Шекспир, Уильиам

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Уильиам Шекспир

Уильиам Шекспир (англ. William Shakespeare; мшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1564 ш., Стратфорд-апон-Еивонмшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1616 ш., Стратфорд-апон-Еивон) — еицырдыруа Англиз апоети адраматурги.


Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уильиам Шекспир (1564-1616) ауаатәҩсатә ҭоурых аҿы зегь реиҳа ирдыруа шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп. Иара диит Англиа агәҭаны Еивон ахықәан Стратфорд ақалақь хәыҷ аҿы. Уи иаб иԥа аҵара имазарц иҭахын азы Уильиам аҭыԥантәи ашкол ахь ддәықәырҵеит.

Ашколаҿ аҵара аниҵоз ахәыҷы ихы дақәиҭны дҟалаӡомызт. Аха минуҭк аамҭа аниоуаз, абнахь ныҟәара, ма аӡиас Еивон ахықәахь дцон, уи дахәаԥшуан.

Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы атеатрқәа рацәаны иҟамызт, актиорцәеи, актрисацәеи рықәгыларақәа рыманы, ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥкахь ицалалар акәын. Урҭ зны-зынла Стратфордҟа иаалон. Вилиам урҭ рыхәмарра ахәаԥшра игәаԥхон. Иара ари азаанаҭ бзиа ибеит, иагьиӡбеит дактиорхарц.

Иара Лондонҟа дцоит, уа иара дактирхоит. Убри аамҭазы иара апиесақәа рыҩра далагоит. Шекспир дагьактиорын, дагьдраматургын. Иара иусумҭақәа ирныԥшит иаамҭазтәи ауаа рыԥсҭазаара ахҭысқәа. Уи ипиесақәа ирацәаны атеатрқәа рыҟны иқәдыргылахьеит, еиҭаоуп атәым бызшәақәа рахь. Ари Шекспир даара деицырдыруа дҟанаҵеит.

Иеиҳа иеицырдыруа ипиесақәа рахь иԥхьаӡоуп – «Отелло», «Акрал Лир», «Гамлет», «Ромеои Џьулеттеи». Урҭ иахьагьы ирылаҵәаны иҟоуп, атәылақәа рҿы шәахьнеилак ижәбар шәылшоит. Шекспир зынӡа 37 пиеса иҩит. Иара иреиӷьӡаз англиатәи атеатрқәа 25 шықәса рҟынӡа аус рыциухьан.

Уильиам Шекспир иара убас ажәеинраалақәа рацәаны иҩит, зеиӷьыҟам асонетқәа налаҵаны. Уи иажәеинраалақәа рыла ашәақәа рацәаны ирҩхьеит. Иара зегь реиҳа иркьыԥхьуа, иеицырдыруа шәҟәыҩҩуп адунеиаҿ. Иара иԥсҭазааразы иаадыруа имаҷуп. Ҳара уаҩык иаҳасабала иара дзеиԥшраз гәааҳагӡар ҳалшоит уи аамҭазтәи алегендақәеи инхаз адокументқәеи рыла. Шекспир мшаԥымза 23, 1616 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Иара иҩит 38 пиесеи ажәеинраалақәеи рацәаны.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]