Аԥсны Жәлар Реизара

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент - ихадоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә азакуанԥҵаратә орган оуп.

Аԥсны Жәлар Реизара шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла, хәы-шықәса иалырхыз. Алхрақәа мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маӡа бжьыҭирала.

Афункциақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара:

1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;

2) иаднакылоит аҭыԥантәи аҳәаақәа рыԥсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;

3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;

4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;

5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанԥҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;

6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;

7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;

8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;

10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;

11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;

12) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;

13) ирыланаҳәоит амнистиа;

14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;

15) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;

16) иаӡбоит и3ыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;

17) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аилакқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ааба Аилакқәак амоуп:

– Аҳәынҭқарратә-зинтә политика рзы Аилак; 

– Афинансқәеи ашәахтәқәеи, абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи рзы Аилак;

– Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Аилак;

– Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ;

– Аҵареи аҭҵаареи абызшәатә политикеи амассатә информациа ахархәагақәа русуреи рзы Аилак;

– Акультуреи аҿари аспорти русқәеи рзы Аилак;

– Аитәылауаа рымадареи апарламентбжьаратәии жәларбжьаратәии аимадареи рзы Аилак;

– Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы Аилак.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабцәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

1) Џьынџьолиа, Сократ Рач-иԥа — I - II-тәи ааԥхьара (1994-2002 ш.)

2) Ашәба, Нугзар Нури-иԥа — III - IV-тәи ааԥхьара (2002-2012 ш.)

3) Бганба, Валери Рамшьыхә -иԥа — V-тәи ааԥхьара (2012-2017 ш.)

4) Кәарҷиа, Валери Еремеи-иԥа — VI-тәи ааԥхьара (2017- )

IV-тәи ааԥхьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламента адепутатцәа руак[аредакциазура | акод аредакциазура]

# Алхратә округ Адепутат Affiliation Notes
1 Аҟәа Ҭалих Ҳәатышь
2 Аҟәа Сенер Гогәуа
3 Аҟәа Рита Лолуа
4 Аҟәа Баҭал Кобахиа
5 Аҟәа Лев Шамба
6 Аҟәа Ирина Агрба Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
7 Аҟәа Павел Лешьук
8 Пиҵунда Роман Бениа
9 Бзыԥ Валерии Бганба
10 Гагра Амра Агрба
11 Гагра Валерии Кондаков
12 Цандрыԥшь Валерии Маиромиан
13 Otkhura Гаррик Саманба
14 Дәрыԥшь Гәрам Гәмба
15 Лыхны Михаил Сангәлиа
16 Гәдоуҭа Владимир Начач
17 Аацы Виачеслав Цыгәба Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
18 Афон Ҿыц Виталии Смыр
19 Йашыра Лев Аҩыӡба
20 Гәымсҭа Альберт Овсепиан Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ
21 Баслаҭа Валерии Кәарҷиа
22 Pshap Сергеи Матосиан
23 Machara Виктор Висилиов
24 Дранда Адгәр Харазиа
25 Beslakhuba Иурии Зыхәба
26 Ҷлоу Заур Адлеиба
27 Кәтол Нугзар Ашәба Аиҳабы
28 Аҭара Ҭемыр Кәыҵниа
29 Очамчыра Беслан Џьопуа
30 Тҟәарчал Даур Аршба
31 Тҟәарчал Алеқсандр Ченгелиа
32 Уақәым Емма Гамсаниа Elected in by-election after the death of Омар Кәарҷиа
33 Ҷубурхьынџь Иурии Кереселидзе
34 Гал Виачеслав Ҩардан
35 Shashikvar Бежан Убириа

Абара[аредакциазура | акод аредакциазура]