Ҭарба, Иван Константин-иԥа
| Иван Константин-иԥа Ҭарба | |
|---|---|
| Иван Константинович Тарба | |
|
Иван Константин-иԥа Ҭарба | |
| Аира |
хәажәкырамза 21, 1921 ш. Баслахә ақыҭа, Очамчыра араион, ССР Аԥсны |
| Аԥсра |
ажьырныҳәамза 29, 1994 ш. Аҟәа ақалақь, Аԥсны |
| Аусура | аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы |
| Абызшәақәа |
Аԥсуа бызшәа, аурыс бызшәа |
| Атәылауаҩра | Асовет Еидгыла |
| Алма-матер | Абхазский государственный университет |
| Ажанр |
поэзия, проза |
| Анашьамҭақәа |
орден Дружбы народов, медаль «За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941—1945 гг.», орден Трудового Красного Знамени, орден «Знак Почёта», медаль «В ознаменование 100-летия со дня рождения Владимира Ильича Ленина» |
| Ахаҵа/Аԥҳәыс | Когония, Этери Константиновна |
Иван Константин-иԥа Ҭарба (аур. Иван Константинович Тарба; хәажәкырамза 21, 1921 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Баслахә ақыҭа – ажьырныҳәамза 29, 1994 ш., Аԥсны, Аҟәа ақалақь) – аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Баслахәтәи алагарҭатә школи Очамчыратәи ашкол-интернати рҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша далгеит (1947). Аамҭак азы аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы. 1948-1953, 1958-1979 шш. раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1953-1954 шш. рзы Аԥсны аҵара аминистрс, 1954-1958 шш. рзы акәзар, Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аԥснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1954 ш. СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын. 1979 ш. инаркны – азаанаҭеидгылақәа Аԥснытәи робласттә совет амаӡаныҟәаҩ. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ӷәӷәала ичмазаҩыз апоет аамҭак азы аӷацәа ирымпыҵакыз Аҟәа далаханы дыҟан, араҟа итҟәацыз аснариад аԥҽыхақәа рыла дҭахеит иԥшәмаԥҳәыс, атеатр актриса Еҭери Коӷониа. Ашьҭахь иара далыргеит Гәдоуҭаҟа, уи нахыс Пицунда дыҟан. Аҽшьра иақәикхьан, аха џьашьахәшәа деиқәхеит. И. Ҭарба иԥсҭазаара далҵаанӡа «Ауасиаҭ ацынхәрас» зыхьӡу ашәҟәы иҩит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала (шәахә. Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. Аҟәа- Сухум, 1995, Ад. 52-53), уаҟа иҳәоит изқәикыз амзызқәа. Аибашьра аамҭа хьанҭа, изааигәаз ауаа ицәыӡра, хәшәтәышьа змамыз ичымазара уҳәа, апоет ҭаха ирҭомызт. Аԥсны аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, иара иԥсадгьыл игәы азыбылуан, аиааирагьы агәра игон. Ашәҟәы аҟны ицәыргоу ахшыҩҵакқәа акыр заа автор иааирԥшхьан иажәеинраалақәа рҟны.
И. Ҭарба заа ажәеинраалақәа иҩуа далагеит. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1937 ш. инаркны. Аԥсышәала еиԥш, иҩымҭақәа урысшәалеи қырҭшәалеи еиҭаганы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981); «Аԥсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М.,1958), «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Сухум, 2009); ашәҟәы «Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящяется)» (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.
И. Ҭарба иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иеиҭагақәеи раԥхьатәи реизга «Ашьха ӡыхь» ҭыҵит 1949 шықәсазы. Уи нахыс ажәеинраалақәеи апоемақәеи рацәаны иҩит, иара убас ароманқәа «Амра ҳара ҳҟны игылоит», «Идыру ахьӡ», «Сан лыблақәа», «Адунеи ахьалаго». Урҭ рахьтә (ироманқәа хԥа налаҵаны) аурысшәахь еиҭаргеит Л. Длигач, А. Кронгауз, Н. Тихонов, Н. Асеев, И. Козловски, А. Межиров, Н. Заболоцки, Н. Гребнев, И. Кошежева, Б. Дубровин, А. Дементиев, Б. Ахмадулина, С. Куниаев, И. Риашенцев, А. Передреев, М. Синельников, В. Солоухин уҳәа егьырҭгьы, егьҭыжьын Москва, Аҟәа, Қарҭ. Иҩымҭақәа еиҭаган иара убас аукраин, абелорус, ақырҭуа, хинди уҳәа абызшәақәа рахь.
И. Ҭарба исценариала иҭыхын раԥхьатәи аԥсуа фильм «Аҽы зкәадыруа».
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Ашьха ӡыхь. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, аиҭагақәа. Аҟәа, 1949.
- Ицәажәоит агәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1954.
- Абзиаразы еиниаша. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1955.
- Аԥышәара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1956.
- Ашәҟәыҩҩы ианҵамҭақәа. Аҟәа, 1957.
- Идыру ахьӡ. Ароман. Аҟәа, 1963.
- Аҳамҭа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1964.
- Амра ҳара ҳҟны игылоит. Ароман. Аҟәа, 1968.
- Ацҳа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969.
- Иалкаау иҩымҭақәа. Х-томкны. Аҟәа, 1971-1973.
- Амҩақәа ахьеихало. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1974.
- Са смышәҳәыс. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976.
- Сан лыблақәа. Ароман. Аҟәа, 1979.
- Ашьыжь иацу ашәахәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1980.
- Иалкаау иҩымҭақәа. Х-томкны. Аҟәа, 1981-1983.
- Аԥырра аамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985.
- Адунеи ахьалаго. Ароман. Аҟәа, 1986.
- Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 1987.
- Ааԥын. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1988.
- Ажьа. Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1989.
- Иҩымҭақәа реизга. Ԥшь-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1991.
- Иалкаау. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 2011.
- Аҩбатәи атом. Ароманқәа. Аҟәа, 2011.
- аурысшәахь аиҭагақәа: С первых дней. Сборник стихов. М., 1953.
- Звезды. Стихи. М., 1957 («Библиотека “Огонек”», № 49).
- На суд товарищей. Стихи и поэмы. Тбилиси, 1957.
- О друзьях, товарищах. Стихи. М., 1957.
- Стихи и поэмы. М., 1959.
- Известное имя. Роман. М., 1964.
- Испытание. Стихи и поэмы. М., 1968.
- Известное имя. Роман. Тбилиси, 1969.
- Солнце встает у нас. Роман. М., 1970.
- Солнце встает у нас. Роман. М., 1972 («Роман-газета», № 16).
- Книга песен. Стихи. М., 1973.
- Я встречаю солнце. [Стихи]. М., 1973.
- Вершины отзовутся эхом. Стихи. Тбилиси, 1977.
- Весенний снег. Стихи. Сухуми, 1970.
- Дорога, которой нет конца... Стихотворения, поэмы. М., 1976.
- Избранные произведения: В 2-х томах. М., 1981.
- Глаза моей матери. Роман. М., 1982.
- Глаза моей матери. Роман. М., 1984 («Роман-газета», № 3 /985/).
- Поет дрозд. Стихи и поэмы. М., 1984.
- Стихотворения. М., 1989.
- абеларус бызшәахь аиҭагақәа: Солнце встает у нас. Роман / Перевод М. Парахневича. Минск, 1979.
- аукраин бызшәахь аиҭагақәа: Песня об Абхазии. Стихи / Перевод Сингаивского и Ю. Петренко. Киев, 1968.
- Солнце встает у нас. Роман / Перевод. Д. Мищенко. Киев, 1976.
- Стихи. Киев, 1984.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 911-912
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Арҽеиратә усурақәа:Афото Авикидыррақәа рҿы иҟаӡам
- 1921 шықәсазы ииз
- Хәажәкырамза 21 рзы ииз
- 1994 шықәсазы иԥсыз
- Ажьырныҳәамза 29 рзы иԥсыз
- Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа
- Асовет шәҟәыҩҩцәа
- Аԥсны апоетцәа
- Асовет поетцәа
- Аԥсны аполитикцәа
- Асовет политикцәа
- СССР Иреиҳаӡоу Асовет 4-тәи ааԥхьара адепутатцәа
- Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа
- Ҭараа
- Аԥснытәи АССР аминистрцәа