Де Голль, Шарль

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Де Голль, Шарль
Charles de Gaulle

Аполитикатә партиа
Алахәылара Союз демократов в поддержку республики
Объединение французского народа

Ахатәы хьӡы Charles André Joseph Marie de Gaulle
Аира абҵарамза 22, 1890 ш.
Лилль
Аԥсра абҵарамза 9, 1970 ш.
Коломбе-ле-Дёз-Эглиз
Аԥсра зыхҟьаз аневризма
Аԥсыжра аҭыԥ grave of Charles de Gaulle
Атәылауаҩра Франциа
Абызшәақәа Афранцыз бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Ивонна де Голль (1921 ш.–1970 ш.)
Ани аби Жанна Майо,
Анри де Голль
Ахәыҷқәа Анна де Голль,
Филипп де Голль,
Элизабет де Голль
Ауацәа Marie-Agnès de Gaulle, Jacques de Gaulle, Ксавье де Голльи Pierre de Gaulle (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Анхарҭа Елисейский дворец
Алма-матер Сен-Сир,
Коллеж Станислава в Париже,
École supérieure de guerre
Аусура государственный деятель,
мемуарист,
военный теоретик,
офицер
Адин католицизм
Анашьамҭақәа кавалер Большого креста ордена «За заслуги» (Франция)
Большой крест особой степени ордена «За заслуги перед Федеративной Республикой Германия»
серебряный крест ордена Virtuti Militari
почётный доктор Университета Бразилиа
великий магистр ордена Почётного легиона
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа

Шарль Андре Жозеф Мари де Голль (афр. Charles André Joseph Marie de Gaulle) – афранцыз генерал, аполитик, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа еицырдыруаз атанктә еибашьра атактик иаҳасаб ала Аҩбатәи адунеизгьтәи аибашьра аан зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа раԥхьагыла, 1944–1946-тәи ашықәсқәа рзы аамҭалатәи аиҳабыра рхада. Аконституциа ҿыц агәазырхаҵаҩы, насгьы 1958 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа Ахәбатәи ареспублика актәи ахада.

Анысмҩеи арратә кариера алагареи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Диит Шарль де Голль акрызкыз аҭаацәараҿы, иара иҭаацәа католикцәан. Иаб Анри де Голль Вожирар амҩаҟны игылаз Иезуиттәи аколлеџь аҟны аҭоурыхи афилософиеи амаҭәарқәа дрыԥхьон. Шарль адинхаҵара иадҳәалаз аҵарадырра иоуит, ирацәаны даԥхьон, дхәыҷаахыс алитературахь аинтерес ду ааирԥшуан, ажәеинраалақәагьы иҩуан. Ажәеинраалақәа зыҩуаз аҵаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз аицлабра аҟны де Голль иигаз аиааира аан идыргалаз аԥаратә ҳамҭеи иажәеинраалақәа ркьыԥхьреи рыбжьара, аҩбатәи алихит. Де Голль убасгьы, аҭоурых даара дазҿлымҳан, иара иҭаацәа ракәзар, рхылҵшьҭреи, урҭ иаадырԥшхьаз афырхаҵарақәеи ирылаҽхәон: аҭаацәаратә легенда инақәыршәаны, де Голльаа рҭаацәара аҟнытә Жеган захьӡыз, Жанна д'Арк лныҟәара далахәын. Де Голль хәыҷы иаб иеиҭеиҳәоз арҭ ажәабжьқәа даара бзиа ибон, иабшьҭра рҭоурыхқәа дрызҿлымҳан. Аӡәырҩы, иаҳҳәозар Уинстон Черчилль де Голль дихыхәмаруан, уара «Жанна д’Арк лхыхьымӡшьрақәа умоуп» ҳәа. Аԥхьаҟа игенералхараны иҟаз де Голль данхәыҷыз, Франциа пату ду зқәыз, иԥшьаз Жанна д'Арк ҳәа ззырҳәоз данлеиԥхыӡуазгьы ыҟан, иԥхыӡқәа рҟны лареи иареи Франциа ахьчаразы рыжәҩақәа еидҵаны еибашьуан.

Ихәыҷраамҭақәа раан де Голль иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуахеит ауаа напхгара рзуреи, ииҳәоз анагӡареи. Уи иҟазшьа аҷыдарақәа ирыбзоураны, иара ихаҭагьы, иашьцәагьы, иаҳәшьагьы имаӡаз абызшәа рҵеит, уи абызшәаҟны ажәақәа шьҭахьлантъ ԥхьаҟа иаԥхьон. Иҳәатәуп, афранцыз орфографиа азы ас еиԥш аԥхьара алыршара акырӡа ишыуадаҩу, иаҳҳәап аурыс, англыз, анемец бызшәақәа рҟны аасҭа, аха ус шакәызгьы, Шарль де Голль даҿамхаӡакәаны ари абызшәа ала ажәабжьқәа еиҭеиҳәар илшон. Иара еснагь ихшыҩ арҵарра аус адиулон, уи ифеноменалтә ҟазшьақәа иааигәа иҟаз дыршанхон, де Голль илшон 30–40 даҟьа рҟынӡа ирныз гәынкыланы ҿырҳәала аҳәара, ажәакгьы бжьамыжькәа. Де Голль данқәыԥшыз инаркны ԥшь-дисциплинак рахь аинтерес иман: алитература, аҭоурых, афилософиа, арратә ҟазара. Афилософцәа рахьтә иара идунеихәаԥшра еиҳа анырра азҭаз дыруаӡәкуп Анри Бергсон, уи иҵарадыррақәа рҟынтә зегь реиҳа иԥсҭазаараҿы ихадарахаз идунеихәаԥшышьа ашьақәгылареи, есҽнытәи ихымҩаԥгашьа шьақәзыргылоз адыррақәа роуп. Актәи – Бергсон иԥхьаӡон ԥсабарала иаԥу ауаа ршара – иалкаау абиԥареи иргәаҟу ажәлари ҳәа – ари адемократиа аԥхьа адиктатура иамоу ԥыжәароуп ҳәа.

Аҩбатәи – ацәалашәаратәи философиа, уи инақәыршәаны ауаҩы иусура зегьы зыдҳәалоу аинстинкти ахшыҩи реинырра ауп. Арҭ ахшыҩҵакқәа де Голль акыр хра злоу аӡбамҭақәа рыдкылара аан ахархәара риҭон, урҭ роуп иара дхазгалазгьы, анаҩс даԥызхызгьы. Иҭаацәаратә ҭагылазаашьеи, насгьы дзызҿлымҳази де Голль иԥсадгьыл ахь, уи аҭоурых ахь, имиссиахь азыҟазаашьа шьақәнаргылеит. Аха арратә ус ахь имаз азҿлымҳара де Голль апрактика аҟны иааирԥшит. 1909 шықәса рзы Шарль де Голль Сен - Сиртәи Арратә академиа дҭалеит. 1913 шықәса рзы алеитенант еиҵбы ичын иманы иара, усҟантәи аамҭазы аполковник Филипп Петена командаҟаҵара ззиуаз аршьаҟауаа рполк ахь амаҵзура ахысразы дцоит (Филипп Петена ибзоурала де Голль акомандатә ҳаракырахь дхалоит, аамҭак анаҩс 1945 шықәса рзы иқәҵаз ашьрагьы дацәцеит). Аибашьра алагамҭазы Шарль де Голль ҩынтә дхәын, уи ашьҭахь шасыс дыргоит, уа иҟазаара иалагӡаны хәынтә дыбналарц иҽазишәеит, аха урҭ зегьы лҵшәадахеит. Аибашьра анеилга ашьҭахь, иара ар рҟны даанхоит, уа раԥхьа аинрал Максим Веиганда иштаб аҟны имаҵзура ихигон, анаҩс аинрал Филипп Петена ирхәҭақәа рҟны иуалԥшьа неигӡон. Польшеи асоветтәи еибашьра аан, 1919–1920 шықәсқәа рзы, Шарль де Голль Польша аршьаҟауаа рырхәҭақәа рҟны инструкторс дыҟан. Иара усҟан амаиор ичын аҟынӡа дышьҭыхын, иагьидгалан аԥхьаҟатәи икариера Польша иациҵарц, аха де Голль Франциаҟа агьежьра алихит.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагамҭазы де Голль аполковник ичын шимаз дыҟан, избанзар ирратә напхгара иааирԥшуаз идунеихәаԥшышьазы бзиа дырбомызт рацәак. Аха, рашәарамза 10, 1940 шықәса рзы анемеццәа Седан ианалала, иара игәра ганы аԥшьбатәи акәылӡтәы техникатә дивизиа анапхгараҭара идыргалоит. Рашәарамза 28 рзы де Голль итанкқәа анемеццәа раанкылара рылшеит Каумонте аҵаҟа ицоз аибашьра аан. Аполковник де Голль иоуп афранцыз командаҟаҵаҩцәа зегьы рахьтә анемеццәа хьаҵыртә еиԥш аҟаҵара зылшаз, Франциа ианалалаз аамҭазы. Аԥыза-министр Поль Реино усҟан чынла дҳареикуеит, абригадатә генерал инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵоит. Рашәрамза 6, 1940 шықәса рзы, Реино де Голль Британиа дуи Франциеи рыбжьара амилаҭтә тәылахьчаразы акоординациатә усқәа рҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵеит. Аиҳабыра рлахәылас иҟалаз агенерал ахьаҵразы иҟарҵоз ажәалагалақәа дырҿагылон. Аха, аибашьра ацҵара иадгылоз аиҳабыра алахәылацәа, ари аус аҟны иаҵахеит аҟынтә, Реино ԥхьатәара дцеит. Петен иакәзар, аԥыза-министрс даныҟала Германиа анышәара дашьҭалеит. Рашәарамза 17 рзы, аинрал Поль Реино ииҭаз 100-нызқь ахьтәы франкқәа иманы Бордонтәи ҳаирпланла дыбналоит, уи Лондон дтәоит. Де Голль иакәзар, Франциа акапитулиациа мап ацәикырц иӡбеит, насгьы Аҿагыларатә ҵысра аԥҵара далагеит. Рашәарамза 4, 1940 шықәса рзы Тулузтәи арратә трибунал де Голль ԥшьышықәса иқәҵаны дарбаандаҩуеит. Аҩбатәи арратә трибунал аҟны, нанҳәамза 2, 1940 шықәса рзы, ашьра иқәҵан, аԥсадгьыл аԥсахразы. Аха Франциа ахы ианақәиҭыртә иара иаарласны Зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа рҿаԥхьа иаҳаҭыр шьҭихуеит. Парижҟа даныгежь, аинрал Ахԥатәи ареспублика ашьҭрамадара рылеиҳәеит, иара афашисттә Франциа алегетимра мап ацәикуан. Аибашьра анеилга де Голль 1944 шықәса цәыббрамза инаркны 1946 шықәсанӡа аамҭалатәи аиҳабыра рхадас дыҟан, аха жьырныҳәамза 20 рзы иара аполитикатә партиақәа рҟны аҭыԥ змаз аконфликт ҿыҵгас иҟаҵаны ԥхьатәара дцоит, насгьы иара Аԥшьбатәи ареспублика аконституциа апроект идикыломызт, избанзар ари аконституциа апарламент алахәылацәа амчра ду рынаҭон.

1958 шықәса: Аԥшьбатәи Ареспублика ахыбгалара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥшьбатәи Ареспублика аполитика аганахьала уахәаԥшуазар, даара иҭышәынтәаламызт, Индокитаитәи аманшәаламра, насгьы алжиртәи азҵаара ӡбашьа ахьамамызи рганахь ала. 1958 шықәса, лаҵарамза 13 рзы аҿыцынхаҩцәа Алжир аиҳабыра ахьтәаз ахыбра рнапахьы иааргеит. Акомандаҟаҵаҩ хада, аинрал Рауль Салан арадио ала адырра ҟаиҵеит, аруаа аамҭала франциатәи Алжир алахьынҵа азы аҭакԥхықәра рхахьы ишыргаз. Акризис аҽарҭбаауан, избанзар франциатәи апарашиутистцәа Алжирнтәи Корсика рнапахьы иааргеит, насгьы иалацәажәон Париж азааигәара адесант артәара азҵаара. Апартиақәа зегьы раԥхьагылаҩцәа ракәзар, де Голль амчрахь игьежьра иақәшаҳаҭхеит. Ари аҭагылазаашьа мап ацәызкыз Франсуа Миттеран икоммунисттә партиа заҵәык ауп, урҭ де Голль афашисттә аарҳәра дагентуп ҳәа иқәыӡбеит. Де Голль аханатә еиԥш игәы иҭан Аԥшьбатәи ареспублика аконституциа аԥсахра, уи Франциа аполитикатә ҭагылазаашьа арԥсыҽуеит ҳәа иԥхьаӡаны. Аинрал фымз ирылагӡаны инарҭбаау аҭагылазаашьа ҷыдатә зинмчқәа ирҭозар, насгьы аконституциа ҿыц адкылара иадгылозар амчрахь дшыгьежьуа азы дрылаӡеит. Рашәарамза 1, 1958 шықәса рзы де Голль аԥыза-министрхеит. Цәыббрамза 28, 1958 шықәса рзы имҩаԥган ареферендум, 79,2 % зыбжьы азҭаз аконституциа ҿыци Ахәбатәи ареспублика аԥҵареи адгылара арҭеит. Аколониақәа (Алжир официалла Франциа иахәҭакын, калониаӡамызт) алшара роуит ахьыԥшымреи аконституциа ҿыци рыбжьара алхразы. Аколониақәа зегьы аконституциа ҿыц азы рыбжьы арҭеит, Гвинеиа заҵәык ада, уи ахьыԥшымра зауз, раԥхьатәи Франциа иатәу африкатәи колониахеит, франциатәи ацхыраарагьы уа иаанкылан.

1958–1962-тәи ашықәсқәа: Ахәбатәи ареспублика аԥҵара[аредакциазура | акод аредакциазура]

1958 шықәса, абҵарамзазы де Голльи уи ишьҭрақәлаҩцәеи абжьқәа реиҳарак роуит, ԥхынҷкәынмзазы аинрал иоуз 78% абжьқәа ирыбзоураны президентс далхын. Иара даара иџьбараз аекономикатә усқәа идикылон, уахь иаҵанакуеит афранк ҿыц аҭыжьрагьы. Нанҳәамза 22, 1962 шықәса рзы аинрали иԥҳәыси ирықәлоит, аха дара аԥсра иацәцоит. Жәларбжьаратәи арена аҟны де Голль Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи рыбжьара дыбжьажьон, зхатәы иадертә бџьар змоу ихьыԥшым Франциа аларҵәо. Убасгьы, де Голль Франциеи Германиеи рыбжьара аусеицуразы аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара далагеит, иара Наполеон ихаанахыс раԥхьаӡа акәны Германиа Франциа ахада иаҳасаб ала даҭааит.

1962–1968-тәи ашықәсқәа: аҳаракыра аполитика[аредакциазура | акод аредакциазура]

Алжиртәи аконфликт аҭагылазаашьа аҟны де Голль илшеит ихадаз ҩ-хықәкык рынагӡара: Франциа аекономика ареформа азура, адәныҟатәи аполитикаҟны Франциа апозициа ӷәӷәа адгылара аҭара, «аҳаракыра аполитика» ҳәа ззырҳәоз. Аиҳабыра активла аекономика рхы аларгалон, уи аан мыруга хадас ирымаз хәышықәсатәи апланқәа ракәын. Аҳәынҭқарра иазырхаз амраҭашәарахьтәи акапитализми аекономикеи ркомбинациа иабзоураны, даара инарҭбааз апроектқәа аԥсҭазаара иаларҵәан. 1964 шықәса рзы, раԥхьаӡа акәны 200 шықәса ирылагӡаны, Франциатәи ВВП Британиа Ду иаԥысит. Де Голль агәра ганы дыҟан, Франциа ӷәӷәаӡа аҟазаара адунеи зегьы аинтересқәа ирықәшәоит ҳәа. 1964 шықәса рзы, Франциа официалла КНР азханаҵеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа уи ишаҿагылозгьы. 1965 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы де Голль даҽа быжьшықәса ҿҳәарас иаҭаны президентс далхын, уи Франсуа Миттеран алхрақәа раан даиааиуеит. 1966 шықәса, жәабранмзазы Франциа НАТО иалҵуеит. Де Голль ихатәы иадертә мчрақәа аԥҵо, иҭахымызт Вашигтон ирыдыркылоз аӡбамҭақәа дырхьыԥшызарц. 1967 шықәса, рашәарамзазы иара израилиаа дрықәыӡбоит Мраҭашәаратәи аҟәареи Гази аоккупациа ахьазыруз азы, Фымштәи аибашьра ашьҭахь. Ари даара акрызҵазкуаз ҭагылазаашьан Франциеи Израили рполитикатә еизыҟазаашьазы.

1968 шықәса: амчра аҟынтәи ацара, аԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

1968 шықәса, лаҵарамзазы аҭыԥ змаз ақәгыларақәеи адемонстрациақәеи даара ипроблема дуун де Голль ипрезидентразы. Иара апарламент еиуижьит, уи алагьы аиҳабыра рыбжьқәа реиҳарак ицәыӡит, анаҩс рашәарамза 1968 шықәса рзы алхра ҿыцқәа мҩаԥигеит, урҭ алхрақәа аголлистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рзы қәҿиара духеит: апартиа иаиуит 358 ҭыԥ, иҟаз 487 ҭыԥ рҟынтәи. Шарль де Голль ԥхьатәара дцеит мшаԥымза 28, 1969 шықәса рзы, иара ихаҭа иабжьигаз ареферендум анылҵшәадаха ашьҭахь. Шарль де Голль президентс иҟазаара аан, даара аҿиара аиуит асовет-франциатә еизыҟазаашьақәа. 1966 шықәса рзы де Голль официалтә визитла Асовет Еидгыла (СССР) даҭааит. Усҟан имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәеи, 1966 шықәса, рашәарамза 30 рзы анапы зҵаҩыз асовет-франциатә Декларациеи ирыбзоураны, асоветтә-франциатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых азы етап духеит. Шарль де Голль ԥхьатәара данца Коломбе-ле-дез-Еглиз дынхон. Иԥсҭазаара далҵит, 1970 шықәса, абҵарамза 9 рзы. Анышә дамадоуп дахьынхоз аҭыԥ Коломбе-ле-дез-Еглизтәи аԥсыжырҭаҿы.

Аинтерес зҵоу афактқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Жозеф Мари де Голль – франциатәи арратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, аинрал. Иара еицырдыруаз уаҩны дшыҟазгьы, ихатәы ԥсҭазаара аҟынтә еилкаам рацәоуп.

Афакт №1[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҩажәатәи ашәышықәса, аҩажәатәи ашықәсқәа рзы афицар ҿа Шарль де Голль длабадыруеит Ивонна Ванду, ахаатәы ҟазҵоз иԥҳа. Уи абал ахь ааԥхьара лиҭоит. Аха иара акәашашьа ахьизымдыруаз азы, ахәылԥаз зегьы арратә жәабжьқәа лзеиҭеиҳәон. Знык-ҩынтә ианеиқәшәа ашьҭахь, лҭаацәа иралҳәоит «ма иара, мамзаргьы уаҳа даҽаӡәы мап» ҳәа.

Афакт № 2[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ивонна Ванду дзыццараны дыҟаз 30 шықәса ихыҵра аан илӡыз анбан хаақәа ирылхны бзиа дшибо атәы иҳәар акәхеит, жәаҳәарада, ас еиԥш аребус де Голль изы иуадаҩмызт, избанзар дхәыҷаахыс ажәақәа нарҳәаарҳәны аԥхьашьа идыруан.

Афакт № 3[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аамҭак азы де Голль аԥара ахьимамыз иахҟьаны, иҩыза Гарри Трумен ҳамҭас ииҭаз америкаа равтомобиль иҭиир акәхеит. Ифинансттә ҭагылазаашьа арҽеира алдыршеит иҭыҵыз имемуарқәа.

Афакт № 4[аредакциазура | акод аредакциазура]

Шарль де Голль ԥшьынҩажәа шықәса анихыҵуаз Конго аԥыза аббат Фиульбер Иулу дидкыло, уи ишәыз асутана дарҩашьан, «Мадам…» ҳәа иеиҳәеит.

Афакт № 5[аредакциазура | акод аредакциазура]

Шарль де Голль ҽнак абас еиԥш азгәеиҭеит: «Ԥсыхәас иамоузеи 246 ашәхкқәа ахьыҟарҵо атәыла напхгараҭарас?» ҳәа.

Афакт № 6[аредакциазура | акод аредакциазура]

Де Голль иҟаиҵаз аҿаҵарала ауп Марк Шагал Гранд Опера асахьанҵара дшалагаз.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]