Черчилль, Уинстон

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Черчилль, Уинстон
Winston Churchill

Аполитикатә партиа
Алахәылара Консервативная партия (1900 ш.–1904 ш.)
Либеральная партия (1904 ш.–1924 ш.)
Консервативная партия (1924 ш.–1964 ш.)

Ахатәы хьӡы Winston Leonard Spencer Churchill
Аира абҵарамза 30, 1874 ш.
Бленхеймский дворец
Аԥсра ажьырныҳәамза 24, 1965 ш.
Гайд-Парк-Гейт
Аԥсра зыхҟьаз инсульт
Аԥсыжра аҭыԥ церковь Святого Мартина
Атәылауаҩра Британиаду,
Соединённое королевство Великобритании и Ирландии
Абызшәақәа Англыз бызшәа,
Афранцыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Клементина Черчилль (1908 ш.–1965 ш.)
Ани аби Дженни Черчилль,
Рэндольф Генри Спенсер Черчилль
Ахәыҷқәа Диана Черчилль,
Рэндольф Черчилль,
Сара Черчилль,
Marigold Churchill,
Мэри Соумс
Ауацәа Джон Спенсер-Черчилль (ашьа/аиаҳәшьа)
Julian George Winston Sandys[1][2], Edwina Sandys[1][2]и Celia Mary Sandys[1][2] (амаҭацәа)
Анхарҭа Дублини Бленхеймский дворец
Алма-матер Хэрроу,
Королевское военное училище,
школа Сент Жоржс,
Школа Стоук-Брансвик
Аусура аполитик,
ажурналист,
художник,
аҭоурыхдырҩы,
автобиограф,
сценарист,
биограф,
государственный деятель,
офицер,
ашәҟәыҩҩы
Адин Церковь Англии
Анашьамҭақәа Нобелевская премия по литературе
Звезда 1914–15
Британская военная медаль
медаль Серебряного юбилея короля Георга V
орден Слона
… подробнее на Викиданных

Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль (англ. Sir Winston Leonard Spencer Churchill; абҵарамза 301871 ш. — ажьырныҳәамза 241965 ш., Лондон) – британиатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы, аполитик, ҩынтә Британиа Ду аԥыза-министрс далырххьан. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, алитература ахырхарҭала адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат. Арратә чын – аполковник. Британиатәи академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла.[3]

Анысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уинстон Черчилль – аҩажәатәи ашәышықәсазтәи еицырдыруаз политикын. Уи иусура Британиа азеиԥш, адунеитә политика зегь азынгьы даара аҵак ду аман, аха ҳаамҭазтәи ауаажәларра рҟны уи еиуеиԥшымкәаны иахәаԥшуеит: џьоукы уи игәымшәара иаршанхозар, иполитикатә хымҩаԥгашьа џьаршьоит, егьырҭ ракәзар, ипозициа агәынамӡара рызцәырнагоит, избанзар уи адунеи напхгара азҭалаша ауаа шкәакәақәа роуп ҳәа ахьиԥхьаӡоз азы.[4]

Черчилль иаартны адиктатура дшазықәԥозгьы, иӡомызт Бенито Муссолинии Иосиф Сталини русушьа даара дшазҿлымҳаз, агәахәара шинаҭоз, урҭ инапхгараҭара аамҭазы атоталитартәии хаҭалатәии арежимқәа рышьаҭаркыҩцәас иҟан Италиеи СССР‑и.

Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль диит абҵарамза 30, 1874 шықәсазы, агерцогцәа Мальборо рышьҭраҿы, Блеихеимтәи ахан аҟны. Иара иҭаацәа даара знапы акракыз, анырра ӷәӷәа змаз уаан – иаб, алорд Рендольф Генри Спенсер, еицырдыруаз политикын, насгьы Британиа Аказначеира Аканцлерс дыҟан, иан – Дженни амал ду змаз америкатәи анаплакҩы диԥҳан.

Аԥхьаҟа иполитикхараны иҟаз Уинстон Черчилль раԥхьатәи хәыҷын иҭаацәара аҟны, аха иани иаби рыбзиабара уиаҟара иныруамызт, избанзар иаб еснагь аполитикатә ԥсҭазаара, акариера акәын дзызҿлымҳаз, иан лакәзар, ԥсҭазаара ԥшӡа дазкын. Убри аҟынтә Уинстон хәыҷы иааӡара лнапы ианын ааӡаҩы Елизабет Енн Еверест, уи Черчилль изын зегь реиҳа игәакьаз уаҩхеит.[5]

Дани инаркны, аԥхьаҟа Британиа аԥыза-министрны иҟалараны иҟаз «иреиҳаӡоу акаста» далахәылахеит, уи иалнаршон иара иполитикатә кариеира аҟны аԥынгылақәа иҭара, избанзар аамсҭацәа рхылҵшьҭра змаз азин рымамызт Аилазаара Апалата алаларазы, насгьы атәыла анапхгараҭаратә ҭыԥқәа раанкыларазы. Аха, излеилкаахаз ала, Уинстон Черчилль аамсҭцәа дырхылҵшьҭра иашаны дыҟамызт, уи алшара инаҭеит политик дуны аҟаларазы.

Быжьшықәса анихыҵуаз Черчилль иарку ашкол Сент-Џьорџь иҟаз ахь ддәықәырҵоит, уа ааӡара еиҳа иазхьаԥшуан, ашколхәыҷқәа рҵара аасҭа. Арҵаратә усҳәарҭа аҟны Уинстон аҵара шиҭахым ааирԥшит, насгьы аҩныҵҟатәи ахымҩаԥгашьазы аԥҟарақәа дышрықәшаҳаҭым, дшырҿагыло, уи иахырҟьаны изныкымкәан аҷын дадыргахьан. Уи ибаразы уахь лассы-лассы инеиуаз иааӡаҩ аҷкәын ашәытарақәа инны ианылба, илылшоз зегьы ҟалҵеит Черчилль даҽа школк ахь ииагаразы. Аха, аиҳәшьцәа Томсонаа британиатәи рышкол аҟынгьы Черчилль аҵара бзиа изымбеит, уи аҟынтә иара иакәын ари ашкол аҟны зегьы иреицәаны аҵара зҵоз ҳәа иԥхьаӡаз. Жәаҩа шықәса анихыҵуаз Уинстон Черчилль игәабзиара уашәшәырахо иалагеит – иара агәаҵәыхь ихьыз иахҟьаны ирҳәарах зегьы арԥсыҽит. Уи азы Итонтәи, Мальборо аимшьҭра иаҵанакуаз ахацәа зегьы аҵара ахьырҵоз, итрадициатәыз иреиҳау аҵараиурҭа дызҭамлеит, аха иҵара иациҵеит Херроутәи аколлеџь аҟны.[6]

Иара абраҟагьы Черчилль аҵара дазгәышьуамызт, амаҭәарқәа еилихуан – ииҵозгьы иара интерсс имаз акәын, егьырҭ зегьы хьаас икымызт, рҵарагьы игәы иҭамызт. Убри аҟынтә, 1889 шықәсазы иара диаган «арратә класс» ашҟа, ари акласс аҟны аҵара апрограмма аҟны хадара змаз арратә ус акәын.

Абраҟа ауп, имӡырҩуаз аҵаҩы Уинстон даара иҭышәынтәалаз студентны дахьыҟалаз. Иара дыруаӡәкхеит ари аҵараиурҭа иалгаз 12-ҩык рахьтә амаҭәарқәа зегьы рзы аԥышәарақәа раҭара зылшаз рыбжьара аҟалара, уи Черчилль алшара инаҭеит Британиа Ду аҟны зегьы иреиӷьыз арратә ҵараиурҭа аҭаларазы, дагьалгоит алеитенант еиҵбы ичын иманы.[7]

Арратә кариера[аредакциазура | акод аредакциазура]

1895 шықәсазы, арратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, Черчилль дахыԥхьаӡалан аԥшьбатәи агусарцәа рполк, аха аамҭак ааҵхьаны еиликааит арратә кариера иара ишитәым. Иан лыла имаз аимадарақәа ирыбзоураны, уи аамҭазы лара Рендольф Черчилль иԥҳәысеибахахьаз, Уинстон Черчилль Кубаҟа ддәықәҵан, арратә корреспондентс, убри аан арратә маҵзура дахысуазшәа дахыԥхьаӡалан. Ажурналистк иаҳасбала иусура, аполитик даара ахьӡи аԥшеи ауаажәларратә азхаҵареи изаанагеит, иара убасгьы алшара инаҭеит раԥхьатәи ихатә ԥара арҳаразгьы, уи ишьақәнаргылеит 25 гинеи. Ахьӡ-аԥшеи аԥареи рнаҩсгьы, Кубантәи Черчилль иааигеит иԥсҭазаара зегьы иныҟәигоз аҟазшьақәа – кубатәи асигарақәа рыхара, насгьы асиеста ақәныҟәара, уи иаанагоз шьыбжьышьҭахьтәи аԥсшьара акәын. 1896 шықәсазы, Черчилль ижурналисттә ныҟәарақәа ирыциҵеит, дагьдәықәҵан Индиаҟа, анаҩс Мысраҟа (Египет). Ара Черчилль ирратә ҟазара ааирԥшит, иара иафицартә усқәа зегьы ҭакԥхықәрала дрызнеиуан.[8]

Аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

1899 шықәсазы, Уинстон Черчилль ԥхьатәара дцарц иӡбеит, насгьы игәы иҭеикит ихы аполитика иазикырц. Убри аамҭазы Черчилль еицырдыруаз журналистын аҟынтә, ауаажәларратә дгылара иоуп ҳәа дақәгәыӷуан. Апарламент ахь анеиразы раԥхьатәи ашьаҿақәа Аконсервативтә партиа аилазаара ала аус лҵшәадахеит – алхыҩцәа алибералцәа ахьалырхуаз иахҟьаны.

Аамҭак азы аполитика иацәхьаҵыз Черчилль, даҽа зныкгьы, журналистк иаҳасаб ала ныҟәара дцоит. Дагьдәықәырҵоит Ладатәи Африкаҟа, уа Англо-буртәи аибашьра цон. Черчилль ара аҿагылаҩцәа шасыс дыргоит, аха абналара илшоит, уи Черчилль изын ихьыӡҭыгагаз аамҭахоит политикк иаҳасаб ала: алхыҩцәа рыбжьқәа ирҭарц рҳәеит, иполитикатә зыҟазаашьақәа хьаас имкыкәаны. Убри аан иара иӡбоит аибашьра адәахьы агьежьра, ихгьы алаирхәуеит абналара ахьилшаз абахҭа аҟынтәи аӡәырҩы рыхрақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларақәа.[9]

Черчилль игәымшәаратә хҭысқәа иԥсадгьыл ахь дфырхаҵаны агьежьразы алшара ирҭеит – уи даара имарианы апарламенттә алхрақәа рҟны аиааира агара илшеит. Ари ҟалеит 1900 шықәсазы, дагьалалоит Апалатақәа реилазаара, иагьилшоит ари аҭыԥ аҟны 50 шықәса инеиԥынкыланы аҟазаара. Иара убри ашықәазы икьыԥхьуеит илетературатә ԥҵамҭа заҵәы, ароман «Саврола», уа, аҭоурыхдырҩцәа ргәаанагара ала, аполитик фырхаҵа хаданы ихы ааирԥшит.

Апарламент аҟны раԥхьатәи амшқәа инадыркны Уинстон Черчилль аконсерваторцәа рганахь ала акритика ҟаҵо, ԥхашьара ҟамҵакәаны дықәгылон, уи атәыла аидеолог хада Џьозеф Чемберлен ипрограмма дшақәшаҳаҭым атәы иҳәон. Убри аҟынтә аԥхьаҟа Британиа Ду иаԥыза-министрхараны иҟаз, ԥшьышықәса рнаҩс Аконсервативтә партиа аанижьит, алибералцәа рахь диасит – ари ашьаҿа алшара инаҭеит аполитикатә кариера аҟаҵаразы.

Раԥхьа иара аколониа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит, анаҩс иара ахәаахәҭра аминистрс дҟаҵан, уи анаҩс аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭан, шықәсык ааҵхьаны Черчилль арра-мшынтә мчқәа дырминистрхеит, убри алагьы зегь реиҳа иқәыԥшыз политикхеит, Британиа акыр анырра ду змоу аҭыԥқәа аанызкылоз рахьтә.[10]

Арра- мшынтә мчқәа рминистрс даныҟаз Уинстон Черчилль ажәлар ирылаҩыз аус дақәшәеит: иара ихарала Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Британиазы ирыцҳарахеит Дарданнеллтәи арратә операциа ахыркәшара, уи башаӡа иалаӡит 250-нызқьҩык англиатәи асолдаҭцәа.

Ари агха ду ахьаршшаразы аполитик ԥхьатәара дцеит, насгьы хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит. Шықәсқәак рнаҩс, Дарданеллы акәшамыкәша ацәажәарақәа анеиԥхьба анаҩс, Черчилль дырҩегьых аиҳабыра рахь дгьежьуеит, уа арратә еиқәыршәара аминистр иҭыԥ ааникылоит, аха арагьы ишахәҭаз еиԥш ихы изаамырԥшит аҟынтә, даҽа шықәсқәак аполитика мап ацәикыр акәхеит.[11]

Британиа аԥыза-министр[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уинстон Черчилль аполитикахь игьежьра Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра иадҳәалоуп, Германиа Польша ианақәла аамҭазы, уи ашьҭахь Британиа ду Адольф Гитлер ишиабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри аан Уинстон Черчилль идыргалоит Адмиралра Актәи Алордс аҟалара, уи алшара инаҭон Арратә хеилак аҟны абжьаҭаразы азин, иара ахааназгьы итәыла аҟны аҭынчра ашьақәыргыларазы гәыӷра ахьыҟаимҵацыз иахҟьаны, амчрақәа агәра ргон ишилшо имилаҭ аиааира агарахьы амҩа рықәҵара.

Атәыла амобилизациа амыругақәа зегьы знапаҟны иҟалаз Черчилль илшеит Гитлертә Германиа иаҿагыланы ақәԥаразы ахырхарҭа дуқәа рыԥшаара, дагьыҟалоит Британиа аԥыза-министрны, Англиа азы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы. Уинстон Черчилль иааирԥшуаз ақәыӷәӷәареи аҭагылазаашьа ииашаны аилкаареи алшара инаҭеит қәҿиарала аибашьра амҩаԥгара, аиааира аагара, иагьаԥиҵоит аиааиратә коалициа Еиду Америкатәи Аштатқәеи СССР-и рҟны.[12]

Абольшевизм иаҿагылоз Черчилль Гитлери Сталини рыбжьара аҵыхәтәантәи далихуеит, уаҳа ԥсыхәагьы имамызт. Лаҵарамза 1942 шықәса рзы америкатәии урыстәылатәии аԥхьагылаҩцәа Франклин Рузвельти Иосиф Сталини рҟны Черчилль инапы аҵаиҩуеит акрызҵазкуаз адокумент, Гитлер иҿагылоз акоалициа аԥҵаразы, хьӡыс иаман «Атлантикатәи ахартиа», уи иаанарԥшуан аекономикатәи аполитикатәи ҭынчреи азини атәылақәа - аидгылаҩцәа рыбжьара Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь.

1945 шықәсазы Британиа Ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, СССР имҩаԥыргоит Иалтатәи аконференциа, уи ишьақәнаргылеит аибашьрашьҭахьтәи адунеи аполитикатә хсаала. Усҟан «Большая троика» аԥхьагылацәа ирыӡбеит Германиа ԥшь-оккупациатә хәҭакны ишатәуп ҳәа, уи ашьҭахь СССР аилазаарахь ихынҳәуеит Прибалтика, Мраҭашәаратәи Украина, Белоруссиа, Бессарабиа, Буковина, Корелиа. Иара убасҟан Асовет Еидгыла Иапониатәи аибашьра алахәхара атәы рыланаҳәеит, уи азын СССР иадҵахон Ладатәи Сахалини Курилтәи адгьылбжьахақәеи.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга анаҩс, адунеи зегьы ҩ-политикатә системакны аҽеиҩнашеит, Черчилль иакәзар, Мраҭашәарахь ааԥхьара ҟаиҵеит, акоммунисттә Мрагылара иаҿагыланы аҽеизакразы, абольшевизм аԥыхразы. Аха, уи аамҭазы Черчилль аполитика ду аанижьыр акәхеит, избанзар аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду ицәырҵуа иалагеит аекономикатә проблемақәа, атәыла адәныҟатәи ауал иазҳаит, агәыларатәи аколониақәеи Британиеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа уадаҩхеит. Арҭқәа зегьы, Уинстон Черчилль апарламенттә алхрақәа раан аиааира игартә иҟарымҵеит, иаргьы ԥхьатәара дцеит.[13]

Уи аамҭазы Черчилль аиҳабыратә оппозициа дахагылоит, аха Апалататә еилазаара аҟны рацәак дцәырҵуамызт, ихы зегьы алитературатә рҿиара иазикит. 1951 шықәсазы, усҟан Уинстон Черчилль 76 шықәса ихыҵуан, даҽазныкгьы Британиа аԥыза-министрс дҟалоит, ԥшьышықәса инеиԥынкылангьы атәыла напхгара аиҭон. Иполитикатә усура аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы Уинстон Черчилль адәныҟатәи аполитика иазикит, насгьы атәыла аиадертә потенциал аҿиара, уи ала иара иҭахын Британиа арратә мчхара азыргьежьра. Аха, аполитик игәамбзиара иахҟьаны ԥхьатәара дцар акәхоит, уи аан имаз аҳаҭыр ицәыӡуам.[14]

Черчилль ихатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уинстон Черчилль ихатәы ԥсҭазаара, аӡәырҩы аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, «иԥшӡаз, абзиабара зцыз романуп». Еицырдыруаз британиатәи аполитик иԥсҭазаара зегьы бзиа иибоз аԥҳәызба длабадырит 1908 шықәсазы, иаразнакгьы ԥҳәысс дигеит. Клементина Хозиер лондонтәи аристократцәа дрыԥҳан. Британиатәи аԥыза - министр иԥҳәыси иареи 57 шықәса еицынхон – лара Черчилль изын дҩызан, насгьы зегь реиҳа ихадаз политикатә абжьгаҩын, лара лажәа анаҩс акәын Черчилль ихадаз аӡбамҭақәа анидикылоз.

Аполитик иԥҳәыс жәеиза шықәса дышиеиҵбызгьы, лара илылшеит аҭаацәара аҟны абзиабара аиқәырхара, насгьы лараӡәзаҵәык лоуп Черчилль имариамыз иҟазшьа ачҳареи анаалареи зылшаз. Клементина илыхшеит хәҩык ахшара, ахәыҷқәа зегьы ари аҭаацәараҿы бзиа ирбон еилых ҟамҵакәан. Британиатәи аԥыза- министр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, иԥшәмаԥҳәыс игәалашәара еснагь илыцын, иара иԥсы анҭаз иаамҭа аиҳарак зегьы аказино аҟны ахәмаррақәа ишрықәирӡуазгьы.

Уинстон Черчилль иԥсыжра ашьҭахь, Клементина лыԥсҭазаара ҵакыданы илзыҟалеит, дишьҭаларгьы лҭахын, аха Уинстон Черчилль иажәақәа «Иҟалалакгьы, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аҽаҭара аҭахым» - ҳәа ииҳәоз ажәақәа дааныркылоит. Анаҩстәи жәаҩа шықәсатәи лыԥсҭазаара зегьы алитературатә усура иазылкуеит, Британиа аԥхьагыла ихыркәшамыз имемуарқәа ҭлыжьуеит.[15]

Уинстон Черчилль иԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уинстон Черчилль иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 24, 1965 шықәсазы. Еицырдыруаз аполитик, Британиа Ду аԥыза-министрс иҟаз Уинстон Леонард Спенсер-Черчилль иԥсҭазаара далҵит 90 шықәса дшырҭагылаз. Уаанӡатәи Британиа аԥыза-министр иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз изныкымкәа исхьаз аинсульт ауп. Черчилль иԥсыжра аҳәынҭқарратә формат ала имҩаԥысит Елизавета II лнапхгарала – ас еиԥш ҳаҭырла Британиа Ду аҭоурых аҟны анышә иамардахьоу жәаҩык роуп.[16]

Атәыла аҭоурых азы аполитик иԥсыжра даара зымҽхак ҭбааз церемониан, уи иалахәын акралра аҭаацәа зегьы реиԥш, 112 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәагьы. Уинстон Черчилль иԥсыжра хыԥхьаӡара рацәала адунеи ателеканалқәа ишиашоу ицо аефир ала иддырбон, уи еиԥш арбара иалнаршеит еицырдыруаз британиатәи аполитик 350 миллионҩык ауаа ртелербагақәа рекранқәа рыла абзиараз ҳәа иарҳәартә еиԥш алшара рыҭара.

Черчилль игәазыҳәара инақәыршәаны, анышә дамадан ауахәама Иԥшьоу Мартин иаҵанакуаз блеидонтәи аԥсыжырҭа аҟны, уи иара иабшьҭра рынхарҭа аҭыԥ иацәыхарамызт. Уинстон Черчлль анышә иамадара иалахәын иҭаацәеи иҩызцәа гәакьацәеи рымацара.[17]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. 1,0 1,1 1,2 Darryl Roger Lundy: The Peerage.
  2. 2,0 2,1 2,2 Kindred Britain.
  3. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-06-15 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  4. https://obrazovaka.ru/alpha/c/cherchill-uinston-churchill-winston
  5. https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi
  6. https://kratkoe.com/uinston-cherchill-kratkaya-biografiya/
  7. https://24smi.org/celebrity/1597-uinston-cherchill.html
  8. https://moluch.ru/young/archive/14/1058/
  9. https://diletant.media/articles/45268646/
  10. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2016-09-21 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  11. http://history-doc.ru/uinston-cherchill/
  12. https://nacion.ru/477206a-uinston-cherchill-biografiya-godyi-jizni-lichnaya-jizn-i-interesnyie-faktyi
  13. https://www.partner-inform.de/partner/detail/2002/12/233/6146/uinston-cherchill-poslednij-iz-velikobritancev?
  14. https://www.istmira.com/drugoe-novoe-vremya/16566-uinston-cherchill-kratko.html
  15. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2024-01-29 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  16. https://ritual.ru/poleznaya-informacia/articles/pokhorony-uinstona-cherchillya/
  17. https://prichina-smerti.ru/smert-mnogogrannogo-britanskogo-premer-ministra-uinstona-cherchillya