Де Голль, Шарль

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Де Голль, Шарль
Charles de Gaulle

Аполитикатә партиа
Алахәылара Союз демократов в поддержку республики
Объединение французского народа

Ахатәы хьӡы Charles André Joseph Marie de Gaulle
Аира абҵарамза 22, 1890 ш.
Лилль
Аԥсра абҵарамза 9, 1970 ш.
Коломбе-ле-Дёз-Эглиз
Аԥсра зыхҟьаз аневризма
Аԥсыжра аҭыԥ grave of Charles de Gaulle
Атәылауаҩра Франциа
Абызшәақәа Афранцыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Ивонна де Голль (1921 ш.–1970 ш.)
Ани аби Жанна Майо,
Анри де Голль
Ахәыҷқәа Анна де Голль,
Филипп де Голль,
Элизабет де Голль
Ауацәа Marie-Agnès de Gaulle, Jacques de Gaulle, Ксавье де Голльи Pierre de Gaulle (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Анхарҭа Елисейский дворец
Алма-матер Сен-Сир,
Коллеж Станислава в Париже,
École supérieure de guerre
Аусура государственный деятель,
мемуарист,
военный теоретик,
офицер,
аполитик
Адин католицизм
Анашьамҭақәа кавалер Большого креста ордена «За заслуги» (Франция)
Большой крест особой степени ордена «За заслуги перед Федеративной Республикой Германия»
серебряный крест ордена Virtuti Militari
почётный доктор Университета Бразилиа
великий магистр ордена Почётного легиона
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа

Шарль Андре Жозеф Мари де Голль (афр. Charles André Joseph Marie de Gaulle; абҵарамза 221890 ш. — абҵарамза 91970 ш.) – афранцыз ҳәынҭқарратә усзуҩы, аинрал. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан афранцызцәа Рҿагылара дасимволхоит. Ахәбатәи Ареспублика шьаҭазыркыз иакәны дыԥхьаӡоуп, насгьы актәи президентны. Ҩынтә иара атәыла ахадас дыҟан, уи аан илшеит Франциа аекономикеи жәларбжьаратәи апатуи рышьҭыхра. Уи иниҵит ԥшьынҩажәа шықәса, ари аамҭа иалагӡаны илшеит милаҭтә фырхаҵаны, Жанна Д'Арк лышьҭахь, аҟалара.[1]

Ахәыҷра шықәсқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Шарль диит абҵарамза 22, 1890 шықәсазы афранцыз қалақь Лилле. Ара дынхон ианду, иангьы еснагь ахшараиура аан уахь дцон. Шарль иман хҩык аишьцәеи аиаҳәшьеи. Шарль иира аамышьҭахь, иан лгәабзиара анышьақәгыла, лара лҭаацәа рахь, Парижҟа дгьежьуеит. Де Голльаа ибзианы инхон, акатолицизм азхарҵон, насгьы даара апатриотизм злаз ҭаацәаран.

Шарль иаб, Анри де Голль, диит 1848 шықәсазы, даара иҟәышыз, аҵара змаз уаҩын. Иара апатриотизмра илааӡан, уи иабзоураны Анри Франциа иҳараку амиссиа агәра игон. Насгьы, апрофессор ичын иман, аиезуитцәа рышкол аҿы афилософиа, аҭоурых, алитература амаҭәарқәа дрыԥхьон. Арҭқәа зегьы, ҳәарада, Шарль анырра ӷәӷәа ирҭеит. Дхәыҷаахыс Шарль ашәҟәыԥхьара бзиа ибон. Иаб иакәзар, афранцыз ҭоурыхи акультуреи иирҵон. Ас еиԥш адыррақәа ахәыҷы даара инырит, уи иабзоурахеит итәыла амаҵ ауразы дышшоу аилкаара ахьиоузгьы.[2]

Шарль иан Жанна Маиогьы даара лыԥсадгьыл бзиа илбон, уи нцәахаҵарак илзаҩызан. Абас еиԥш апатриотизм рылааӡо ирызҳауан ахшара зегьы, ахәыҷқәа рыхәҩыкгьы рыԥсадгьыл абзиабара, алыхьынҵа, аԥеиԥш даара иаргәамҵуан. Шарль хәыҷы иакәзар, афранцыз фырхаҵа Жанна Д'Арк лыхьӡ аҳара мацара даргәаҭеиуан.

Абра иҳәатәуп, де Голль иҭаацәа, ишиашоу акәымзаргьы, уи афранцыз ԥҳәыс ишлыдҳәалаз, дара ирызгәакьаз рҭынхак Д'Арк лныҟәара далахәын. Шарль даара ари афакт дазгәдуун, еснагь еиҭеиҳәон, уи иахҟьаны Черчилль Шарль –«аԥаҵа змоу Жанна Д'Арк» ҳәа хьыӡшьарас изиҭаз.

Шарль даныхәыҷыз, акы иахҟьаны аҵәыуара даналагоз, иаб дизҵаауан - «Сыҷкәын, аинралцәа ҵәыуома?» – ҳәа. Ахәыҷгьы иаразнак аҵәыуара дааҟәыҵуан. Иара агәра игон аԥхьаҟа иԥсҭазаара ар ишырзикуаз, баша аруаҩны акәымкәа, деинралны дшыҟалоз.[3]

Аколлеџь аҟны аҵара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Арратә ус ахь Шарль даара аинтерес ааирԥшуан, дхәыҷаахыс ихала ихы иааӡон, иаҳҳәозар, шифрла еиқәыршәаз абызшәа ӡбаны игәникылеит, уи аан ажәақәа зегьы шьҭахьтәи ԥхьаҟа даԥхьон. Иазгәаҭатәуп, афранцыз бызшәа аҟны ас еиԥш ацәажәара даара ишыуадаҩу, англыз, мамзаргьы аурыс бызшәақәа рҟны аасҭа. Шарль ари абызшәа иашьцәагьы иаҳәшьагьы идирҵеит. Урҭ иара напхгара риҭон, имҩақәиҵон.[4]

Шарль иҵатәқәа зегьы ҟаиҵаанӡа акрыфара ахаангьы дтәомызт. Иҵатәқәа руак ишахәҭоу еиԥш иҟаимҵар ахаатәы ифомызт. Де Голль жәеиза шықәса ихыҵуан иҭаацәа Парижтәи аиезуиттә коллеџь данҭарҵоз. Шарль аматематикатә хырхарҭа ала аҵара ахьырҵоз акласс дақәшәоит, дагьалгоит 1908 шықәсазы.

Данқәыԥшӡаз ауп Шарль ахьӡ-аԥша аиуразы агәазыҳәарақәа анизцәырҵыз. Иаҳҳәозар, ажәеинраалақәа рыԥхьаразы аицлабра аҟны аиааира анига, идыргалеит аԥаратә ҳамҭа, мамзаргьы иусумҭа акьыԥхьра алихырц, иара аҩбатәи алихуеит.[5]

Арратә маҵзура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Collège Stanislas захьӡыз Парижтәи аколлеџь аҟны де Голль аҵара бзиаӡаны иахьиҵоз иабзоураны алшара иоуеит 1909 шықәсазы Сен-Сиртәи ашкол аҿы аҵаразы. Ирҳәоит убасгьы, де Голль ашәҟәыҩҩы, мамзаргьы аҭоурыхдырҩы икариера ҟаиҵарц шилшозгьы, аха иалихуеит даҽа мҩак, иаб игәы дақәшәарц азы. Аамҭак анаҩс де Голль «Арратә мемуарқәа» рҟны иҩуан: «Арра ацара – ари снысмҩа аҟны зегьы иреиҳау хҭыс дуун» – ҳәа.

Арԥыс арра дахысуан 33-тәи ашьаҟауаатә афранцыз архәҭақәа рполк аҟны – ари архәҭа аиҟәша Бородино, Аустерлиц рыҵаҟа Ваграмтәи аибашьра иалахәын. Аполк командаҟаҵаҩыс дыҟан Филипп Петен, уи аԥхьаҟатәи 15 шықәса де Голль мҩақәҵаҩыс диоуеит.[6]

Август 1914 шықәсазы Францианӡа иааӡоит Актәи адунеизегьтәи аибашьра. 33-тәи аполк бельгиатәи ақалақь Динан ашҟа ԥшыхәра ҳәа идәықәырҵоит. Хымш ааҵхьаны, анемеццәеи аполки реидыслара аан де Голль ишьамхы ахы ақәшәоит. Аҩынтә раан иарма напы рхәуеит. (Аинтерес зҵоу афакт: де Голль инапы иаиуз ахәра иахҟьаны ишьа ҟьашьуеит, инапгьы имыхәо иҟалеит азы, иарӷьа напы аҿы акәын аҭаацәара дшалоу зырҵабыргуаз амацәаз ахьныҟәигоз). Ахԥатәи ахәра аниоу де Голль анемеццәа шасыс игара рылшоит, уи уа дрыман 32 мзы. Хәынтә абналара иҽазишәеит, аха иалымҵит, иара хьаас имаз аибашьра дахьалахәымыз ауп. Аибашьра аилгара аан иара шасыс дыҟан, иҩныҟа дгьежьуеит 1918 шықәса ԥхынҷкәынмза аказы.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь де Голль польшатәи аршьаҟауаа аинструктаж иахижьуан, Урыстәылеи дареи реибашьра аан, 1919–1921-тәи ашықәсқәа рзы, атактика азы алекциақәа дрыԥхьон, арратә усумҭақәа аԥиҵон. 1927 шықәсазы де Голль афранцыз архәҭақәа азеижәтәи аршьаҟауаатә баталион акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵоит.

Шарль игәаанагара ала, аиааира агаразы иаҭаху акәылӡтәы техникеи, иаарласны имҩаԥгоу аманиоврқәеи роуп. 1934 шықәсазы де Голль иҭижьуеит «Ар рахь ааԥхьара» («Vers l'Armée de Métier») захьӡыз аусумҭа, уа ажәадгала ҟаиҵеит аршьаҟауаа рмеханизациа ареформа аҟаҵаразы. Де Голль ишьақәирӷәӷәон иара ишилшо 100.000-ҩык аршьаҟауааи 3.000 цыра акәылӡтәы техникеи рыла аибашьра аиааира. Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра алагамҭазы иара 80 цыра иласыз атанкқәа командаҟаҵаҩыс дрырҭоит, урҭ «пылинка» ҳәа ирышьҭан.[7]

Де Голль иеицырдырра аамҭа ҟалеит 1940-тәи ашықәс азы. Лаҵарамза 10 рзы Германиа Европа еибашьрыла иақәлоит, лаҵарамза 15 рзы агерман архәҭақәа Седан инеит. Шарль ирхәҭа ара аамҭа маҷк иагар акәын. Лаҵарамза 17 рзы акомандир ицәыӡит имаз 80 танк рахьтә 23, аха мышкы ааҵхьан иоуит 150 цыра атехника. Де Голль имҩаԥигоз аибашьра ӷәӷәа иабзоураны анемеццәа ахьаҵра рықәнаршәеит Комонаҟа. Лаҵарамза 23 рзы де Голль игәымшәаразы «Аинрал» ҳәа хьыӡшьарас ирҭоит.

Афранцыз еиҳабыра аибашьра рҭахымызт. Уинстон Черчелли дареи, Британиа ду аԥыза-министри, ареспублика амчрақәеи Германиеи дареи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара иашьҭалоит. Аӷа анапы имҵакра зҭахымыз де Голль рашәарамза 18, 1940 шықәса рзы британиатәи арадио ала ааԥхьара ҟаиҵеит, франциа ауаажәларра рахь, аҵысра «Сопротивление» аԥҵаразы. Рашәарамза 22 – Франциеи Германиеи аинышәаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.[8]

Аполитикатә усура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Франциа ишьақәыргылан арежим Виши, даҽакала иуҳәозар, ари атәыла аоккупациа азун. Уинстон Черчилль еиликаауан, де Голль иеиԥшыз аӡәы шиакәыз изылшоз ари амацәаз аԥҵәара. Рашәарамза 24 рзы Британиа Ду аԥыза-министр де Голль «зых иақәиҭу афранцызцәа зегьы дырхаданы» дҟаиҵоит, адҵагьы ҟаиҵоит де Голль Франциаҟа инеиразы ишәарҭадара хылаԥшра арҭарц.

Шықәсык ааҵхьаны, рашәарамза 22, 1941 шықәсазы, де Голль СССР агенералиссимус Иосиф Сталин иҟны аимадара шьақәиргылеит. Аҵыхәтәантәи афранцыз «ажәҩан» аҟынтә адгылара ииҭоит: де Голли Сталини рхеилак иалҵшәахеит илегендартәу аескадрилиа «Нормандиа – Неман» аԥҵара. Арҭ аҳаирпланқәа даара ароль ду нарыгӡеит Гитлер икоалициа иаҿагыланы ақәԥараҿы.

1944 шықәсазы де Голль зых иақәиҭтәыз Париж иԥылон фырхаҵак иаҳасаб ала: иара идрыԥхьаӡалон Франциа аоккупациа аҟынтә ахақәиҭтәра. Иара убри ашықәс нанҳәамзазы Шарль де Голль Аамҭалатәи аиҳабыра дахагылоит.[9]

Аибашьра ааха знаҭаз атәыла иаҭахын аҳәынҭқарратә система аҟны аиҭашьақәыргылара. Ари ауадаҩра аҿаԥхьа де Голль илшарақәа ԥкхеит: ажьырныҳәамза 20, 1945 шықәсазы уи Аамҭалатәи аиҳабыра ахантәаҩы иҭыԥ аанижьуеит, анапхгараҭара аформа акәшамыкәша ицәырҵыз аимак иахҟьаны – де Голль иҭахын Франциа азинмчы змоу ахадас аҟалара, аха аполитикцәа реиҳараҩык апарламент аиҳабыра хылаԥшра рырҭаларазы иқәгылон.

Шарль Аԥшьбатәи ареспублика (Франциа 1946–1958-тәи ашықәсқәа рзы) аибашьра рылеиҳәеит, иара ида даҽаӡәы аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы ихы ақәыргылара азин шимам атәы иҳәон. Аполитикатә елита изыҳәарақәа рмаҳаит аҟынтә, де Голль хәышықәса ҳәа Коломбо-ле-Диоз-Еглизҟа нхара дцоит, уи франциатәи колониан.

Абра аинрал иҩуеит еицырдыруа, х-томкны иҟоу «Арратә мемуарқәа»: «Ааԥхьара», «Аидгылара», «Аиқәырхара». Де Голль аибашьразы игәҭахәыцрақәа аарԥшуп иара аҳәынҭқарра ахадас дыҟазшәа арбаны, уи иҳәон Франциа иара инапы ишанҵатәу, ус ианыҟала, Франциа аҿиара бзиа шаиуа, ус анакәымха «аԥсра иаҩызоу, хырԥашьа змам ашәарҭара бааԥсы ишҭагыло».[10]

Де Голль иҩныҵҟатәи акризис Франциатәи акризис иақәҿнаҭуан. Алжиртәи аибашьра, аӷарра, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, ареспублика аҵыхәтәа аазгоз ахықә инхықәнаргылеит, аҵыхәтәангьы аиҳабыра де Голль иахь ааԥхьара ҟарҵоит «имцәажәара еилеигарц», насгьы «ауаажәларратә гәрагара аҳәынҭқарра» аԥиҵарц. Аполитик арадио ала дықәгылоит ауаа агәра дырго «иара ареспублика азинмчра зегьы ихахьы шиго» азгәаҭо. Рашәарамза 1, 1958 шықәсазы де Голль Аминистрцәа рхеилак ахантәаҩыс дшыҟаҵаз рылаҳәан.

Уажәазы Франциа анапхгара зегьы де Голль иҟаиҵоз абжьгарақәеи ажәалагалақәеи аҳәынҭқарра аргылара иазырхаз зегьы рыдыркылеит. Иара ақәҵара ҟаиҵеит, атәыла анапхгараҭара зегьы аҳәынҭқарра ахада инапаҵаҟа иҟазарц азы, Франциа иахьагьы ус иҟоуп. Ихадоу аҳәынҭқарратә документ рыдыркылеит 1958 шықәсазы, усҟан иаԥҵан Ахәбатәи ареспублика, де Голль напхгара зиҭоз.[11]

Де Голль инапхгараҭара ззырхаз адәныҟатәи аполитика акәын. 1960 шықәсазы иара Виетнами Камбоџьиеи ахақәиҭра риҭоит, 1962 шықәсазы – Алжири жәабала африкатәи аҳәынҭқаррақәеи. Арҭ атәылақәа рҟны инхон Франциа бзиа избоз атәылауаа, урҭ рылагьы де Голль адунеитә арена аҟны адгылара ихы иеиҭон.

1965 шықәсазы Франциа НАТО иалалоит, насгьы жәларбжьаратәи ахәаахәҭра аҿы адоллар ахархәара иаҟәыҵуеит. Атәылазы валиутатә дипломатиахеит ахьтәы стандарт. Аиҭакрақәа аҭыԥ роуит Ахәбатәи ареспублика аҩныҵҟатәи аполитикаҿы. Де Голль дықәгылон иуникалтәу аиадертә бџьар аԥҵаразы, уи амазаара иаанагон дунеи аҟны тәыла дуны аҟалара. Ишәарҭаз амаҭәашьар агәаҭара аанкылан 1981 шықәсазы, Франсуа Миттеран амчрахь даннеи ашьҭахь.[12]

1965 шықәсазы ахыркәшарахь инеиуан де Голь быжьшықәсатәи инапхгараҭара. Зымч-зылша агәра згоз аполитик алхрақәа ишиашоу рымҩаԥгара алеигалоит, даҽакала иуҳәозар, ажәлар рыбжьаҭара. Ас еиԥш алагалара даара ишәарҭан, алхрақәа рылҵшәақәа рыла де Голль иоуеит 54%, Миттеран – 45% абжьқәа, аҵыхәтәантәи иакәзар, Ахәбатәи ареспублика акритика ӷәӷәа азиуан.

Де Голль ихьӡ ланарҟәит канажьит бџьарла аиқәыршәара азҵаара, уи ауааԥсыра азхьуамызт, ирҭахымызт, иара убасгьы ауаа иргәаԥхомызт анхамҩақәа раԥыхра, ателехәаԥшреи арадио рҟны амонополиа ашьақәыргылара. Аполитик «зхы ықәҟьаз адиктатор» ҳәа изырҳәо иалагеит. Изныкымкәангьы де Голль иқәлахьан, уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылан 32- нтә.

Лаҵарамза 2, 1968 шықәсазы астудентцәа апрезидент ԥхьатәара дцаразы дҵаны иқәдыргылоит. Амилаҭҭтә бунт аҭыԥ аиуит, жәа-миллионҩык ауаа аиҳабыра ирҿагыланы амҩақәа рахь ицәырҵит. Атәыла аграждантә еибашьра аҟынтә ахьчаразы апрезидент иҟаиҵаз ажәалагалақәа ауаа зынӡагьы ирыдрымкылеит.[13]

Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1921 шықәсазы де Голль ԥҳәысс дигоит Ивонна Вандру, урҭ рыԥсҭазаара зегьы еицынхон. Дара ирыхшеит аԥа – Филипп, аԥҳацәа – Елизабети Аннеи.[14]

Ԥхьатәара ацареи аԥсреи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Де Голль асенат аекономика-социалтә усбарҭаны аиҭарҿиаразы ареферендум аҟны иқәиргылаз ажәалагала иадымгылеит, убри аҟынтә мшаԥымза 28, 1969 шықәсазы, ареферендум алҵшәақәа аныҟала иара ԥхьатәара дцоит.

Абҵарамза 9, 1970 шықәсазы, ԥшьынҩажәа шықәса ихыҵра мызк шагыз Шарль де Голль иԥсҭазаара далҵуеит.[15]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-06-15 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://studwood.ru/978758/istoriya/detstvo_yunost_sharlya
  3. https://kratkoebio.ru/sharl-de-goll-kratkaya-biografiya/
  4. https://stories-of-success.ru/sharlya-de-gollya
  5. http://www.coldwar.ru/gaulle/de_gaulle.php
  6. https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html
  7. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-09-16 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  8. https://diletant.media/articles/26536223/
  9. https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia
  10. http://www.mukhin.ru/gaulle.html
  11. https://smotrim.ru/video/1483140
  12. https://www.krugosvet.ru/enc/istoriya/DE_GOLL_SHARL.html
  13. https://histrf.ru/biblioteka/b/kratkii-kurs-istorii-simvol-frantsuzskogho-soprotivlieniia
  14. https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html
  15. https://3banana.ru/sharl-de-goll-biografiya-filmy-foto-lichnaya-zhizn-poslednie-novosti-2019/#i-15