Цандрыԥшь
| Цандрыԥшь | |
|---|---|
|
| |
| Атәыла |
|
| Акоординатқәа | 43°22′47″ ҩ. ҭ., 40°4′40″ мг. н. |
| Аофициалтә бызшәақәа |
Аԥсуа бызшәа Аурыс бызшәа |
| Асааҭтә зона | UTC+3:00 |
| Аԥошьҭатә анҵарба | 6729 |
![]() | |
Цандрыԥшь[1], Ганҭиади (аур. Цандры́пш, ақырҭ. განთიადი) — Аԥсны ақалақь ҳабла.
Агеографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Цандрыԥшь аҳәаақәа: аҩада — ақыҭақәа Маҳадыр, Ҳашԥсы, амрагыларахь — Ҳашԥсы аӡиас, алада — амшын, амраҭашәарахь — Амзара.
Адемографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]| Ашəҟəынҵара ашықәс |
Ауааԥсыра | Ахаҵа | Аԥҳәыс |
|---|---|---|---|
| 1989[2] | 7 358 | -- | -- |
| 2011[3] | 5 170 | -- | -- |
Аетимологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Агенуезцәа рхан ари аҭыԥ Абкасиа/Абкациа ҳәа иашьҭан. Италиатәи аныҟәаҩ Емидо де Асколи (1634 шықәсазы) излаиҳәо ала, ара «Абаза» захьӡыз абаӷәаза ыҟан. Егьорҭ аҩрақәа рҿы иахьа иахдыруа ахьӡ Цандрыԥшь/Сандрыԥшь ауп иарбоу. Аԥсны аурысқәа рнапаҿы ианаарга, амҳаџьырра ашьҭахь Цандрыԥшь «Пиленко, Пиленково» ахьӡырҵеит, аурыс генерал Пиленко иаҳаҭыраз, нас Цандрыԥшь иаҵанакуаз адгьылқәа ршеит «Пиленково-1», «Пиленково-2», «Пиленково-3», «Пиленково-4», «Пиленково-5» ҳәа. 1948 шықәсазы ақырҭқәа Пиленково «Гантиади» ахьӡырҵеит. 1992 шықәсазы ажәытә хьӡы Цандрыԥшь шьақәыргылан.
- Абаза — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Абкасиа || Абкациа — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Гантиади — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
- Пиленко || Пиленково — уаҳәаԥш Цандрыԥшь.
Ахьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ Кәарҷиа В. Е., «Аԥсны атопонимика», Аԥсны анаукақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, ад. 176, Аҟәа, 2002
- ↑ Abkhazia - All Places: 1989 census
- ↑ Abkhazia - Ethnic composition, all communes: 2011 census
