Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа
Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба | |
---|---|
Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба | |
4-тәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада | |
Амаҵураҭыԥ ахь: цәыббрамза 25, 2014 ш. – ажьырныҳәамза 12, 2020 ш. | |
Аԥхьа иҟаз | Александр Анқәаб |
Аҭынха | Валери Бганба |
Аԥсны Жәлар Реизара алахәылаҩ (алхырҭатә ҭыԥ 30 – Тҟәарчал) | |
Амаҵураҭыԥ ахь: мшаԥымза 3, 2012 ш. – жьҭаарамза 7, 2014 ш. | |
Аԥхьа иҟаз | Даур Аршба |
Аҭынха | Таифун Арӡынба |
Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум ахантәаҩы | |
Амаҵураҭыԥ ахь: лаҵарамза 12, 2010 ш. – лаҵарамза 31, 2015 ш. | |
Аԥхьа иҟаз |
Даур Аршба, Асҭамыр Ҭаниа |
Аҭынха | Даур Аршба |
2-тәи Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: жәабранмза 12, 2005 ш. – лаҵарамза 28, 2009 ш. | |
Ахада | Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь |
Аԥхьа иҟаз | Валери Аршба |
Аҭынха | Александр Анқәаб |
5-тәи Аԥсны аԥыза-министр | |
Амаҵураҭыԥ ахь: мшаԥымза 22, 2003 ш. – жьҭаарамза 6, 2004 ш. | |
Ахада | Владислав Арӡынба |
Аԥхьа иҟаз | Геннади Гагәылиа |
Аҭынха | Нодар Ҳашба |
4-тәи Аԥсны атәылахьчара аминистр | |
Амаҵураҭыԥ ахь: ԥхынҷкәынмза 19, 2002 ш. – мшаԥымза 22, 2003 ш. | |
Аԥыза-министр | Геннади Гагәылиа |
Ахада | Владислав Арӡынба |
Аԥхьа иҟаз | Владимир Мканба |
Аҭынха | Виачеслав Ешба |
4-тәи Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: рашәарамза 18, 2001 ш. – мшаԥымза 22, 2003 ш. | |
Аԥыза-министр |
Анри Џьергьениа, Геннади Гагәылиа |
Ахада | Владислав Арӡынба |
Аԥхьа иҟаз | Беслан Кәыбраа |
Аҭынха | Асҭамыр Ҭарба |
3-тәи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы | |
Амаҵураҭыԥ ахь: ԥхынҷкәынмза, 1999 ш. – абҵарамза 1, 2001 ш. | |
Ахада | Владислав Арӡынба |
Аԥхьа иҟаз | Асҭамыр Ҭарба |
Аҭынха | Зураб Агәмаа |
| |
Аполитикатә партиа | |
Алахәылара | Форум народного единства Абхазии |
| |
Аира |
хәажәкырамза 21, 1958 ш. (66 ш.) Тҟәарчал |
Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла |
Алма-матер | Абхазский государственный университет |
Аусура | аполитик |
Адин | православие |
Анашьамҭақәа |
орден Леона орден «За заслуги» орден Дружбы |
Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба (хәажәкырамза 21, 1958 ш., Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада.
Абиографиа
Диит хәажәкырамза 21, 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал ақалақь; 1975 шықәсазы далгеит Тҟәарчалтәи ахабатәи абжьаратә ашкол; 1976-1978 шш. Асовет ар ахаҭақәа рҿы аррамҵзура дахысуан; 1984 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет; 1986 шықәсазы аҵара иҵон Минсктәи СССР аҳәынҭқарратә шәарҭадара аилак ашкол аҟны; 1986-1992 шш. Тҟәарчал ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵура аусзуҩыс дыҟан; 1992-1993 шш. Мрагыларатәи афронт аԥшыхәреи аконтрԥшыхареи рнаԥхгаҩыс дыҟан; 1993-1995 шш. аус иуан Аԥсны аҳәынҭқарра шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭвқәа рҿы; 1996-1999 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аиҳабыс, Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2003 шш. Аԥсны аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантаҩыс, атәылахьчара аминистрс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2003-2004 шш. Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан; 2005-2009 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2009-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩыс дыҟан; 2012 ш. Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын; 2014 ш. инаркны Аԥсны Ахәынҭқарра Ахадас дыҟоуп; Аинрал-маиоруп, «Леон иорден» ианашьоуп; Дҭаарацәоуп, ҩыџьа ахшара драбуп.
Алитература
Азхьарԥшқәа
Азгәаҭақәа