Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа
| Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба | |
|---|---|
| Баграт Васильевич Шинкуба | |
|
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба | |
| Аира |
лаҵарамза 12, 1917 ш. Ҷлоу ақыҭа, иахьатәи Очамчыра араион, Урыстәылатәи аимпериа |
| Аԥсра |
жәабранмза 25, 2004 ш. Аҟәа ақалақь |
| Аԥсыжра аҭыԥ | Аҟәа |
| Аусура | апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-лингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы |
| Абызшәақәа | аурыс бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Урыстәылатәи аимпериа, Грузинская демократическая республика, Асовет Еидгыла, Қырҭтәыла |
| Алма-матер | Абхазский государственный университет |
| Анашьамҭақәа |
орден Ленина, орден «Честь и слава», орден Дружбы народов, орден Трудового Красного Знамени, Герой Социалистического Труда, медаль «За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941—1945 гг.» |
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (аур. Баграт Васильевич Шинкуба; лаҵарамза 12, 1917 ш., Аԥсны, иахьатәи Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, – жәабранмза 25, 2004 ш., Аҟәа ақалақь) – апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-лингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1945). Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997). Аԥсны жәлар рпоет (1967), Ҟабарда-Балкартәылеи (1990) Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1988). Ианашьоуп Ленин иорден (1966), Алитература азы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (1967, ароман «Ахра ашәа» азы), Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ҷлоу ақыҭантәи алагарҭатә школ дҭан (1926-1928), нас - Џьгьарда ақыҭантәи быжь-шықәсатәи ашкол (1930 ш. инаркны). Дрылгеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1935), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша (1939), Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура (1944). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы Аԥсныҟа дхынҳәит, 1943 ш. азынӡагьы рҵаҩыс аус иуан, анаҩс – агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы, Н. И. Марр ихьӡ зхыз абызшәеи аҭоурыхи Аԥснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны. 1943-1944 шш. раан иҵара иациҵон Қарҭ, абызшәадырра аинститут аҟны.
1947 ш. февраль 25 рзы Б. У. Шьынқәба, Гь. А. Ӡиӡариа, К. С. Шьаҟрыл ашәҟәы дәықәырҵеит ВКП(б) Ацентр Комитет (Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала) ашҟа, уаҟа иаахтны иадырбеит аԥсуа жәлар рзинқәа реилагареи ркультура аицакреи шымҩаԥысуаз. Б. Шьынқәба дналаҵаны ашәҟәы авторцәа ирышьклаԥшуа иалагеит, ашәҟәыҩҩы усҟан дызлеиқәхаз џьашьахәуп.
1954-1958 шш. раан Б. Шьынқәба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын, 1958-1979 шш. рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дыҟан. 1959, 1978, 1984 шш. раан СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан, 1989 ш. - СССР жәлар рдепутатс. 10-шықәса инареиҳаны Аԥсны Аминистрцәа Рсовет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашьҭахь акыр шықәса хадара азиуан Аԥсны Ахада иҟны иҟаз Ауаажәларратә совет.
Дышхәыҷыз жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа дрызҿлымҳахеит, иара убас раԥхьатәи аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи – Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, С. И. Ҷанба уҳәа рҩымҭақәа. Дышнеи-шнеиуаз уи иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ибалладақәеи жәпакы шьаҭас ироуит афольклортә сиужетқәа.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит акыр заа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа ируакуп 1935 ш. ажурнал «Аԥсны ҟаԥшь» ианылаз «Ахаҵара». Уи нахыс иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Абаза», «Аҟәа-Сухум», «Дружба народов», «Новый мир», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Сабҷоҭа Аԥхазеҭи», «Республика Абхазия», «Сухум вечерний», «Абхазия» (Москватәи аҭыжьымҭа), «Еҵәаџьаа», «Нарҭ», «Федерация», «Литературная Россия», «Литературная газета»; аизгақәа: «Литературная Абхазия», «Ерцахә»; ашәҟәқәа: Памятник нам сыновей не заменит… Ажәеинраалақәеи ашәақәеи» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа-Сухум, 1995); «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва 2009). 1938 ш. Аҟәа иҭыҵит раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Раԥхьатәи ашәақәа».
1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи – 1960-тәи ашықәсқәеи раан апоет иаԥиҵоит ажәеинраалақәа: «Амҳаџьыраа ргарашәа» (1940), «Апартизан» (1942), «Сыԥшалас» (1958), «Аӡынтәи ашьыжь» (1959) уҳәа егьырҭгьы; абалладақәа: «Ахәыҷра» (1940), «Аҿырпын» (1947), «Риҵа» (1948), апоема «Иаирума» (1960), аԥсуа литература аклассика акәны иагьыҟалеит. Арҭ ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба иҽԥишәоит апоезиа аепикатә форма дуқәа рҟны, иҩуеит апоема «Аҳәачаԥа», иажәеинраалоу ароманқәа «Аҿатә уаа», «Ахра ашәа». Иажәеинраалақәа «Амҳаџьыраа ргарашәа», «Апартизан», «Сыԥшалас», «Кофта шкәакәа зшәу» уҳәа ирылхны иаԥҵан ашәақәа, лассы-лассы урҭ жәлар рашәақәа ракәнгьы ирыдыркылоит.
1960-тәи ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба дырзыхынҳәуеит алирикатә жәеинраалақәа, аурыс, ақырҭуа, европатәи апоезиа уҳәа рҟнытә аиҭагара инапы алакын. Апоет апрозаҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵоит. Раԥхьатәи ипрозатә ҩымҭа – аповест «Чанҭа дааит» анылеит ажурнал «Алашара» 1969 шықәсазы (№4). Абри ашықәс азы уи еиҭаган аурысшәахь, Е. Герасимов ибзоурала, егькьыԥхьын ажурнал «Новыи мир» (№6) аҟны. Уи нахыс Б. Шьынқәба иҩуеит ароман «Ацынҵәарах», раԥхьаӡа акәны ианылеит ажурнал «Алашара» (№1-8) 1974 шықәсазы; хазы шәҟәны иҭыжьын уи ашықәс анҵәамҭазы.
Ироман «Ахаҳә еиҩса» актәи ашәҟәы иҩит 1979-1981 шш. раан, егькьыԥхьын ажурнал «Алашара» (1982 ш., (№4,5,6,7) аҟны, хазы шәҟәны иҭыҵит 1983 шықәсазы. Хаара имгакәа аурысшәахь еиҭеигеит И. Бехтерев, егьҭнажьит аҭыжьырҭа «Советский писатель» (М.,1986). Аҩбатәи ашәҟәы аҩра далагеит 1987 шықәсазы, егьхиркәшеит 1991 ш. маи мзазы. Аҵыхәтәантәи авариант кьыԥхьуп Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны (1998). Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реиҳарак (ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ароманқәа, аповест) аурысшәахь еиҭагоуп (еиҭаргеит И. Козловски, С. Липкин, Р. Козакова, А. Межиров, И. Неиман, Л. Длигач, Д. Голубков, В. Луговскои, В. Потапова, В. Державин, Р. Рожденственски, К. Симонов, В. Ахмадулина, С. Куниаев, Л. Мигдалова, Е. Балашов, Б. Брик, Л. Озеров, Г. Павловскаиа, Б. Серебриаков, М. Луконин, Е. Николаевкаиа, И. Кушак, Евг. Евтушенко, М. Алигер, Евг. Герасимов, И. Бехтерев, Д. Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы), иҩымҭақәа жәпакы (еиҳаракгьы «Ацынҵәарах») еиҭагоуп адунеи акыр абызшәақәа рахь.
Б. Шьынқәба авторс дрымоуп иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы, урҭ рызкуп аԥсуа бызшәеи, афольклори, аетнографиеи. Еиқәиршәеит афольклортә текстқәа реизга, урҭ иреиуоуп: «Абхазские сказания» (аурысшәахь еиҭеигеит С. И. Липкин, Аҟәа, 1961), «Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи рыхҭысқәа» (еиқәдыршәеит Ш. Д. Инал-иԥеи, К. С. Шьаҟрыли, иареи); аурысшәахь еиҭаргеит Г. Гәлиа, В. Солоухин; Аҟәа, 1988), «Ахьырҵәаҵәа; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәеи аетнографиатә материалқәеи» (Аҟәа, 1990) уҳәа егьырҭгьы.
Б. Шьынқәба деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Уи аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов, Н. А. Некрасов, Џь. Баирон, И. В. Гиоте, Ш. Бодлер, П. Верлен, Ш. Петефи, Ш. М. Бараташвили, А. Р. Ҵереҭели, Г. В. Табиӡе ражәеинраалақәа, Ш. Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу» ацыԥҵәахақәа уҳәа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Раԥхьатәи ашәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1938.
- Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943.
- Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1948.
- Аҿатә-уаа. Иажәеинраалоу ароман (Альманах. Аҟәа, 1951, №2. (2-тәи аҭыжьымҭа – Аҟәа, 1955; инхарҭәаау авариант – Аҟәа, 1963); Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956; Иаирума. Амшәкәашара. (Ахәыҷқәа рзы апоема). Аҟәа, 1961.
- Аԥхын. Аҟәа, 1962.
- Ахра ашәа. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 1965.
- Иалкаау иҩымҭақәа: 2-томкны. Аҟәа, 1967-1968.
- Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман: 3-шәҟәыкны. Аҟәа, 1974.
- Ажәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1975.
- Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Аҟәа, 1977-1979.
- Ахаҳә еиҩса. Ароман. Аҟәа, 1983.
- Аӡыхь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985.
- Ааԥынтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
- Иҩымҭақәа реизга: 4-томкны. Аҟәа, 1987-1988.
- Иҩымҭақәа реизга. 5-тәи атом. Иацы. Иахьа. Уаҵәы. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, астатиақәа, ақәгыларақәа (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2003.
- Иҩымҭақәа реизга. 6-тәи атом. Есымшааира ашьха схалоит: Ажәеинраалақәа, аҭҵаамҭақәа, ақәгыларақәа. (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2008.
- Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988. (Асериа «Иалкаау аԥсуа лирика» ала).
- аурысшәахь аиҭагақәа: Мои земляки. Роман в стихах. М., 1953. (аиҭаҭыжьра - Қарҭ, 1958; М., 1967).
- Стихотворения (и поэмы «Домой». – «Песня о скале» ацыԥҵәаха). М., 1959.
- Сыновний долг. Стихи. М., 1962.
- Где бы я ни был… Стихи. Тбилиси, 1963.
- Медвежья пляска. Сказка (в стихах). Для младшего школьного возраста). М., 1963.
- Песня о скале. М., 1967.
- Стихи и баллады. Сухуми, 1971.
- Избранное. М., 1976.
- Последний из ушедших. Роман. 1976.
- (переиздания – М., 1978, 1979).
- Сухуми, 1985, Избранные произведения.
- в 2 томах. М., 1982.
- Рассеченный камень. Роман. М., 1986.
- Мое дерево. Стихи. М., 1987.
- Праздник большой семьи. Стихи. (Для младшего школьного возраста). М., 1987.
- Проза. Романы, повесть. М., 1988.
- Сказка о капризном козленке. Стихи и сказки (в стихах). (Для младшего школьного возраста). М., 1989.
- Последний из ушедших. Романы. Повести. Нальчик, 1994.
- Избранные произведения: в 2-х томах. Сухум, 2011.
- украин бызшәала: Аӡыс гәымшәа. Ашколқәра иаҵанакуа рзы алакә. Киев, 1967: Ацынҵәарах. Ароман. Киев, 1983.
- ҟабарда бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Нальчик, 1989.
- ҟазах бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Алма-Ата, 1981.
- англыз бызшәала: Ацынҵәарах. (Аҭоурыхтә роман). Москва, 1986.
- немец бызшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Берлин, 1981.
- ҭырқәшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Сҭампыл, 1990.
- қырҭшәала: Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Қарҭ, 1969.
- араб бызшәала: Ацынҵәарах. Амман, 1987.
Жәлар рыбзиабара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Лаҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны иаартын Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аԥсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаԥшь, уи ихаҭыԥуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаԥигон Аԥсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟәҩҩцәа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.
Иусумҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Раԥхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.
Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943 ш.
Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./
Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.
Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.
Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.
Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш.
"Иалкаау аԥсуа лирика" асериаҿ. Аҟәа, 1988 ш.
Аиҭагақуа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема "Аҟәа - Қарҭ", 1984 шықәса.
Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.
Инаукатә усумҭақуа рахьтә.
Аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.
Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.
Аусумҭакуа Б.Шинқәба иазкны
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Цвинариа В. Л., Творчество Б. В. Шинкуба, Тб., 1970 (Урысшәала)
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 908-909
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Баграт Шьынқәба изхәыцрақәа
- Умҵан, Аԥсуа! Архив ҟаҵан 2007-09-28 азы Wayback Machine аҟны.
- Дыԥсит Аԥсуа поет Баграт Шьынқәба
- 1917 шықәсазы ииз
- Лаҵарамза 12 рзы ииз
- 2004 шықәсазы иԥсыз
- Жәабранмза 25 рзы иԥсыз
- Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
- Асовет шәҟәыҩҩцәа
- Аԥсны апоетцәа
- Асовет поетцәа
- Аԥсны аполитикцәа
- Асовет политикцәа
- СССР Иреиҳаӡоу Асовет 5-тәи ааԥхьара адепутатцәа
- Аԥсны аҭоурыхдырҩцәа
- Асовет ҭоурыхдырҩцәа
- Аԥсны алингвистцәа
- Асовет лингвистцәа
- Асоциалисттә Џьа Афырхацәа
- Шьынқәыраа
- Аԥсны афольклористцәа