Перейти к содержанию

Гагра араион

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Га́гра араио́н, Га́гратәи араио́н (азыркьаҿра: Гагра ар-он; аур. Га́грский райо́н) — Аԥсны Аҳәынҭқарра ируакуп. Гагра — административтә центр.

Гагра араион аҳәаақәа: аҩадаашьхақәа, Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа, Ԥсоу аӡиас. Ажәытә, Жәҩакәареи Бзыԥ аӡи рыбжьара Бзыԥын иаҵанакуан, Жәаҩакәара анаҩс наҟ Ԥсоу аганахь асаӡқәа ирыдыԥхьаӡалан, амҳаџьырра ашьҭахь, аурысқәа, ари адгьыл Урыстәыла иадырҵеит «Пиленковская волость» ҳәа иашьҭан.

1904 шықәсазы Гагреи уи акәша-мыкәша иҟоу адгьылқәагь апринц Ольденбургскии дызхылаԥшуаз, Аԥсны «Сухумский округ» ҳәа изышьҭаз иалхны Шәачатәи аокруг иаларҵеит, 1917 шықәсазы уи аҭыԥахь ирхынҳәын. Аԥсны аиҳабыра рыбзоурала Гагреи Ԥсоуи ирыбжьанакыз «Пиленковская волость» иара убас Аԥсны иазырхынҳәын 1929 шықәсазы. Убри ашьҭахь ауп Гагра араион хазы ианышьақәагылагь. Уи иахьа еиднакылоит ақалақь Гагра, ақалақь ҟазшьа змоу аҳаблақәа — Пицундеи, Цандрыԥшьи, иара убас жәеиза қытеи — Алаҳаӡы, Хышәҳа, Бзыԥ, Ԥсахара, Гьечрыԥшь, Лӡаа, Маҳадыр, Мқьалрыԥшь, Ҳашԥсы, Амзара, Арасахәы.

Атерриториа – 772 км².

Араион иаланхо – 40 217-ҩык. (2011 ш.).