Гагра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ақалақь
Гагра
Гагра
გაგრა
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра (5)
Қырҭтәыла (188)
Акоординатқәа 43°17′ ҩ. ҭ., 40°16′ мг. н.
Актәи аҳәара 6-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ.
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 11 959, 3 659, 26 636, 24 409, 23 025, 14 023и 9 808 ҩык
Асааҭтә зона UTC+3:00
Аԥошьҭатә анҵарба 6700–6799
Аофициалтә cаит http://gagra-city.com
Еишьцәахаз ақалақьқәа Икаалинен Владимир
Карта

Га́гра (аур. Га́гра, ақырҭ. გაგრა) — Аԥсны ақалақь. Ишьҭоуп Гaгрa aҿaцә иԥшәоу aмшын aҟәaрa aҟны, Гaргaтәи aҳрaкырa aлaдaтәи aкaлҭaлa. Гaгрaтәи aрaион aҵaкырaдгьыл 772,4кв. км иҟоуп. Қaрҭ инaркны Гaгрaнӡa 534 км бжьоуп, Аҟәa инaркны Гaгрaнӡa 90 км. бжьоуп.

Агеографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гагра аҳәаақәа: аҩада — ашьхақәа, амрагыларахь — Мамзышьха, ақыҭа Псахара, алада — Амшын Еиқәа, амраҭашәарахь — Жәҩакәара аӡы.

Аҩрақәа рҿы иуԥылоит еиуеиԥшым авариантқәа.

Адемографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ашəҟəынҵара
ашықәс
Ауааԥсыра Ахаҵа Аԥҳәыс
1989[1] 24 061 -- --
2011[2] 12 364 -- --

Атопонимика[аредакциазура | акод аредакциазура]

1318 шықәсазы иҟаҵоу Петр Весконти ихсаалаҿы «Какара»ҳәа иарбоуп, 1494 шықәсазы Фредучи еиқәыршәаз ахсаалаҿы «Каккары»ҳәа, иара убас иуԥылоит аформақәа «Хокари», «Какур». Гагра иадҳәалоуп ҳәа ирԥхьаӡоит ахьыӡқәа: «Контози», «Баладаг», «Котош», ажәытәыӡатәи «Триглит», «Нитика».

Аҭыԥқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гагра ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа, аҭыԥқәа:

  1. Абааҭа — Жәакәаареи амшыни, Гагрыԥшьы рыбжьара, ажәытә баагьы еиқәханы иҟоуп;
  2. Аӡхыда — аӡгьы, аҭыԥгьы, Гагра амрагыларатәи аҿацә, ԥаса ԥсахара иатәын;
  3. Аӡыршә || Фонтан — Гагра авокзал аган азаправка ахьыҟоу, ԥаса ԥсахара иатәын;
  4. Баладаг — уахәаԥш Гагра;
  5. Гагра агәы — Ҩӡы нырцә-аарцә амшын аԥшаҳәа;
  6. Гагрыԥшь — ҳаблоуп, Абааҭеи Гагра агәи рыбжьара;
  7. Какара || Каккари — уахуаԥш Гагра;
  8. Какур — уахәаԥш Гагра;
  9. Контози — уахәаԥш Гагра;
  10. Котош — уахәаԥш Гагра;
  11. Нитика — уахәаԥш Гагра;
  12. Триглит — уахәаԥш Гагра;
  13. Хокари — уахәаԥш Гагра;
  14. Фонтан — уахәаԥш Аӡыршә.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]