Барцыцԥҳа, Белла Урысҟа-иԥҳа
| Белла Урысҟа-иԥҳа Барцыцԥҳа | |
|---|---|
| Белла Урыскановна Барцыц | |
|
Белла Урысҟа-иԥҳа Барцыцԥҳа | |
| Аира |
жәабранмза 23, 1945 ш. Бзыԥҭа ақ., Гагра араион, Аԥсны |
| Аусура | апоет, апублицист |
Белла Урысҟа-иԥҳа Барцыцԥҳа (аур. Белла Урыскановна Барцыц; жәабранмза 23, 1945 ш., Бзыԥҭа ақ., Гагра араион, Аԥсны) — апоет, апублицист. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далалеит (1977), ашьҭахь - Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Россоциациеи (2003) Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп. Дыҩуеит аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Бзыԥҭатәи абжьаратәи ашкол даналга (1966) дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Лҵара хлыркәшеит 1974 шықәсазы. 1986 ш. аусура далагеит Гагратәи арадио «Ицәажәоит Гагра!» аҟны дикторс-корреспондентс. 1996 ш. азынӡа ара лусура иацылҵон.
Б.Барцыц 1971-1983 шш. раан Гагратәи абжьаратәи аԥсуа школ аҟны дырҵаҩын, арадиожурналистикеи арҵаҩы изанааҭи еилалыгӡон.
1984ш. декабр 16 инаркны Гагратәи араионтә газеҭ «Авангард» (ашьҭахь – «Гагра») аԥсышәала аҭыжьра анаԥшьгаха ахатә корреспондентс диаргеит. Ажурналистика амаҵ азылуан 1998 шықәсанӡа. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1970 шықәсазы.
Лажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны»), «Еҵәаџьаа».
Раԥхьатәи лышәҟәы «Аӡыхь хәыҷы» акәзар, иҭыҵит 1981 шықәсазы. Уи нахыс, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыжьын лажәеинраалақәеи лпублицистикатә статиақәа реизгақәеи еидызкыло лышәҟәқәа: «Ашьыжь», «Ашьац иаҵәа», «Иҿымцәаз ашәҭыц», «Араҵла анышәҭуа», «Аԥшалас», «Ихәрарӷьагоу Бзыԥ ацԥхьқәа», «Зуазашәа злабашьахаз», «Ԥсоутәи аҵых», «Икыдымшәаз аеҵәа», «Амцажәла абжьы» уҳәа егьырҭгьы… Хазы игоу лыҭҵаарақәа изкуп иналукааша аԥсуа композитор, ахормеистр, Аԥсны жәлар рартист Р. Гәымба. Апоет лажәақәа рыла иаԥҵоуп ашәақәа жәпакы. Лажәеинраалақәа рыхәҭак кьыԥхьуп «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала, Аӡыхь хәыҷы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981.
- Ашьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа.
- Ашьац иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988.
- Иҿымшәаз ашәҭыц. Апублицистика. Аҟәа, 1997.
- Ԥсоутәи аҵх. Апублицистикатә статиақәа реизга. Аҟәа, 2007.
- Араҵла анышәҭуа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008.
- Иҿымцәаз аеҵәа. Апублицистика. Аҟәа, 2010.
- Аԥшалас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011.
- Аизга. Ҩтомкны. 2015.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 938
- Барцыц Б.У. Утро: стихотворения. - Сухум: Алашара, 1983.
- Барцыц Б.У. Родничок: стихотворения. - Сухум: Алашара, 1981.