшәма даара бзиа дибон, поетҵасгьы деиликаауан. Уи лыԥшәма аԥсуа поет Кәымф Ламиа иакәын. Аԥсуа интеллигенциа рыбжьара арҭ аҩыџьа зегь реиҳа иԥшӡаз, еицырдыруаз ҭаацәаран.

Урҭ реибадырра аҭоурых даара аинтерес аҵоуп. Нелли ашкол данҭаз Кәымф Ламиа иажәеинраалақәа агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ианны илԥыхьашәеит, урҭ данрыԥхьа даараӡа илгәаԥхеит, нас ландугьы длызрыԥхьан, убасгьы дахлафааит: «Иббап, Кәымф Ламиа симыццозар» ҳәа. Уи ашьҭахь аамҭа акыр цеит, ус зны апоетесса қәыԥш аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа иабжьгарала лажәеинраалақәа лыманы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дымҩахыҵит. Убра дахьнеиз зегь раԥхьа илԥылаз ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ иакәын, ихы лирдырын, Кәымф Ламиа сыхьӡуп иҳәеит… Ларгьы дааиҿаччеит. Убас иҟалеит реибадырра.

Урҭ рыбзиабареи ирыбжьаз аилибакаареи ирхылҿиаауеит Нелли Ҭарԥҳа лажәеинраалақәа иргәылыжжуа алиризм. Лара лассы-лассы дзызхьаԥшуа темоуп бзиа еибабо ҩ-гәык рцәаныррақәа. Нелли Ҭарԥҳа абзиабара атема иазылкыз ажәеинраалақәа руак «Уара сара усцәымшәан ахаан» ҳәа иалагоит. Изызкугьы, ҳәарада, лыԥшәма иоуп. Аурыс бызшәахьы Нелли Ҭарԥҳа лажәеинраалақәа еиҭалгон аурыс поетесса Римма Казакова, уи изныкымкәа Аԥсныҟа даахьан, Неллии Кәымфи рыҩнаҭаҿы даангылон.

Нелли Ҭарԥҳаи Кәымф Ламиеи рҭаацәараҿы иит хҩык аԥҳацәеи аԥеи. Аԥа иира – апоетесса акыраамҭа дыззыԥшыз, игәырӷьахәыз хҭысын. Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа имырқьынцыцкәа ирааӡон, аха убри ала еиҳагьы иааԥшуан дара рыхӡыӡаара. Нелли Ҭарԥҳа ахәыҟаҵашьа лдыруан, ахәыҟаҵара бзиагьы илбон, аҭаацәара рыдагьы, лассы-лассы рыуацәа рыланхон, еиҳаракгьы ақыҭарантә иааны Аҟәа аҵара зҵоз астудентцәа.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Нелли Ҭарԥҳа 20 шықәса инареиҳаны аус луан ажурнал «Алашара» аредакциаҿы. 1988 шықәсазы иаԥылҵеит Ахәыҷтәы фонд, уи иахьа уажәраанӡагьы аус ауеит: ан иаԥшьылгаз аус иацылҵоит лыԥҳа Асида. 2005 шықәсазы Нелли Ҭарԥҳа иланашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа, 2009 шықәсазы – Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.Аха ахьӡ ҳаракқәеи аҳаҭырбарақәеи уи аҟара ихадарамызт лара лзы, зегь реиҳа зыхә лшьоз – лыжәлар рҿаԥхьа лҿахәы лҳәартә аҟазаара акәын. 50 шықәса анылхыҵуаз Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит лиубилеитә хәылԥазы. Нелли Ҭарԥҳа 80 шықәса лхыҵра акгьы агмызт лыԥсҭазаара даналҵ.

Нелли Ҭарԥҳа илыбзоуроу рацәоуп лнаҩс еиҵагылаз апоетессацәа Белла Барцыцԥҳа, Инна Аҳашԥҳа, Саида Делԥҳа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа уҳәа егьырҭ рбаҩхатәра аадырԥшыртә еиԥш иахьыҟалаз. Лара еснагь урҭ адгылара рылҭон, гәык-ԥсыкала бзиа илбон. Нелли Ҭарԥҳаи, ибеиоу уи лырҿиареи, луаажәларратә усуреи, лыжәлари лыԥсадгьыли рахь илымаз абзиабареи ирызкны ҳаԥхьаҟагьы ирҳәаша рацәахоит. Уи лажәеинраалақәа зегьы, лыпроза цәаҳәацыԥхьаӡа ирныԥшуеит акрызхызгахьоу лыԥсадгьыл Аԥсны азгәыбылра ду.

Аҳамҭақәеи ахьӡ ҳаракқәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1955 шықәса - Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла 1985 шықәса – «Акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы 2005 шықәса – Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рхырхарҭаҟны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат 2009 шықәса – Аԥсны Жәлар рпоетесса

Нели Ҭарԥҳа лҩымҭақәа:

  • Актәи атом ианылеит 1955 ш. раахыс иҭлыжьхьоу (ахәыҷқәа ирызку ашәҟәқәа аламҵакәа) жәеиза поезиатә шәҟәы («Бзиа избоит амҩа» – 1955, «Ааԥынра агәы» – 1958, «Ақәыԥшреи агәҭыхеи» – 1964, «Аԥа» – 1967, «Аҽыхәа иаҵәа» – 1974, «Сабацәа рашәа» – 1978, «Ашьыжь шана» – 1980, «Ажәеинраала ҿыцқәа…» – 1983, «Ажәеинраалақәа, абалладақәа...» – 1984, «Ақәра» – 1987, «Ихәу ашәҟәы» –2000) рҟынтәи иалылхыз лажәеинраалақәеи, лбалладақәеи, ллирикатә поемақәеи.
  • Аҩбатәи атом ианылеит: Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алирикатә поемақәа. Апоемақәа. Аессеқәа. Аессе-поемақәа.
  • Ахԥатәи атом: Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Алирикатә етиудқәа.
  • Аԥшьбатәи атом: Ахроника. Сириатәи аиԥыларақәа. Ажәеинраалақәа. Аессеқәа. Агәалашәарақәа. Асалам шәҟәқәа.
  • Ахәбатәи атом: Жәамш рхроника. Алирикатә етиудқәа. «Амра Аԥҳа».
  • Арсҟатәи шәҟәы, арсҟатәи ҩымҭақәа еидызкылаз аизга, иаҳҳәап, ус улаԥш нахугаргьы, игәоумҭарц залшом «Бзиа избоит амҩа» ҳәа зхы ааҵызхыз, хьыӡрацара мҩак еиԥш, лхаҭагьы аԥсуа поезиагьы ирзылыԥхаз лымҩагьы. Агәра умгарцгьы залшом уи зыҽны апоезиа мҩа днанылаз – уаҳа даанымшәаӡакәа, кырӡа имариам, кырӡагьы инасыԥу лхатәы мҩа аалхны, кырӡагьы дышнеихьоу, дагьышхалахьоу Апоезиа Ахан Аҵәца бааш ахь! Егьа имариан зҳәогьы дҟаларгьы, заа дазхәыцроуп аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы уи лымҩа ԥҳәыс дызҿамлацыз шьхацамҩаз. Уи амацарагьы иаҳәо рацәоуп. Автор лырҿиамҭақәа рҿы еиҳарак зҵаараны лҿаԥхьа иқәлыргылоит лыԥсадгьыл ахҭыси, абзиабареи, иахьатәи алахьынҵеи. Ҳәарада, урҭ реиҿыхарҭақәа рацәазаргьы, лара дызлацәажәо аԥсҭазаара аҟәыҵәақәа нҭкааны илдыруеит.

Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа аԥсуа поетесса алитератураҟны ллагала дазааҭгыло абас еиԥш азгәеиҭеит: "Нелли Ҭарԥҳа аԥсуа прозаҿгьы, адраматургиаҿгьы, апублицистикаҿгьы аџьабаа збахьоу, кырӡа зышәҟәқәа рыла ҳаԥсуа жәлар зыргәырӷьахьоу шәҟәыҩҩуп. Уи лповестқәа "Бзыԥтәи аповест", "Маҵиса", лроманқәа, лпублицистикатә рҿиамҭа ду "Уара уҵеицәа, Дәрыԥшь" уҳәа иара убасгьы лара лажәеинраалақәа ҳлитератураҟны имыӡуа иаанхоит.

Нелли Ҭарԥҳа Аԥсны анҭыҵгьы ибзианы дырдыруеит, еиҳарак Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ. Нелли Ҭарԥҳа редакторк лаҳасабала аус рацәаны илухьан, аԥсуа литература иреиӷьӡоу аҩымҭақәа рыбжеиҳарак лара редакторс дрыман, иара убасгьы, Ҭарԥҳа ахәыҷтәы литератураҟны лажәеинраалақәеи лажәабжьқәеи ҳаԥсуа школқәа рыҟны ирҵоит. Лџьабаа рацәоуп мшыннырцә инхоз, ԥсышәала иҩуаз апоет Омар Беигәаа иҭынха ҳаԥсуа доуҳатә культура азнеишьаҿы. Апоетесса алитература аҭоурых аҟны лыхьӡ наунагӡа иаанхоит.

Ахархәара змоу алитература

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Нелли Ҭарԥҳа / Нелли Тарба. Аҩымҭақәа. Ашәҟәҭыжьырҭа. "Алашара" / Аҟәа / Сухум – 2006