Алаҳаӡы

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ақыҭа
Алаҳаӡы
Алаҳаӡы
Атәыла Қырҭтәыла Қырҭтәыла
Акоординатқәа 43°13′9″ ҩ. ҭ., 40°17′38″ мг. н.
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Асааҭтә зона UTC+3:00
Карта

Алаҳаӡы́[1] (аур. Алахадзы́, ақырҭ. ალახაძი) — Аԥсны иҟоу ақыҭа.

Агеографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҳәаақәа: аҩада — ԥсахара; амрагыларахь — Бзыԥ ақыҭа, Бзыԥ аӡы; алада — Бзыԥ аӡы, амшын; амрааҭашәарахь — амшын, ԥсахара; Алаҳаӡы инхо еиҳарак ерманцәоуп, урҭ ара аԥхьаӡа иааиҭ 1913 шықәсазы.

Адемографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ашəҟəынҵара
ашықәс
Ауааԥсыра Ахаҵа Аԥҳәыс
1989[2] 4 277 -- --
2011[3] 2 876 -- --

Аҭыԥқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Абаажә ду — Алаҳаӡы ақыҭа агәҭахьшәа Ҳашныха ҳәа иахьашьҭоу иҟоуп, даара кры зхыҵуа ауахуама дуқәа ҩба еилабганы еивоуп;
  • Аԥшьлаа инхарҭа — Алаҳаӡы акәара ахахьы;
  • Аҳду икыра — Алаҳаӡы амраҭашәарахь. Апитомники акәтыааӡарҭеи ахьыҟоу. Ахду ҳәа зыӡбахә аҳәо «Великий Князь Александр Михаилович» ҳәа изышьҭаз иоуп, уи араадгыл ԥыҭк идыԥхьаӡалан, уахаԥш;
  • Ацитрус совхоз — Бзыԥ аӡы иавоуп аргьарахь ала Аҭыӡҭа инаркны амшын аҟынӡа, даара акры аҵанакуеит. 1895 шықәсазы ара адача ашьапы икит аурыс аҳ иҿы аҳара змаз амал уаҩы Игәмен, уи абаҳча ду еиҵеиааӡеит, афымца станциа иргылеит, акипористтә алеиақәа ҟаиҵеит, иара даныԥсгьы ара дыржит;
  • Дерникиан итәы — Шавров итәы ҳәа иахьашьҭоу;
  • Иналаа рашҭа — Инал-иԥа иадгьыл ҳәа иахьашьҭоу Алаҳаӡы армарахь амшын аганахь;
  • Инал-иԥаа радгьыл — дгыл ҭбааны Алаҳаӡы акәара иаван амшын аҟынӡа;
  • Ҳашныха — Алаҳаӡы агәҭахьшәа ауахәама хыҽҽыра ду ахьыҟоу акәша-мыкәша;
  • Цитрусовыи совхоз — уахәаԥш Ацитрус совхоз;
  • Шавров итәы — Дзыҩӡыхь иаван аргьарахь ала, XX ашәышықәса алагамҭазы ара адача иман аурыс малуаҩ Шавров;
  • Шавров поле — уахәаԥш Шавров итәы;
  • Шмид — Алаҳаӡы акәара аргьарахь ала иавоуп, ажәытә ара иҟан Шмидт ҳәа малуаҩык идача.

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. Кәарҷиа В. Е., «Аԥсны атопонимика», Аԥсны анаукақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, ад. 176-177, Аҟәа, 2002
  2. Abkhazia - All Places: 1989 census
  3. Abkhazia - Ethnic composition, all communes: 2011 census