Аҳашба, Инна Никәала-иԥҳа
| Инна Никәала-иԥҳа Аҳашба | |
|---|---|
| Инна Николаевна Хашба | |
|
Инна Никәала-иԥҳа Аҳашба | |
| Аира |
лаҵарамза 20, 1953 ш. Ԥақәашь ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра | цәыббрамза 25, 2023 ш. |
| Аусура | аԥсуа поет, апублицист |
| Абызшәақәа | Аԥсуа бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
| Алма-матер | Абхазский государственный университет |
Инна Никәала-иԥҳа Аҳашба (аур. Инна Николаевна Хашба; лаҵарамза 20, 1953 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа — цәыббрамза 25, 2023 ш.) – аԥсуа поет, апублицист. СССР-и (1989) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1979). 1977 ш. инаркны аусура далагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы корреспондентс. 1985 ш. нахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредакторс дыҟан, ашықәс анҵәамҭаз диасуеит ажурнал «Алашара» аҟәша аиҳабыс. 1995 ш. инаркны Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә ҩны-музеи деиҳабын. 2003-2005 шш. раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд аиҳабыс дыҟан. 2007 ш. инаркны 2023 сентиабр азынӡа ажурнал «Амцабз» аредактор хадас аус луан.
Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1972 ш. инаркны. Лажәеинраалақәеи, лочеркқәеи, лстатиақәеи рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); аизгақәа: «Однажды в апреле. Ажәеинраалақәа» (Қарҭ, 1982), Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа» (Аҟәа-Сухум, 1995); «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Имаӡоу адунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1981.
- Сгәыӷра бӷьыцқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
- Ашәахәақәа рхац. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
- Схәыцрақәа рааԥын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990.
- Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995.
- Абжьы маӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003.
- Аеҵәақәа рымца. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003.
- Аԥҽыхақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005.
- Аӡаӡа еимхәыцқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2006.
- Абзиабароуп адгьыл еиқәзырхо. (Аочеркқәеи астатиақәеи). Аҟәа, 2007.
- Асыԥса цырцырқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008.
- Мцакәаша. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009.
- Сыблаҷыцқәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2011.
- Аԥшанаҩ. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013.
- Аизга. 2-шәҟәыкны. Актәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013.
- Аҩбатәи ашәҟәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 938