Беигәаа, Омар Баирам-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Омар Баирам-иԥа Беигәаа
Ömer Büyüka
Аира 1901 ш.
Аԥсра жәабранмза 25, 2001 ш.
Аусура автор
Абызшәақәа Аҭырқәа бызшәа
Атәылауаҩра Ҭырқәтәыла
Ахәыҷқәа Şansav Büyüka

Омар Баирам-иԥа Беигәаа (аҭыр. Ömer Büyüka; аур. Омар Байрамович Бейгуаа; рашәарамза 11901 ш., Ефҭени Ҳаџьыс ақыҭан, Дузџье (апровинциа), Османтәи аимпериажәабранмза 252001 ш., Сҭампыл, Ҭырқәтәыла) — Ҭырқәтәылатәи ашәҟәыҩҩы, Аԥсны анҭыҵ иҟаз аԥсуаа иаарылыҳәҳәоз, Аԥсынгьы адунеигьы иадыруаз иакәын. аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рахьтә иналукааша, зхы иамеигӡакәа зҭоурыхтә ԥсадгьыл азы акыр аџьабаа збаз.

Омар Беигәаа инысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рахьтә иналукааша, зхы иамеигӡакәа зҭоурыхтә ԥсадгьыл азы акыр аџьа збаз, Омар Беигәаа диит 1901 шықәса ԥхынгәымза 1 азы, Ҭырқәтәыла иаҵанакуа Ефҭени Ҳаџьыс ақыҭан. Омар Беигәаа ихаҭа ишазгәеиҭоз ала, иқыҭа ԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа» ҳәа, мамзаргьы «Ашәаа рқыҭа» ҳәа иашьҭан. Ари анхарҭа ҭыԥ Дузџье араион ахь иаҵанакуеит. Омар Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла, ихылҵшьҭра аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан.

Омар Беигәаа Дузџье ашкол аҟны аҵара иҵон, анаҩс дҭалоит ҭырқәтәылатәи алицеиқәа руак, уаҟа иоуеит анџьныр изанааҭ. Занааҭла аус иуан 1964 шықәсанӡа, аха иара есымша аамҭа иԥшаауан – Кавкази, аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи, иара убас егьырҭ ахырхарҭақәеи рыҭҵааразы.

Омара Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.

Амҳаџьырреи Омар Беигәаа иҭаацәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

18771878 шықәсқәа рзы мчыла зыԥсадгьыл иқәцаны иргоз ажәлар дрылагыланы, Самаҭаа рхәы ашьҭахь ишьҭаз иқыҭа, иахьазы – Абжьаҟәа ҳәа ззырҳәо, ныжьны дцеит Омар иабду – Ҳасан. Ҳаамҭазы Беигәаа ирџьынџь дгьылны иԥхьаӡоуп ақыҭа Абжьаҟәа, уи Аҟәа араион ахь иаҵанакуеит. Абри аҟынтә, Омар Беигәаа ихазы «аҟәатәи аԥсуа» соуп ҳәа азиҳәон. Омар ихьӡ ихьӡызҵаз иабду иакәын. Беигәаа Омар итәылауаҩшәҟәаҿы иарбоуп даҽа хьӡык шимаз. Уа ашәҟәы дануп «Омер Луҭфи Буиуқа» ҳәа. Османаа еицырдыруаз рԥашьа Омер Ҧашьа ихьӡ иахаршаланы ишихырҵаз еиԥш ирыҩуеит. Апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны иазгәаҭоуп: «Саб Баирам ихьӡын. Баирам иаб – Ҳасан. Ҳасан иаб – Маџь. Маџь иаб – Мамагәыл иман ҩыџьа аишьцәа – Шармаҭи, Саҭанеи. Урҭ аҭауадцәа Ачаа раҳҭынрагьы иақәлахьан».

Зықьҩыла аԥсуаа, Аҟәеи, уи азааигәара иҟаз ақыҭақәеи рҟнытә иахыгаз, мшынла ҭырқәтәылатәи аҟәара аҟынӡа инаӡеит, иагьыӡхыҵит Қьефқьен захьӡыз аҭыԥ аҟны. Амҩа иахьаныз зымчқәа зынӡа икаԥсаз, атәым дгьыл аҟны ишнеиҵәҟьаз еиԥш, урҭ рахьтә ԥшьышәҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара иалҵит. Зыԥсы еиқәхаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Омар иаб – Баирам Беигәааи аҭыԥҳа Шьамҳа Мқыди. Хара имгакәа урҭ аҭаацәара аԥырҵоит, дагьырхылҵуеит аԥа – Омар. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла, Омар диит 1899 шықәсазы, аха Беигәаа ихаҭа 1901 шықәсазы сиит ҳәа азгәеиҭон.

Омар дхәыҷаахыс ихшыҩ ҵарын, уи убаратәы иҟан, насгьы атәым бызшәақәа даара ибзиаӡаны игәникылон. Беигәаа иԥсҭазаареи иҟазареи ҭызҵаауа, даараӡа пату зқәу аҭҵааҩы Маҳинур Папааԥҳа абас еиԥш лыҩуеит: «Аԥсуа бызшәеи аԥсуа культуреи здыруаз, ицқьаӡаз, иԥшӡаз, ашәа еиԥш иҟаз аԥсуа бызшәала ицәажәоз ауаа ирылиааз Омар, Анцәа иџьшьаны, уи абызшәа шьҭикааит» ҳәа.

Омар Беигәаа раԥхьаӡа аԥсышәала аҩра далагеит араб нбанқәа рыла. 12 шықәса зхыҵуаз Омар Беигәаа абызшәақәа рахь илаз аҟыбаҩ бзиа гәазҭаз, ажәытә османтәи алфавит ашьаҭала аԥсуа анбан шәҟәы аиқәыршәара иаҿыз, адыга аинрал Рашьыҭ Еффендии уи иԥшәмаԥҳәыс Ҟасибеи Ҷанԥҳаи рнапы злакыз аус дадрыԥхьалоит. Убри инаркны иԥсҭазаара зегьы аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи рыҭҵаара иазкхеит.

Анаҩс, аԥсуаа аԥсылманра дсырҵоит ҳәа аԥсышәала иҩуаз Чқалаԥыуа Шьырын Ефенди ицхыраара ала, ԥсышәала аҩра, аԥхьара, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит.

«Аԥсуа бызшәа адиалектқәа зегьы дырзааигәахеит, урҭ еиликааит, рыҭҵаара даҿын, – ҳәа лыҩуеит Маҳинур Папааԥҳа. – Омар Беигәаа иҭиҵаауан аԥсуа ажәақәа хылҵшьҭрақәас ирымоу, урҭ рҵакқәа еилиргон, иахьынтәиааз, рышьаҭақәа арбану уҳәа, егьырҭ абызшәақәа рҟны урҭ ирықәҿызҭуа ажәақәа алиԥшаауан». Омар иаб иҷкәын ақыҭаҿы даанмыжькәа Дузџье дганы ашкол дҭеиҵоит. Анаҩс, Омар уаантәи амодерн школ-лицеи ашҟа диасуеит. Уи аамҭазы Ҭырқәтәыла республиканы ишьақәгылахьан, 1924–1925-тәи ашықәсқәа рзы Омар Едирне алицеи аҟны аҵара иҵон. Ари ашкол аԥара ахшәаатәын. Уа даналга ауниверситет дҭалеит. 1930 шықәса рзы Абна нџьнырра афакультет дҭалеит. Убас ала Омар Беигәаа абызшәа рацәа иҵеит. Иара идыруан араб бызшәа, афранцыз бызшәа, анемец бызшәа, аҭырқәшәа. Насгьы, ихатәы бызшәа – аԥсшәа. Аурысшәагьы маҷк еиликаауан. Хықәкысгьы имаз аԥсуааи аҭырқәцәеи рҭоурыхқәа рыҭҵаара акәын.

Омар Беигәааи аԥсуа материалқәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Омар Беигәаа Аԥсни аԥсуаа рҭоурыхи адунеи анырша аахыс иахьа уажәраанӡа амырӡра дашьҭан. Иара инапы злакыз ганрацәала аԥсуаа рыҭҵаара аус даараӡа иҵаулан. Аԥсуа бызшәа, аԥсуа ҭоурых, аԥсуаа рцивилизациа иахьатәи аҳәаақәа рымацара иҭакны дахәаԥшуамызт. Адунеи зегьы, аамҭақәа зегьы ажәларқәа зегьы ирҿырԥшны акәын дшазнеиуаз. Уи аганахь ала Омар Беигәаа иҟаиҵаз ҟазҵаз аӡә дыҟам. Ажәакала, Омар Аԥсны анҭыҵ иҟаз аԥсуаа иаарылыҳәҳәоз иакәын. Омар Беигәаа Аԥсынгьы адунеигьы дадыруан.

Омар Беигәаа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны аҭоурыхи афольклори ирызку аусумҭақәа. Аҵарауаҩ иусумҭақәа рыҟнытә зегь реиҳа ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҩ-томкны иҭыжьу, «Ауаҩытәыҩсатә цивилизациа аира раԥхьатәи аамҭақәа ирызку Кавказтәи ахыҵхырҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу аусумҭа ду.

Иара убасгьы, 1971 шықәсазы аҭырқә бызшәала Сҭамԥыл иҭыҵит еицырдыруа даҽа шәҟәыкгьы, уи «Аԥсуа мифологиа – ижәытәӡатәиу акәу?» ҳәа хьӡыс измоу. Иазгәаҭатәуп, Беигәаа ихадоу иусумҭақәа зегьы аҭырқә бызшәала ишҭыҵуаз. Ус шакәызгьы, ихатәы аԥсуа бызшәа анаҩсгьы, иара ибзиаӡаны идыруан араб бызшәа, ашьам бызшәа, аҭырқәшәа ацәажәашьақәа ируаку – ажәытә осман цәажәашьа. Аҵарауаҩ аԥсуа культура гәыкала дазыҟан, абызшәақәеи, афольклори, ажәлар рҵасқәеи ҭиҵаауан, дрызҿлымҳан.

Иара убасгьы, Омар Беигәаа иҭижьит сахьала еиқәыршәоу Аԥсуа амзар, аҭыжьра иазирхиеит х-томкны иҟоу «Аԥсуа етимологиатә жәар», «Аԥсуа грамматика». Аҵарауаҩ, апублицист Руслан Гәажәба иажәақәа рыла, ашықәсқәа цацыԥхьаӡа Беигәаа иусумҭақәа зхы иазырхәараны иҟоу аҭҵааҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳалоит, избан акәзар, урҭ рҟны иаагоуп иҿыцу, акыр зҵазкуа адыррақәа.

Маҳинур Папааԥҳа илыҩуеит, аҵарауаҩ акырзҵазкуа аҭоурыхтә дырра ҿыцқәа роураҿы акырӡа ишихәоз араб бызшәа адырра. Омар Беигәаа даҭаауан Топкана аҳҭынра, уаҟа Османтәи аимпериа архивқәа ҭиҵаауан, иԥшаауан Аԥсни Кавкази ирызкыз еиуеиԥшым анҵамҭақәа, иҟаиҵон урҭ рықәҭыхқәа, анаҩс – аус рыдиулон. Убас иԥшаахьан абираҟқәа рсахьақәа, урҭ анаҩс аҭырқәа журналқәа рҟны икьыԥхьит. Иара убасгьы, VIII ашәышықәсазы араб бызшәала икьыԥхьын «Аԥсҳа Баҭа» (аԥсуаа раҳ Баҭа) изку аповест.

Уи анаҩсгьы, Беигәаа дрызҿлымҳан иааизакны Кавказ иазку аматериалқәа зегьы, урҭ дрышьҭан еиуеиԥшым альманахқәеи, абиблиографиақәеи, ажәарқәеи, мрагыларатәии амраҭашәаратәии атәылақәа рҟны иҭыҵуаз антропологиатә ҭыжьымҭақәа рҟны.

Абызшәадырҩы, аԥсуа бызшәа аграмматикеи адиалектикеи рыспециалист Емма Кьылԥҳа лажәақәа рыла, Омар Беигәаа 90 шыкәса ихыҵуан, Маҳинур Папааԥҳа дицырхырааны, Аԥсны аҭоурых иазкны ииҩыз аусумҭақәа аԥсшәахь ианеиҭеигаз. «Ауадаҩрақәа, хымԥада, иҟан, Ҭырқәтәыла дыҟоума, Аԥсынтәыла дыҟоума, иахьатәи аԥхьаҩ инапаҿы инеирц азы алингвистикатә анализ аҟаҵара ҳҽазаҳшәеит. Убарҭқәа зегьы аҳәынҭқарратә етапқәа ирхысырц азы акомиссиа ҷыдақәа аԥҵан аибашьра аԥхьа, уи анаҩсгьы 2002 шықәса Омар Беигәаа иусумҭақәа аԥсышәала рҭыжьразы. Ҳарҭгьы 2004 шықәса раахижьҭеи абарҭ аусумҭақәа ҳнапаҿы иҟоуп. Омар Беигәаа дҵарауаҩ дуӡӡан, дпоетын, дҭоурыхҭҵааҩын, иара дзықәныҟәоз ихатә ԥҟарақәа иман. Иусумҭақәа иаартым Америка иаҳзаҩызоуп макьана. Аха, агәра ганы ҳаҟоуп уаҵәтәи аԥхьаҩ ишизыԥшу абарҭ аусумҭақәа. Уажәшьҭа ҳамҩашьахуа иаҳҳәарц ҳалшоит иусумҭақәа шкьыԥхьхо, томла ашәҟәқәа рҭыжьра шалыршахо", — ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ Емма Кьылԥҳа.

Омар Беигәаа ишәҟәы «Аԥсуа мифологиа захьӡу» хышәи бжаки даҟьа рыла ишьақәгылоуп. Ҳазареҭ Ибрагим «Аублааи Кавказааи» ҳәа иҟоу ишәҟәы аҿыгҳара рацәак идуӡам, аха уигьы аԥсшәахь еиҭагоуп.

Беигәаа ипоезиатә ҭынха[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭҵааратә усура адагьы, Омар Беигәаа даараӡа бзиа ибон апоезиа. Џьума Аҳәба даниҿцәажәоз иара иҳәеит, 15 шықәса анихыҵуаз ажәеинраалақәа рыҩра дшалагаз атәы. 1990 шықәсазы, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара», наунагӡа зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгоу ауаҩы ихьаа зныԥшуа иажәеинраалақәа реизга ҭнажьуеит. Аизга иахьӡын – «Сҭамԥылынтәи аԥсуа ибжьы» ҳәа, уи ианылеит Омар Беигәаа ихатәы бызшәала хыԥхьаӡара рацәала иаԥиҵаз ажәеинраалақәа.

Беигәаа ипоезиатә ҭынха лассы-лассы иаҿдырԥшуеит аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ипоезиа амотивқәа. Гәлиа иеиԥшҵәҟьа, Беигәаа афольклортә хаҿсахьақәеи уи аестетикеи дырзааигәоуп, иажәеинраалақәа тема хадас ирымоуп – аԥсадгьыл агәхьаагара. Ҳәарада, Омар Беигәаа иажәеинраалақәа еиҳагьы аҵак ду рынаҭоит – аԥсуа бызшәала иахьаԥҵоу. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа ааигәахо ишалагаз анеиликаа, апоет иҩуеит ихатәы бызшәала абарҭ ажәақәа, урҭ ибаҟаҿгьы ианырҵарц азы ауасиаҭгьы аанижьуеит: «Дыззыгәыкыз аԥсшәа ихчнызазааит наӡаӡа!»

Иԥсадгьыл ахь иаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1975 шықәсазы Беигәаа Аԥсны даҭаауеит, Ҭрықәтәыла иҟоу аԥсуаа рдиаспора ахаҭарнакцәа рделегациа даланы. Араҟа иара дырԥылоит еиуеиԥшым ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, алитераторцәа, ақалақьқәеи ақыҭақәеи дырҭаауеит, аӡиа Риҵа ибоит: усгьы ахиҳәаауеит нас, «Риҵа зымбаз, Аԥсны сыҟан ҳәа изҳәом» ҳәа.

Иҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭаара Беигәаа игәы шьҭнахуеит, имчқәа еизырҳаны, инапы злакыз Аԥсны иазеиӷьу аус иациҵоит. Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны Омар Беигәаа еиҭеиҳәоит, иԥсҭазаара ахықә дшазааигәахаз атәы анеиликаа, иара дазхәыцуа дшалагаз идыррақәа ари адунеи аҟны рныжьра шиҭаху, убри азынгьы дахыццакны урҭ ишәҟәқәа рыҩра дшалагаз.

Убри аинтервиу аҟны иара убасгьы иазгәеиҭоит, аԥсуа иԥсҭазаара – ԥышәарала ишышьақәгылоу: «Аԥсуа анцәа дишаны адәы дзықәиҵаз дԥишәаларц ауп, илԥха ҳамазааит, ҳашԥишәауа мацара ҳааиуеит».

1994 шықәсазы Омар Беигәааи Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи реиԥылара мҩаԥысуеит Сҭамԥыл. Ҳәарада, ари аҭоурыхтә хҭыс Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа авидео ианырҵеит. Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба идҵала Омар Беигәаа ианашьан аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара.

Омара Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.

Аҵарауаҩ иԥсы ахьынӡаҭаз аџьабаа ду адиҵеит адиаспора аҭоурых анҵара, уи ашәҟәҭагалара, иара убасгьы иҩхьан адиаспора иналукааша ахаҭарнакцәа рацәаҩны рбиографиақәагьы.

Омар Беигәаа иҳәамҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Омар Беигәаа абас иҳәон: «Адунеи аҿы амц зымҳәо х-хыҵхырҭак ыҟоуп» ҳәа. Уахь иаҵанакуан ҳәа иԥхьаӡоит:

  1. Абызшәа иунаҭо адыррақәа
  2. Ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа
  3. Археологиа иунаҭо аматериалқәа

Арҭ ианакәызаалак аҵабыргқәа аазырԥшуа иахьатәи маҭәахәуп. Омар Беигәаа пату зқәиҵоз ахыҵхырҭақәа абас дрыхцәажәон: «Аха абызшәа амц аҳәомызт, уи абызшәа иаҳәо акы ажәлар рыкультура иалазар ахьыӡгьы аман, мамзар уи ахьыӡ даҽа бызшәак аҟынтә иаауан. Иаҳҳәап, жәларык алимон рымазар, ажәагьы рыман. Абызшәа дара иыртәымзар, алимонгьы дара иртәым, даҽа џьарантә иырзааит ажәа еиԥш ахаҭагьы»- ҳәа иҩуан. «Ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәагьы ус ауп. Урҭ ажәлар рцивилизациа, рфилософиа, рсоциалтә ҭагылазаашьа ишыҟазҵәҟьа иаанарыԥшуан. Урҭ рдунеихәаԥшышьа иабзыиаз, иыцәгьа, ишыҟаз еиԥшҵәҟьа иаанарыԥшуеит. Иаҳҳәап, Нарҭаа репос агьырҭ Кавказ жәларқәагьы ирыман аха, урҭ репос дара рыжәлар рҷыдарақәа аанарԥшуан»- иҳәалон. «Археологиа акәзар, хымԥада зегьы еицырдыруа адыррақәа аанарыԥшуеит. Адарды рымазар, аласа рхахауеит, аласа рымазар, ауаса анырҵоит оуп иаанагауа. Аныха рымазар, иныҳәоит, ампыл ыҟазар, асшьагьы рдыруеит, абџьар рымазар иеисуеит».

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Маҳинур Папааԥҳа «Омар Беигәаа изкны ацәажәара».
  • Маҳинур Папааԥҳа «Ҩажәи жәохә шықәса Беигәаа Омар иаанда». Аҟәа- 2016 ш.
  • Аԥсуа биографиатә жәар.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]