Ӡиӡариа, Гьаргь Алексеи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа

Аполитикатә партиа
Алахәылара Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа

Аира 6иул. / лаҵарамза 19, 1914 ш.грег.
Лыхны
Аԥсра лаҵарамза 1, 1988 ш.
Аҟәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Асовет Еидгыла
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
Аурыс бызшәа
Аусура аполитик,
государственный деятель,
аҭоурыхдырҩы,
педагог
Анашьамҭақәа орден Трудового Красного Знамени
орден «Знак Почёта»
орден Дружбы народов

Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа (аур. Георгий Алексеевич Дзидзария, ақырҭ. გიორგი ძიძარია ;мшаԥымза 23 (лаҵарамза 6), 1914 ш., Лыхны ақыҭан — лаҵарамза 11988 ш., Аҟәа) — Асовет Еидгыла аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, еицырдыруа кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҵарауаҩ ду, «Ахҩык рысалам шәҟәы» автор. Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан.[1]

Гь. Ӡиӡариа инысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гьаргь Ӡиӡариа диит 1914 шықәса лаҵарамза 6 рзы, Лыхны ақыҭан. Гьаргь иаб – анхаҩы Алықьса Ӡиӡариа, Нестор Лакоба еиҿикааз анхацәа ргәыԥ «Кьараз» далан. Иан – Елизавета Давид-иԥҳа Аҩардан, Зиза ҳәа зарҳәоз– «Кьараз» иалахәыз, еицырдыруа ареволиуционер Игнати Аҩардан иаҳәшьа лакәын. Гьаргь ԥшьышықәса шихыҵуаз иаб диԥхоит, иан лымацара длааӡон. Жәашықәса анихыҵ инаркны Гь. Ӡиӡариа аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ахәыҷқәа рыҩны-аинтернат аҟны. Анаҩс, 1929 шықәсазы дҭалоит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол. Уаҟа аҵара иҵонаҵы, азҿлымҳара ӷәӷәа ааирԥшуан аҭоурых амаҭәар ахь, еиҳаракгьы уи ибзоуран ирҵаҩы Алықьса Всеволод-иԥа Фадеев, иара иоуп аҷкәын қәыԥш иеилзыркааз аҭҵаара аус аҟны зегь реиҳа афактқәа шхадароу, убри азы адокументқәеи аршаҳаҭгақәеи реидкылара аҭҵаара аус аҟны зды ԥсыхәа ыҟам шракәу иазҳәаз.

Ашкол даналга ашьҭахь, 1934 шықәсазы, Гьаргь Алықьса-иԥа дҭалоит Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут.

«Араҟа сара рҵаҩцәас исыман иналукааша аурыс ҭоурыхҭҵааҩцәа – Иури Владимир-иԥа Готие, Евгени Алықьса-иԥа Космински, Михаил Николаи-иԥа Тихомиров, Сергеи Владимир-иԥа Бахрушин, Исаак Израиль-иԥа Минц уҳәа реиԥш иҟаз. Ҳәарада, урҭ анырра ду сырҭеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы» – ҳәа иҩуан Гьаргь Ӡиӡариа Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут аҟны аҵара аниҵозтәи ашықәсқәа игәаларшәо.

Абарҭ астуденттә шықәсқәа инадыркны ауп, Гьаргь Ӡиӡариа лымкаала Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых даназҿлымҳахаз, урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз апроблемақәа даныргәылархалаз.

Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1939 шықәсазы иара Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы далагоит академик Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи, алитературеи, абызшәеи ринститут аҟны, раԥхьа – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – еиҳабыс. 1953 шықәсазы дҟалоит аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩс, 1966 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – аинститут адиректорс дыҟан.[2]

Гь. Ӡиӡариа иҭҵааратәи, ирҵаҩратәи, иҳәынҭқарратәи усура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гьаргь Ӡиӡариа аҭҵаарадырратә усуреи арҵаҩратә усуреи еилеигӡон. 1957 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт еиҳабыс даман, 1939 шықәса инаркны иара убра рҵаҩыс аус иуан. Иара иаԥшьгаралоуп аҭоурыхтә факультет аҟны ишалагалахаз амаҭәар ҿыц – Аԥсны аҭоурых. 1979 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анаԥырҵа, Гьаргь Ӡиӡариа напхгара аиҭоит ауниверситет аҟны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра, аԥхьарагьы далагоит XIX ашәышықәса алагамҭеи XX ашәышықәсеи раантәи Аԥсны аҭоурых иазку алекциақәа ркурс. Аҭоурыхҭҵааҩы Арвелод Кәыпраа иажәақәа рыла, Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ари аҭҵаарадырратә хырхараҭа имариамыз аҭагылазаашьақәа раан ашьақәгылара мҩаԥысуан, усҟантәи аамҭазы иҟамызт амилаҭтә ҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Убарҭ дыруаӡәкхеит Гьаргь Ӡиӡариа.

Гьаргь Ӡиӡариа Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентс дыҟан, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥснытәи АССР-и Рҳәынҭқарратә премиақәа дрыԥсахахьан. 1939 шықәса инаркны ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа инапы рылакын.

Гьаргь Алықьса-иԥа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт аректорс дыҟан (1957–1966). 1966–1988 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут еиҳабыс даман. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс (1975–1988), СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи, 7-тәи, 8-тәи ааԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Инапы иҵыҵхьеит ԥшьышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба, аҵарауаҩ ду ҳҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ дазааҭгыло, абас еиԥш азгәеиҭеит: «Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз дыруаӡәкын, иахьауажәраанӡагьы ус даанхоит. Аԥсуа ҭоурых 19-тәи ашәышықәсеи 20-тәи ашәышықәса актәи азбжеи уанырзыхынҳәуа, иара иӡбахә мҳәакәа узалацәажәаӡом. Иусумҭақәа даара ирацәаӡоуп, еиҳарак убри аамҭазы амҳаџьырра иазкны ииҩқәаз роуп, ҩынтәынгьы иҭыҵит. Раԥхьа 1975 шықәсазы иҭыҵит, нас 1982 шықәсазы еиҭаҭрыжьит».[3]

Асовет аамҭазы ацензура ыҟан. Иҟан узлацәажәар ҟамлоз атемақәа. Убарҭ ируакын амҳаџьырра атемагьы. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьыхҵәаз уамак иалацәажәаӡомызт усҟантәи аамҭазы. Раԥхьаӡа уи аӡбахә цәырызгазгьы Гьаргь Ӡиӡариа иоуп.

Аҭҵаарадырра аус ҳазааҭгылозар, 19-тәи ашәышықәса иара иҟынӡа уарла-шәарла акәын ишыҭҵааз, иааидкыланы ҩымҭа дук ыҟамызт. Гьаргь Алықьса-иԥа афундаменталтә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥиҵахьеит. Асоциалтә еизыҟазаашьақәеи, ақыҭанхамҩеи, Аԥсны аҭагылазаашьеи ирызкуп анаҩстәи иусумҭа ду. Уи идоктортә диссертациа ауп, ашәҟәы дууп. Аԥсны иҟаз анхаҩы, ҭауади-аамсҭеи, ахәуҩы ҳәа иахьа иззаҳҳәо, асоциалтә еиҟарамрақәа иара иоуп раԥхьа инарҭбааны иҭызҵааз. Иара убас, аӡбахә ҳәатәуп урысшәала "Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции" захьӡу амонографиа ду. Иааидкыланы, 1917 шықәсанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҵагылара, аҵара змаз ауаа рнысмҩақәа, русумҭақәа рыԥшаараҿы раԥхьаӡа еидкыланы иалагаз иара иоуп, илагала даара идууп ари аус аҿы.

«Ахҩык рысалам шәҟәы»[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуаа еснагь ртәыла аҩныҵҟатәи амчқәа еизганы, рҽазыршәон ахеиқәырхара. Ажәлар рыԥсадгьыл аҿы реиқәырхара хықәкыс ишьҭыхны, убри аамҭазы хаҭала рхы ашәарҭара иҭаргыло, аԥсуа интеллигенциа изныкымкәаны Асовет Еидгыла аиҳабырра рышҟа ааԥхьарақәа ҟарҵон, ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ ааԥхьаратә шәҟәқәа иреиуоуп жәабранмза 1947 шықәсазы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыли, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәбеи, иареи ЦК ВКП(б) ахь ирҩыз ашәҟәы. Усҟан Сталин ихаан акәын, игәаӷьыуацәан даара, ақырҭқәа убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, аԥсуа бызшәа уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы, ирҩыз ашәҟәоуп иахьа еицырдыруа.

Уи иаҳәон аԥсуа жәлар рзинқәа реилагара, 1937 шықәса раахыс аԥсуа интеллигенциа зҭадыргылаз арепрессиақәа, аԥсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьадыргылаз атәы. Ма иақырҭцәахароуп, ма ихҵәароуп ҳәа аԥсуаа рхатәыбызшәа анрымырхуаз, рыжәлақәа анырыԥсахуаз, рмилаҭра анырхырхуаз, аҭыԥхьыӡқәа анеицаркуаз аамҭа аанарԥшуан. 

Шьаҿа-шьаҿала акыршықәса аус зуаз ашовинисттә программа зхәыцыз рзыҳәан "лҵшәа бзиала" аус ауит, – зықьҩыла аԥсуаа иахьа уажәраанӡа изеиуоу рзымдыруа рыхдырра еилархәеит. Уажәшьҭа урҭ аԥсуаа рыхдырра иаша ашьақәыргыларазы еиҭа убасҟак аамҭа аҭаххоит, еиҳангьы алшарақәа аҭаххоит… Амала, аӷа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла акәымкәа, азхьарԥшрала, азырхәыцрала, аилыркаарала. Раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа зеиԥш уаажәларреи мырзаҟанааи рыбжьара аимадарақәа бжьаҵатәуп.

Мырзаҟанаа рыҩныҵҟа иҟоуп зхы здыруа – изхылҵыз, измилаҭу, изықәшәаз аҭоурыхтә мыҟәмабара иазҿлымҳау. Иҟоуп иззымдыруагьы. Аҵыхәтәантәиқәа рзыҳәа еиҳараӡакгьы аус ауроуп аԥсуа телехәаԥшра, арадио, агазеҭ, ажурнал. Аҭоурыхтә фактқәеи аргументқәеи шьаҭас измоу ҳҵарауаа рыҭҵаамҭақәеи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи мырзаҟанаа рыхдырра арҽеиразы аус руртә азнеишьа аформақәа рзыԥшаатәуп. Иахьазы зхатәы бызшәа аҵара агәаҳәара змоу уи аҩыза алшара рыҭатәуп, агәаҳәара змамгьы иазҿлымҳахартә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп ашколқәа рҿеиԥш, абызшәа арҵаратә центрқәа рҿгьы ҳәа. 

Ашәҟәы аԥсуаа рҭоурых аҟны аиҭакра дуқәа ҟазҵаз акакәны иҟоуп. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз Москвантәи Аԥсныҟа иааит акомиссиа ҷыда, амилаҭтә политика аилагарақәа ҭызҵаауаз. Ақырҭцәа рцензура шыҟазгьы, 1992 шықәсанӡа аԥсуа культура аизҳара аманы иҟан.

Ашәҟәы анырҩы ашьҭахь даара аџьамыӷәацәгьа иҭадыргылеит. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи рҭагылазаашьа уадаҩын акыраамҭа. Шьаҟрыл Аԥсны далҵны дымцар ада ԥсыхәа имоуа убри аҩыза аҭагылазаашьа дҭадыргылеит.

Гь. Ӡиӡариа иусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гьаргь Ӡиӡариа 400 инареиҳаны аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа.

Гьаргь Ӡиӡариа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса актәи аԥшьбараки раантәи Аԥсны аҭоурых азы ихатәроу занааҭдырҩын. Иара иҭҵарадырратә усумҭақәа ахрестоматиатә ҵакы рымоуп, аҵарауаа рыбжьара азхаҵара роухьан. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – XIX ашәышықәсазы иҟаз Аԥсны ауаажәларра рсоциалтә еилазаашьа шьақәзыргылаз, иҭызҵааз раԥхьатәи ҵарауаҩын. Аҵарауаҩ иусумҭа «Аԥсны 1866 шықәсатәи ақәгылара» ҭыжьын 1955 шықәсазы. Уи ашәҟәы – Гь. Ӡиӡариа раԥхьатәи иҭҵаарадырратә монографиан, аҭҵаарадырратә дунеи аҟны ахьӡ-аԥша изҭаз. «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәеи» ҳәа хьӡыс измаз Гьаргь Алықьса-иԥа имонографиа иналукааша усумҭоуп, аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, «XIX ашәышықәсазы Аԥсны иахнагаз арыцҳара ду, Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз зегьы рзы баҟаҵас иҟоу ашықәснҵоуп». Аусумҭа шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала адокументқәеи, амемуарқәеи, еиуеиԥшым ақалақьқәа (Аҟәа, Москва, Ленинград, Қарҭ, Краснодар) рархивқәа рҟны автор аус здиулаз.

Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даҽа лагала дуны иҟоуп Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтәу имонографиа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» ҳәа хьӡыс измаз. Ари аусумҭа азы 1980 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.

Аҭаацәаратә ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гьаргь Ӡиӡариа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи ауаажәларратә усуреи ирыдҳәалан. Ҳәарада, ари ихатәы ԥсҭазаара ианыԥшуан, иҭаацәара акыр ирныруан, урҭ рзы аамҭа аԥшаара уадаҩын. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариеи иԥшәмаԥхәыс Ольга Александр-иԥҳа Гьериеи ирыман ԥшьҩык ахшара: рыԥҳа Аннетеи, хҩык рԥацәа – Асҭамыри, Гәдисеи, Адгәыри. Аҭаацәараҿы Гьаргь Алықьса-иԥа инапы злакыз аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усура ихадоу акы акәны ирыԥхьаӡон.

Аҵарауаҩ иҷкәын – асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иаб дигәаларшәо абас иҩуеит: «Саб ашьыжь аусурахь дандәықәлоз, сан агәашә аҟынӡа днаскьалгон, имаҭәа даҽазныкгьы амаҭәарыцқьагала днахыс-аахысуан. Убасҟан иара санихәаԥшуаз ацәанырра соуан, аӷба асқьала ныжьны, амшын инхылозшәа. Сара сакәзар, инакәызаалак ибзианы еилыскаауан, саб акыр зҵазкуа аус дшаҿу, уи аус зегь амҽхакны ишыҟоугьы. Ҳара – иҭаацәа гәакьагьы – уи ҳзацлабуамызт».

Аҩнытәи, абзазаратәи усқәа рзы аҵарауаҩ аамҭа, шамахамзар, имаӡамызт, амала урҭ иҽырзикуазаргьы, ихы аԥсы аиршьарц азакәын. Иҭаацәара рзы аамҭа рацәа шимамызгьы, Гьаргь Ӡиӡариа ибзиаӡаны еиликаауан ихәыҷқәа аҵара бзиа рыҭара ихадоу акы акәны ишыҟаз. Ӡиӡариа иҭаацәара ду џьара ԥсшьара ацаразы алшара рымамызт, еиҳараӡак ԥсшьара ҳәа Лыхныҟа ицон.

Иԥсҭазаара иалҵреи игәаларшәареи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәса лаҵарамза 1 азы, уи иԥшәмаԥҳәыс лдунеи лыԥсахижьҭеи 26 мшы ааҵуаны. Анышә дамадоуп Лыхнашҭа – иқыҭа гәакьа Лыхны ихьӡырҳәагоу аҭоурыхтә ашҭа ду аҟны.

Ҳаамҭазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иусумҭақәа быжь-томкны аҭыжьра азԥхьагәаҭаны ирымоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, ԥшьба ҭыҵхьеит, даҽа хԥа ҭыҵраны иҟоуп. Урҭ ирнылараны иҟоуп иналукааша аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырҩ, арҵаҩы ихьӡ инарҭбааны алаҵәара амоуп. Иара дрыҵанакуан асовет аамҭақәа рзы еиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа. Ҿыц ииз аԥсуа республикаҿы аҿиара амҩа рзаатит акультура, аҭҵаарадырра. Ажәлар аҵараиура ргәы аҳәон, ирҭахын аамҭа иақәшәо еиԥш рыԥсадгьыл амаҵ азура рылшо иҟаларц.

2004 шықәсазы иаԥҵан Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, уи аҭҵаарадырра аҟны аихьӡара дуқәа змоу иранашьахоит. Иара ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны ақалақьқәа рҟны амҩадуқәа, лассы-лассы еиҿкаахоит ихьӡ зху аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа. 1995 шықәсазы аҳәынҭеилакы «Аԥснеимадара» иҭнажьуеит аҵарауаҩ исахьа зну иҷыдоу апошьҭатә марка.

2014 шықәсазы Аԥсны Абанк иҭнажьит Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны аиубилеитә ԥсар.[4]

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Г. А. Дзидзария. «Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции»
  • Г. А. Дзидзария. Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия. Алашара, Сух., 1975, 526 с.
  • Г. А. Дзидзария. Очерки истории Абхазии. 1910-1921. Тбилиси, 1963.
  • Г. А. Дзидзария. Присоединение Абхазии к России и его историческое значение. Сух., 1960.
  • Г. А. Дзидзария. История Абхазии. Учебное пособие. – Алашара, Сух., 1986, 264 с

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Г. А. Дзидзария". Аԥсуа интернет-библотека. Ириашоу 2024-02-20 шықәсазы.
  2. ПАЧУЛИЯ, Леила (2019-05-16). "ВЕРШИНА: Памяти ученого Георгия Дзидзария. 105 лет" (аурыс бызшәала). No. 48. Газета Республика Абхазия.
  3. Капба, Арифа (2019-05-06). "Наука и политика в жизни Георгия Дзидзария". abaza.org. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
  4. "Каталог "Памятные монеты Абхазии"". Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк. Ириашоу 2024-02-20 шықәсазы.