Аҟәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҳҭнықалақь
Аҟәа
Аҟәа
სოხუმი
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны Аҳәынҭқарра
Акоординатқәа 43°0′12″ ҩ. ҭ., 41°0′55″ мг. н.
Ақәӡара 27 км²
Ацентр агдыра 20 м
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 64 441 ҩык
Ауааԥсыра рыжәпара 2386,7 ҩык / км²
Асааҭтә зона UTC+3:00 московское время
Аԥошьҭатә анҵарба 384900 6600
Автомобильтә код ABH
Аофициалтә cаит https://www.sukhumcity.ru/
Еишьцәахаз ақалақьқәа Тирасполь, Бандырма, Курск, Нижний Новгород Краснодар
Карта

А́ҟәа (аур. Сухум) — Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь. Аҟәа - Аԥсны аполитикеи, ааглыхреи, акультуреи, аҵаралашареи, аҭҵаарадырреи ирцентруп (ирыгәҭылсоуп). Уи ихадоу мҩа еилысырҭоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны апорт хада. Аҟәа - Аԥсны агәы, аӡиасқәа Аӡаԥшьи, Баслеи, Кьалашәыри Амшын Еиқәа иахьалало аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аҟәа алада Амшын Еиқәа Аҟәатәи агаҿеи аҩада ашьхақәа Самаҭхәа (Аҟәатәи ашьха), Ҳаҭхәа (Трапециа) уҳәа рынаара ибжьакуп.

Административ-территориалтә шара

Аҟәатәи араионқәа:

  • Ԥсҳәы
  • Иашыра (Ешыра)
  • Гәымсҭа
  • Иашҭхәа
  • Баслаҭа
  • Аԥра (Гәма хәыҷы)
  • Гәма
  • Ӡыгәҭа (Ӡыхәҭа)
  • Акаԥа
  • Кьалашәыр

Адемографиа

Аҟәа инхоит 62 914-ҩык (2011).[1]

Ахацәа – 44,2%, аҳәса – 55,8%.

Аетникатә еилазаашьа: аԥсуаа – 67,3%, аурысцәа – 14,8%, аерманцәа – 9,8%, ақырҭцәа – 2,7%, аукраинцәа – 1,1%, абырзенцәа – 1,0%, агырцәа – 0,1%, ашәанцәа – 0,1%, егьырҭ амилаҭқәа – 3,1%.[1]

Аҭоурых

Аҟәа - ижәытәӡатәиу Кавказтәи ақалақьқәа ируакуп. Раԥхьаӡа акәны араҟа ауаа рынхарҭақәа апалеолит аамҭақәа ирыҵаркуеит. 6-тәи ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа иахьатәи Аҟәа аҭыԥан ишьақәыргылан абырзенцәа рколониа «Диоскуриада». Анаҩс араҟа ицәырҵит римтәи абаа «Себастополис». 8-тәи ашәышықәса инаркны Аҟәа Аԥсуа Аҳраҿы инареиҳаз нхарҭа ҭыԥны иҟан. 13-15 ашәышықәсақәа раан Аҟәа агенуезқәа рколониа акәын, «Сан-Себастиан» ахьӡын. 16-тәи ашәышықәса инаркны 19-тәи ашәышықәса алагамҭа аҟынӡа ара иҟан аҭырқәцәа рбаа «Сухум-қале». 19-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны, Лыхны инаваргыланы, Аҟәа аҳҭны қалақь ароль анагӡара иалагоит. 1877 шықәсазы аурыс-аҭырқәа еибашьраан Аҟәа хәаш-хәаша ирыбган. 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аҟәа аиҭашьақәыргылара нап аркын.

Аҟәа адгьылҵакыра зегьы даара ибеиоуп археологиатәи аҭоурыхтә-архитектуратәи баҟақәа рыла. Араҟа иҟоуп апалеолит аамҭа иаҵанакуа аанкыларҭақәа ҩба, ҳера ҟалаанӡа 3-1 азқьышықәсақәа ирыҵаркуа анхарҭа ҭыԥқәа рышьҭа-мышьҭақәа рацәаны, 2-тәи ашә. иаҵанакуа римтәи аԥшыхәырҭатә баашқәа. Баграт ишьхаҿы игылоу аҭоурыхтә-архитектуратә ҳәырԥсарра «Баграт иныхабаа» иаҵанакуеит 10-11 ашә. рзтәи ахырӷәӷәарҭа. Диоскураа рыгаҿа аҟны иҟоуп аҳәынҭқарратә архитектуратә-ҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи ахырӷәӷәаррҭа». Уи еиуеиԥшым ахәҭақәа рыргылара иаҵанакуеит 1-4, 11-13, 16-18 ашәышықәсақәа. Ақалақь мраҭашәаратәи аҿацә аҿы иҟоуп ақалақьргыларатә архитектура еиуоу, 1861 шықәсазы иргылаз Аҟәатәи алашарбага. Аҟәа аҭоурыхтә центр аҿы иҟоуп 19-тәи ашәышықәсеи -20-тәи ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа, ақалақь ауникалтә хаҿы аазырԥшуа архитектуратә баҟақәа 200.

Аҟәа аус руеит аиашахаҵаратә ныхақәа ҩба. Раԥхьатәи ақалақь агәҭан иргылан 1908-1915 шш. рзы, бырзен ныхак аҳасабала. Егьи, 1821 ш. рзы иргылаз Аԥшьа Гьаргь иныха ақалақь мрагыларатәи ахәҭа, апансионат «Аиҭар» аҵакырадгьыл аҿы иҟоуп. Ақалақь агәҭаҿы иара убасгьы иҟоуп акатоликатә костел (1908), алиутерантә кирха(1915), ауриатә синагога (1918), аԥсылмантә џьаама.

Агеографиа

Агеографиатә ҭыԥырбагақәа - 43°00’ ҩ. ҭ. 41°00’ мг. н.

Аҟәа амраҭашәарахьтәи ахәҭаҿы иҟоуп Аҟәатәи аӡҭачы. Ацәаакыра змоу асубтропикатә ҳауа, аԥхын – ашоура ӷәӷәа, аӡын – ацәаакыра зцу аҳауа ԥха. Нанҳәазтәи абжьаратә шоура - +24, жьырныҳәазы - +5,7 °C. Бжьаратәла шықәсык ахьтә 1453 мм ақәа леиуеит. Мрагыларахь ала аҳҭны қалақь ҳәаас иамоуп ақ. Маҷара (Гәылрыԥшь араион). Аҟәа аладатәи адгьылҵакыра аӡиас Кьалашәыр ала Амшын Еиқәа аҟынӡа инеиуеит. Егьырҭ аганқәа зегьы рыла ҳәаас иамоуп Аҟәатәи араион иаҵанакуа ақыҭақәа: мрагылараҿы – ақ. Гәымсҭа, аҩада-мраҭашәарахьынтә – ақ. Иашҭхәа, аҩадантә – ақ. Баслаҭа, аҩада-мрагыларахьтә – ақ. Ӡыгәҭа. Аҟәа иаҵанакуа Амшын Еиқәа агаҿатә цәаҳәа аура 12,5 км ыҟоуп. Ақалақь адгьылҵакыра – 21,0 км². Аҟәа – Аԥсны хаз игоу дгьылҵакыраны иԥхьаӡоуп. Уи Аҟәа араион иаҵанакӡом. Аԥсны иҟоу административтә-ҵакырадгьылқәа 8 рҟынтә Аҟәа уааԥсырала зегь иреиҳауп, аха ҵакырадгьылла зегьы иреиҵоуп. Аҟәа иҟоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгарақәа зегьы: Аԥсны Ахада инапхгара, Апарламент – Жәлар Реизара, аминистрцәа реилазаара, аминистррақәа, аусбарҭа хадақәа, Апрокуратура Хада, Иреиҳаӡоуи Аконституциатәи аӡбарҭақәа. Аҳҭнықалақь аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә хадарас иҟоуп ақалақь ахадара. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭас иҟоуп Аҟәатәи ақалақьтә Еизара. Иара убас Аҟәа иҟоуп Аҟәа араион анапхгара.

Акультура

Аҟәа иахьа аус руеит Аԥсны аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи Иаарту аинститут, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа, А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, аколлеџьқәа 3; Аԥсуаҭҵаарадырратә Академиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаарадырратә институт, Аҟәатәи афизика-техникатә институт иара убас аҭҵаарадырратә институтқәа 8.

Атеатрқәа - С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф. Искандер ихьӡ зху аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр.

Амузеиқәа - Аԥсуа милаҭтә ҳәынҭқарратә музеи, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша аибашьратә музеи, Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Н. А. Лакоба ихьӡ зху аҭоурыхтә-мемориалтә музеи уҳәа егь.

АбиблиотекақәаИ. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека, Аҿар рзы Аҳәынҭқарратә библиотека.

Егьи – Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа; Аԥсуа телехәаԥшра, Ахатәы телеканал «Абаза»; Азеиԥшҵарадырратә школқәа 17. Ацхырааратә школ; Латәара-латәарадатәи абжьаратә школ; К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат, ахатәы школ «Альфа». Ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа 12; Ахәыҷтәы рҿиаратә Ҩны, Аҟәатәи ақәыԥшцәа рырҿиаратә Ҩны уҳәа егьырҭ аҵаратә усбарҭақәа.

Агәабзиареи аԥсшьареи

Аҟәа – атәыла агәабзиарахьчаратә гәыс иамоуп. Ара иҟоуп Аԥсны агәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рӷьырак: Ареспубликатә хәышәтәырҭа, Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа, Онкологиатә центр, ацәатә-венерологиатә диспансер, ашьапықәыргыларатә хәышәтәырҭатә-баҩырҵәыратә диспансер, анаркологиатә диспансер, Аҟәатәи аклиникатә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа, ақалақтәи араионтәи аполиклиникақәа уҳәа егь.

Аҟәа курортә қалақьуп. Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1927 ш. азы иаартыз еицырдыруа амаамынқәа рааӡарҭа, 1838 ш. рзы иаԥҵаз Аботаникатә баҳча, иара убас 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы аурыс меценат, анаплакҩы Н. Н. Смецкои иааиртыз адендопарк. Аҟәа аус руеит Аԥсны иҟоу апансионатқәеи асасааирҭақәеи реиҳарак.

Азхьарԥшқәа

Азгәаҭақәа

  1. 1,0 1,1 НАСЕЛЕНИЕ АБХАЗИИ – РЕСПУБЛИКА АБХАЗИЯ (2011 г.). ethno-kavkaz.narod.ru