Константин III

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Константин III, ма Константин ахԥатәи (893 ш. - 923 ш.) — аабатәи аԥсҳа иоуп .

Аԥсуа аҳра 915 шықәсазы Константин иаан ахсаала

Иара импыҵаихалеит Кахеҭи насгьы Ереҭи 915 шықәсазы. Избан акәзар 914 шықәсазы арабцәа Қарҭли иақәлеит. Убри азыҳәан Адарнасе Ҭао-Кларџьеҭи иҽиҵәахит, уи ашьҭахь аԥсҳа дивассалуп азхарҵеит. Константин ахԥатәи даара дҽирӷәӷәеит. Убри азыҳәан еиҭах амрагылара ақәлара илшоит. 915 шықәсазы Константинеи насгьы Квиркеи (Кахеҭи аҳ) еидгылеит. Урҭгьы аԥсҳа дивассалуп азхарҵеит. Аидгылацәа Ереҭи иақәлеит. Уигьы рымпыҵарӷәӷәеит.