Перейти к содержанию

Баграт II

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Баграт III (Қырҭтәыла)» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Баграт II
Баграт III
Аԥсҳа
Амаҵураҭыԥ ахь:
978 – 1008
Аԥхьа иҟаз Феодоси III
Аҭынха Қырҭтәыла (Ақырҭуа-аԥсуа) аҳраду ашьақәгылара.
Қырҭтәыла аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1008 – 1014
Аԥхьа иҟаз Қырҭтәыла (Ақырҭуа-аԥсуа) аҳраду ашьақәгылара.
Аҭынха Гьаргь I


Аира 960
Қәҭешь
Аԥсра лаҵарамза 71014 ш.
Ҭао-Кларџьеҭ
Аԥсыжра аҭыԥ Агәы-Бедиа, Аԥсуа Аҳраду
Аԥҳәыс аҳкәажәду Марҭа
Ани аби

Гәыргьен Қырҭтәылатәи

Аҳкәажәду Гәырандыхәт
Ахәыҷқәа Гьаргь I
Адин Ақьырсианра

Баграт II, иара убасгьы Баграт III[1]Аԥсуа аҳраду аԥсҳа (976-1008), Қырҭәыла раԥхьатәи ихьыԥшым аҳ (меԥе)[2].

Ахәыҷра шықәсқәа. Аҿара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Баграт диит 960 ашықәсазы, "Аԥсҳацәа рдиуан" ала 21-тәи аԥсҳас дыҟан[2][3]. Баграт иаб Аҩа-датәи Таик аҳ, Гәыргьен Баграт-иԥа, Таиктәи Багратидцәа рдинастиа рҟынтә. Аҳтә хәыҷы тра-дициала иабду ихьӡ ихҵан, даҽакала иуҳәозар, Таик аҳ иаҳаҭыр азы. Баграт иан Аԥсҳа Гьаргь II иԥҳа, Қарҭли аҳмадаԥҳәысаҳкәажәду Гәырандыхәт лоуп.

Феодосии иашьа Дырмити амчразы реиҿагылара иахҟьаны, хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, аҵыхәтәантәи уи дииааит, иблақәа ҭиблааит[1][2]. Ацәгьаршреи агәымбылџьбарареи ргәа-зыҳәара змоу қарҭлиаа иаразнак аҳраҿы иҟаз аҳҭынратә гәаҟрақәа рхы иадырхәеит. Убарҭ қарҭлиаа еснагь Аԥсны иаҿагыланы изыргәаҟуаз акахцәа. Ацәгьаршцәа ари аԥхьатәи абаа рнапаҿы иааргарц ргәы иҭаны, атәыла амрагыларахьтәи Аԥсуа аҳмадацәа рхырӷәӷәарҭа Уԥлис-Цыхь ҳәа изышьҭоу аҳаԥы-қалақь ааныркылеит[3]. Абаа аиҳабы, насгьы Қарҭли аҳмада Иуана Марышь-иԥа, «ауаҩ ӷәӷәа, ауаа рацәа змаз ауаҩы», Таиктәи анапхгаҩы Дауҭ III изеиҭеи-ҳәеит аҭагылазаашьа, насгьы ааԥхьара ииҭеит рымчқәа еидкыланы аус руларц, акахцәа риааирц, насгьы ауадаҩра иашала иӡбарц Баграт қәыԥш изы[2].

Аԥсуа аҳраду аҭынха

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥшәма Марышь-иԥа ицҳаражәҳәаҩ дизыӡырҩын, Дауҭ III имчқәа иманы Қарҭлиҟа иҿынеи-хеит[1]. Кәыра аԥшаҳәаҿы даннеи, Таиктәи аҳ Дауҭ Уԥлис-Цыхь анҭыҵ Квахврели ҳәа изышь-ҭоу аҭыԥ аҿы атәарҭа шьақәиргылеит[3]. Уа диԥылеит Қарҭли аҳмада Иуана Марышь-иԥа, абаа иара инапы ианиҵеит, уи Дауҭ иаразнак аҳиԥа Баграти иаб Гәыргьени ириҭеит. 975 шықәсазы аԥсҳа Дырмит данԥсы ашьҭахь, Қарҭли аԥшәмацәа, ишыҟарҵало еиԥш, дырҩегьых аичырчарақәа рыҟаҵара иалагеит, уимоу, Уԥлис-Цыхь иҟаз аԥсҳацәа раҳҭынра иақәлеит[2]. Абри ацәгьаршра иахҟьаны Қарҭли аҳмада аҳкәажәду Гәырандыхәти[3] лхаҵа Гәыргьени урҭ рыҷкәын аҳиԥа Баграти итҟәаны Кахьеҭҟа иахыргеит. Уԥлис-Цыхь иҟалаз акризис атәы Дауҭ адырра ширҭазҵәҟьа, иаразнак ирмчқәа зегьы ааизганы, аҩадахьтәи ахырхарҭала иҿынеихеит. Аҳ Самцхе дааит, Триалеҭ ақьаԥҭа шьақәиргылеит, Кахьеҭ ақәлара иҽазыҟаиҵон[3]. Қарҭлиааи кахцәеи иаразнак жәлар реизара алахәылаҩцәа Дауҭ диԥыларц идәықәырҵеит аҭынчра иаҳәо. Қарҭли аҳмадаԥҳәыс аҳкәажәду Гәырандыхәти Гәыргени, урҭ рыҷкәын Баграти иоурышьҭуеит, Уԥлис-Цыхьеи иара Қарҭли ахаҭагьы дырхынҳәуеит ҳәа. Аҭынха Баграт макьана дахьқәыԥшыз аҟынтә, Дауҭ иаб ицнапхгаҩыс дидиҵеит. Дауҭ иҭынха дшыхәҷызгьы, арԥыс агәыргьын ихҵаны Аԥсуа аҳраду аанкылара азин ииҭеит. Акуропалаҭ қарҭлитәи аамсҭацәа зегьы еизиган, аҳиԥа Баграт изкны адҵа риҭеит[2]:

Уи Ҭао, Қарҭли, Аԥсни рҭынхатә напхгаҩуп, сԥа, сааӡамҭа, сара [мацара] иабаӡеи, ицхырааҩ соуп. Зегьы Иара шәизыӡырҩла.[2]

Уи идҵа инамырыгӡеит, Багратгьы амчрахь днамгаӡеит, еиҳа ииашаны иуҳәозар, ианшьа Феодоси Блаҭыбла дицнапхгаҩыс дҟарҵеит[3][2].

Баграт II иргылаз аныхабаа дуӡӡа – Агәыбедиатәи аныхабаа.

Аԥснытәи Баграт илашәыз ианшьеи иареи ҩышықәса ацнапхгаҩра ашьҭахь, агәыргьын ахаҵара мҩаԥысит. Ари ҟалеит 978 шықәсазы Аԥсуа аҳраду аҳҭнықалақь Қәҭешь, еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳцәа рқыҭа Гәықыҭ, атәыла анапхгаҩцәа рхан ахьыҟаз. Феодосии III Блаҭыбла имчрақәа ахьынихыз инамаданы, Баграт II ианшьа, Таикҟа дишьҭит, ихьӡ зху иаб, Дауҭ Амагистор ихылаԥшра аҵҟа. Аԥсуа уаажәларра ари наӡаӡатәи аибашьра аҭагылазаашьа ргәы ԥнажәеит. Насгьы зегьы иргәаԥхеит Баграт икандидатура[3].

Раԥхьа иргыланы аԥсҳа иӡбеит Қарҭли иааз аԥсуаа раҳмадаԥҳәыс – аҳкәажәду Гәырандыхәт[1], лҳәатәы хазымҵоз қарҭлиаа рҳәатәхамҵара аҵыхәтәа аԥиҵарц. Аԥсҳа уи ауадаҩра ибзианы идыруан, ажәабжьқәа рыла акәымкәа.

Баграт II Қарҭли далалеит, Ҭыгәа (Тыгва) рҳаблаҿы атәарҭа еиҿикааит. Аԥсҳа хырԥашьа змамыз иаара рҽазыҟарҵо, қарҭлитәи аамсҭара хадас далырхит аамсҭа, ар рхы Қавҭар Ҵбели[2]. Могриси аԥхьа рымч еизганы аибашьра рҽазыҟарҵеит. Аԥсҳа Баграт ир рықәҿиҭит, иеибашьцәа аӷа иҿалеит, аибашьрагьы ҟалеит. Дук мырҵыкәа қарҭлиаа ргәы каҳаны ибналт. Аԥсуаа, аӷа ишьҭаланы, аӡәырҩы ршьит, егьырҭ итҟәаны иргеит.

Аҩныҵҟатәи Қарҭли афеодалцәа рҿаԥхьа аиааира ганы, Баграт II Уԥлис-Цыхь дааит, мышқәакгьы уа даанхеит. Иара ахара зду, рыгәрагара иақәымшәоз ауаа ықәихит, урҭ рҭыԥан зыхшыҩ ҟәышыз, зыгәра угартә иҟаз аҳҭынрауаа иқәиргылеит. Баграт гәҩарас иҟаиҵеит иан Гәыран-дыхәт уи далахәызшәа[3][2]. Урҭ аимак рыбжьалеит, уи иахҟьаны аҳкәажәду Қарҭли аҳмада имаҵура лымхны, дахганы Қәҭешьҟа дыргеит. Ԥыҭраамҭак дынхон Гәықыҭаҿ, нас Агәыбедиаҟа дхырҵәеит. Бедиаҿ аҳкәажәду аныхабаа аргылара дахылаԥшуан[2].

988 ш. азы Қарҭли абашьра. Аԥсны иаҿагыло акоалициа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ԥыҭрак ашьҭахь Триалеҭ, Манглис аԥсҭа, Сквиреҭ, Кәыра аладахьтәи егьырҭ аҭыԥқәа рнапхгаҩы, Клдекартәи арԥыза Рати, аԥсҳа иҳәатәы хамҵо далагеит. Иара итәын Клдекар, Атен абаагәарақәа, иааизакны иуҳәозар, изакәантәымкәа иааикәыршаны иҟаз адгьылқәа рацәаны иоуит.

Аха ацәгьа зҭахыз шьоукы аԥсҳа иаԥхьа иқәгылеит. Таик анапхгаҩы Дауҭи, Аҩадатәи Таик зтәыз Баграти адырра рырҭеит аԥсҳа абри аганахьала ақәылара дшазхиаз, аха зынӡа Клдекартәи арԥыза ирҭынчразы акәымкәа, дара рхаҭақәа рҿаԥхьа ашьоура аҟаҵаразы[3]. Баграт II Қарҭли иқәлара инамаданы, Дауҭ III иаарласны ар еизигеит аԥсҳа иԥыларазы. Убри аамҭазы аԥсҳа Триалеҭ дааит, Карушеҭ атәарҭа шьақәиргылеит. Иуаажәлар рышьҭит Таиктәи Дауҭ иҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҭырҵаарц. Уажәы Дауҭ дышизымиааиуа агәра анига, иара иӡбеит зыӡбахә ҳәоу аб иахь ихаҭа дцаны агәнаҳа иҳәарц. Дауҭ иахь дааны иеилиркааит зынӡа ацәгьа изыҟаиҵарц шиҭахым, аха ари аҭыԥ ахь дшааз Рати Багваши иҟаиҵаз ақәгылара азы аҵатәхәы ииҭарц азы мацара шакәыз. Дауҭ иҵаҩы иажәақәа дырзыӡырҩит, уи игәы иақәшәон. Уи Аԥснытәи Баграт иеиҳәеит абас:

Сышьра хықәкыс иуманы уааит ҳәа адырра соуит, аха уажәы акгьы шыухарам ала ашьақәырӷәӷәара соуит. Уцаны Рати ишуҭаху уизныҟәга[2].

Баграт II дхынҳәит, Дауҭ III ицхыраара игәы иахәаны.

Убас, аӡын агәҭаны, дшақәымгәыӷӡоз ир зегьы иманы дааин, Клдекартәи абааш дакәшеит. Рати Багваши дџьашьаны дигеит. Дызқәымгәыӷӡоз, гәыӷра змам аҭагылазаашьа игәы ҭҟьаны, аԥсҳа диԥыларц азы абааш дынҭыҵын, иԥа Липарит дааҭигеит, ихылаԥшҩы дизиашаны дышизыҟоу азы ажәас диҭарц дазхианы. Амч ду змаз асепаратист диҳәеит иҭаацәагьы иаргьы дмырӡырц, иаҳ иҳәатәы зегь рыла ишизыӡырҩуа ажәа иҭаны. Уи Баграт II ажәа ииҭеит, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иигаз Триалеҭ адгьылқәа зегьы, Манглитәи аԥсҭа, Сквиреҭ аанрыжьны, Атени, Клдекари иҟоу абаагәарақәа рыҭаны, иԥсадгьыл Аргвеҭҟа дхынҳәит.

992 Баграт II - Аԥсны аҭоурых дуӡӡа автори уи иманифест

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсҳа Константин иԥацәа – Гьаргьи Баграти рыбжьара иҟалаз “аиҿагылара гәымбылџьбара”[2][1]далацәажәо, зыхьӡ ҳәам аԥсуа хроникҩы, иазгәеиҭеит “уи Рыԥсҭазааранҵаҿ инарҭбааны иануп”[4] ҳәа[2]. Аԥсҳа Баграт иҩымҭа “Аԥсны аҭоурых” ауп зыӡбахә ҳамоу, еиҳа ииашаны иуҳәозар, аԥсҳацәа зегьы, Гьаргьи Баграти уахь иналаҵаны, доусы рбиографиақәа инарҭбааны иаарԥшу уи ахәҭақәа роуп ҳәа агәаанагара ҟаҵатәуп. Баграт II Аԥсны аҭоурых зҩыз шиакәыз, ари анапылаҩыра хаҭала ишибаз, инапаҿы ишикыз азы шаҳаҭра ҟаиҵеит Иерусалимтәи апатриарх Досифеи[2].

1008-1010 рзы. Кахьеҭи Ереҭи аԥсҳа инапаҿы иаагара ҿыц

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Баграт II ир иманы, Қарҭлиҟа иҿынеихеит. Аԥсҳа ԥхьаҟа Кахьеҭҟа ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, ақорепископ Дауҭ адҵа ҟаҵаны, уаанӡа Қарҭли иатәыз, уажәы кахцәа рнапаҿы иаау абаашқәа дырхынҳәырц. Кахьеҭтәи Дауҭ уи адҵа аҭак ҟаиҵеит, абаа архынҳәра мап ацәикны, аимак-аиҿак Қсани аԥшаҳәаҿы аибашьрала иӡбатәуп ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит. Аԥсуааи қарҭлааи раҳ ақорепископ игәымбылџьбарара дазгәааит.

Баграт II иргылаз аныхабаа - Баграти

Уи аамҭазы Длива дыҟан, убрантәи иаб Гәыргьен данԥсы ашьҭахьгьы ихы иақәиҭны инапы злакыз Таика аусқәа еиҿикаауан.Убри аҟнытә, еиҳарак иреиҳау таиктә аруаа ицын. Аԥсҳа ацҳаражәҳәаҩцәа ааишьҭит. Амҩан Триалеҭи Мцхьеҭаи иахьеиԥшьыз ацҳа ишавсуаз, аԥсуаа-қарҭлиатәи аҳҭнырԥар ааидгылеит.

Баграт еиду ар мрагыларахь Каспиатәи Амшын аганахь иаау - Кахьеҭи Ереҭи ахь. Дауҭ уи иҿагылара илымшеит, избанзар аԥсҳа ир хыԥхьаӡара рымамызт. Баграт II-тәии Ереҭ игеит, ереҭтәи ар рхы Абдулла уа аҳмадас дҟаиҵеит, ашьҭахь иқалақь хада, Қәҭешьҟа дхынҳәит[2].

Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа. Баграт II иԥсра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Убас, Баграт II хышықәса аибашьраҿ ихигеит, ихароу ахәҭақәеи иареи реизыҟазаашьа ҿыцқәа рыбжьаҵара, ацентри иареи реизыҟазаашьақәа рырҿыцра, рырӷәӷәара. Анаҩс иабдуцәа рхан ахь, Таика днеит, убраҟа, иԥсадгьыл аҿы, дычмазаҩхан дыԥсит, 1014 шықәса абжьбатәи амш, 36-тәи иаҳраура ашықәс азы, лаҵарамзазы[2]. Аԥсҳа иаҳҭынраҿы иҟаз аамсҭа Звиад аԥсҳа ибаҩ аашьҭыхны Агәыбедиа анышә иаиҭеит, уаҟа аҳ еицырдыруаз аныхабаа еиҭеиргылеит, уҳәан-сҳәанла ишырҳәо еиԥш, аԥсҳа ду иан, аҳкәажәду Гәырандыхәт уаанӡагьы анышә дамадан ҳәа.

Баграт II ԥҳәысс диман Марҭа, лара длыхшеит аԥа – аҳиԥа Гьаргь (ԥхьаҟатәи аҳ Гьаргь I)

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 Абӷажәба О. Хә., Лакоба С. З., Аԥсны аҭоурых, Аҟәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵареи аҭҵаареи Рминистрра., 2015.
  2. 2,00 2,01 2,02 2,03 2,04 2,05 2,06 2,07 2,08 2,09 2,10 2,11 2,12 2,13 2,14 2,15 2,16 Чачхал Денис, Аԥсуа аҳраду. Баграт II иаамҭа. 978-1014, Москва: Аква-Абаза, 2019.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 3,4 3,5 3,6 3,7 3,8 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника, Москва, 2000.
  4. Абри аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны, ҳара, аԥсуаа, ҳхатәы ашықәсҩыра ҳаман. Ма еиҳа ииашаны иуҳәозар, Аԥсны аҳцәа зегьы ирызку ашықәсҩыра.