Перейти к содержанию

Џьонуа, Ҷиҷико Михаил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа
Чичико Михайлович Джонуа

Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа
Аира лаҵарамза 27, 1915 ш.
Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи аимпериа
Аԥсра жьҭаарамза 25, 1975 ш.
Аҟәа, Аԥснытәи АССР, СССР
Аусура апоет, апрозаик
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Асовет Еидгыла

Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа (аур. Чичико Михайлович Джонуа; лаҵарамза 27, 1915 ш. Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла – жьҭаарамза 25, 1975 ш., Аҟәа) — аԥсуа поет, апрозаик. СССР-и (1952) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (ажәеинралақәеи апоемеи еидызкыло ашәҟәы «Сышьха мҩа» азы) ианашьоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара иҵон Аимаратәи алагарҭатә школ аҟны, уи нахыс – Аҭареи Мықәи ршколқәа рҟны. 1931 ш. даанахәеит Аҟәатәи адраматә студиа. 1935 ш. Ш. Руставели ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҟаз адраматә студиа даднакылеит. 1939ш. иҵара анхиркәша аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорс. 1941 ш. афронт ахь дцоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа далахәын, еилгаанӡагьы Аԥсадгьыл ихьчон. Аԥсныҟа даныхынҳә, аусура далагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1957-1966 шш. раан ажурнал «Амцабз» аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1966-1977 шш. рзы ажурнал «Алашара» аредактор хадас аус иуан.

1936 ш. инаркны акьыԥхь аҟны дцәырҵит. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» уҳәа рҟны. Ҷ. Џьонуа иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, агәалашәарақәеи иҭынхеит.

Аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, П. Бровка, И. Г. Ҷавҷаваӡе, И. В. Абашиӡе, К. Р. Калаӡе, Ҟ. Ш. Кулиев, Р. Г. Гамзатов, Ф. А. Абдулжалилов ражәеинраалақәа; И. П. Котлиаровски ипиеса «Наталка Полтавка» аҟнытә Пиотр иашәақәа (Н. Ҭ. Кәыҵниеи иареи); Б. И. Куашев ибаллада «Амреи ашәшьыреи»; С. В. Михалков икомедиа «Самбреро»; Н. Ф. Погодин ипиеса «Кремльтәи акурантқәа» (К. Ш. Ломиеи иареи ) уҳәа егьырҭгьы. Аиҭагақәа реиҳарак кьыԥхьын ажурнал «Алашара» аҟны.

Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975; Иалкаау. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1976; Ашәҭқәеи сареи. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1979; Аныҩбжьы. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи Аҟәа, 1982; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985. Асериа «Иалкаау аԥсуа лирика»; Сара сашәақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987; Ахра шкәакәа. Ажәабжь. Аҟәа,1988. Асериа. «Ашколтә библиотека»; Аӡыхь. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1989; Иҩымҭақәа. Х­томкны. Актәи атом.Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2008 Аҩбатәи атом.Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2008; Ахԥатәи атом.Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2010; Амца дырцәоит мцала. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 1974; аурысшәахь аиҭагақәа: У подножья горы. Стихи. М., 1961.

  • аԥсышәала: Ашәҭқәа ртәыла. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алегендақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1950 (қырҭуа шрифтла).
  • Гәдиса Шларба. Аповест. Аҟәа, 1955.
  • Апоемақәа. Аҟәа, 1956.
  • Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1957.
  • Агәырӷьаҿҳәаша. Апиесақәа. Аҟәа, 1959.
  • Ахра шкәакәа. Аповести ажәабжьқәеи. Ажәеинраалақәа. Ажәлар рҳәамҭахьтә. Аҟәа, 1961.
  • Амаамын сасра ишцаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1962.
  • Аныҳәаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Адрамақәа. Аҟәа, 1966.
  • Ацәқәырԥақәа гәаҭеиуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968.
  • Амаӡақәа рымаӡа. Аповест, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1969.
  • Амшқәа қарамҽо иқәын икәашо. Аҟәа, 1972.
  • Ашьхацамҩа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1972.
  • Иаб — Махаз Дауҭ-иԥа Џьапуа
  • Иан — Анна Ҳабаџьа-иԥҳа Инаԥшьԥҳа
  • Иашьцәа — Володиа, Авдениа (Шамил), Џьавдеҭ, Гьаргь (Џьоба)
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 912