Ломиа, Кәымф Шьрын-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Константин (Кәымф) Шьрын-иԥа Ломиа (жәабранмза 141928 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араионхәажәкырамза 31999 ш., Аҟәа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит 1928 шықәса жәабранмза 14 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1999 шықәса хәажәкырамза 3 рзы. Джуп Аҟәа ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәа ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.

1944-1946 шықәсқәа рзы К.Ломиа аҵара иҵоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум аҿы. Уи даналга, 1946 шиқәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт. Далгоит 1950 шиқәсазы.

Иара абри ашықәсан К.Ломиа дрыдыркылт А. М. Горки ихьз зху Москватәи Алитературатә институт аҟны/аԥшьбатәи акурс инаркны/. Да лгоит 1952 шиқәсазы.

1957-1984 шықәсқәа рзы К. Ломиа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Раидгыла аусбарта дамазаныҟәгаҩыню

Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Адгьыл аҿтәи аеҵәақәа. Аҟәа, 1954 шықәса.
  • Амахәҭа ҿыц. Аҟәа, 1957 шықәса.
  • Абзиабареи амшыни. Аҟәа, 1959 шықәса.
  • Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1963 шықәса.
  • Шьыбжбон. Аҟәа, 1968 шықәса.
  • Асы иаҵәа. Аҟәа, 1973 шықәса.
  • Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1977 шықәса.
  • Ахәыцра мшын. Аҟәа, 1979 шықәса.
  • Ааԥын. Аҟәа, 1981 шықәса.
  • Ашәа рҳәон ахрақәеи сыҵхқәеи. Аҟәа, 1987 шықәса.
  • Амцеи анасыԥи. Аҟәа, 1990 шықәса.

Иеиҭагақәа рахьтә: В.Маиаковски. Апоема «В.И. Ленин», Аҟәа, 1970 шықәса.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 914

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]