Сақаниаԥҳа, Гәында Валентин-иԥҳа
| Гәында Валентин-иԥҳа Сақаниаԥҳа | |
|---|---|
| Гунда Валентиновна Саканиа | |
|
Гәында Валентин-иԥҳа Сақаниаԥҳа | |
| Аира |
жәабранмза 25, 1966 ш. Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аусура | апоет, аиҭагаҩ |
| Абызшәақәа | Аԥсуа бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Қырҭтәыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
| Алма-матер | Литературный институт |
Гәында Валентин-иԥҳа Сақаниаԥҳа (аур. Гунда Валентиновна Саканиа; *жәабранмза 25, 1966 ш., Кәтол ақ.) — Аԥсны апоет, аиҭагаҩ. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997), Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (2010, ажәеинраалақәа реизга «Саҭанеи лашәа» азы). Дыҩуеит аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол даналга (1981), дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт.
1989-1992 шш. раан аус луан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс. Ашьҭахь Аԥсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны азанааҭдырҩы хадас дыҟан. Аамҭакала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда дырзаԥхьоит.
Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1978 ш. инаркны. Лажәеинраалақәа, Аԥсны апериодикатә кьыԥхь аҟны еиԥш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы иркьыԥхьхьеит. Лҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), иара убас аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Лҩымҭақәа жәпакы агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит.
Лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаԥс уҳәа абызшәақәа рахь.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала:Аԥшқарах. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985.
- Анана- Гәында. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988).
- Аматанеира. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001.
- Ахьыцәыкәбар. Ажәеинраалақәа. 2003.
- Саҭанеи лашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008.
- Акәиц еимхәыцқәа. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. . Аҟәа, 2009.
- Ахьҩеижь. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2009.
- Ахьыԥшьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009.
- Ҳаицыԥхьаӡап. Ахәыҷқәа ирызку аԥхьаӡаразы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010.
- Адауы дышҷынҷахаз, аҷынҷа дышдоухаз. Ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалоу алакәқәа. Аҟәа, 2013.
- Аԥслымӡ сааҭ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 939