Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Цандрыԥшь[1], Ганҭиади (аур. Цандры́пш, ақырҭ. განთიადი) — Аԥсны ақалақь ҳабла.
Цандрыԥшь аҳәаақәа: аҩада — ақыҭақәа Маҳадыр, Ҳашԥсы, амрагыларахь — Ҳашԥсы аӡиас, алада — амшын, амраҭашәарахь — Амзара.
Ашəҟəынҵара ашықәс |
Ауааԥсыра |
Ахаҵа |
Аԥҳәыс
|
1989[2] |
7 358 |
-- |
--
|
2011[3] |
5 170 |
-- |
--
|
Агенуезцәа рхан ари аҭыԥ Абкасиа/Абкациа ҳәа иашьҭан. Италиатәи аныҟәаҩ Емидо де Асколи (1634 шықәсазы) излаиҳәо ала, ара «Абаза» захьӡыз абаӷәаза ыҟан. Егьорҭ аҩрақәа рҿы иахьа иахдыруа ахьӡ Цандрыԥшь/Сандрыԥшь ауп иарбоу. Аԥсны аурысқәа рнапаҿы ианаарга, амҳаџьырра ашьҭахь Цандрыԥшь «Пиленко, Пиленково» ахьӡырҵеит, аурыс генерал Пиленко иаҳаҭыраз, нас Цандрыԥшь иаҵанакуаз адгьылқәа ршеит «Пиленково-1», «Пиленково-2», «Пиленково-3», «Пиленково-4», «Пиленково-5» ҳәа. 1948 шықәсазы ақырҭқәа Пиленково «Гантиади» ахьӡырҵеит. 1992 шықәсазы ажәытә хьӡы Цандрыԥшь шьақәыргылан.
- Абаза — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Абкасиа || Абкациа — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Гантиади — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Пиленко || Пиленково — уаҳәаԥш Цандрыԥшь.
- ↑ Кәарҷиа В. Е., «Аԥсны атопонимика», Аԥсны анаукақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, ад. 176, Аҟәа, 2002
- ↑ Abkhazia - All Places: 1989 census
- ↑ Abkhazia - Ethnic composition, all communes: 2011 census
Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәа |
---|
| Центр | |  | | ақалақьқәа | |
|
|
---|
| ақалақьқәа | |  | | ақалақь-ҵас анхарҭаҭыԥқәа | | | ақыҭақәа | |
|